Ииуль ҩба рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭоит аҭоурыхтә рыцхә. Ари амш аҽны, ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан амшын аҧшаҳәаҿы иӡхыҵит аҧсуа ар рдесант. Адесант аӡхыҵреи, Гәымсҭа аӡиас армарахьтәи аҧшаҳәа аанкылареи рыла иалагеит жәамш рыҩныҵҟа ицоз ииультәи ажәылара.
Рашәарамза 29 азы имҩаԥысыз Аҳәынҭқарратә Дума аилатәараҿы ҩбаны иҟоу атәылауаҩра иадҳәалоу азҵаара аӡбаразы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳынҭқарреи ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра аратификациа азун. Абри азы адырра ҟанаҵоит Интерфакс.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Алеқсандр Лукашенко Ареспублика Беларус ахьыԥшымра Амш идиныҳәалеит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me