Абчараҳ – Ҳасан

12 Жьҭаара 2023 13:06
Ахырҵәарақәа, аибашьрақәа ишдыру еиҧш, еиҳа ирныруеит ажәлар маҷқәа. Аха хыҧхьаӡарала рмаҷра Ҳазшаз иациҵаз адоуҳа хеиқәырхагак ахь ихьанарҧшуеит урҭ ианакәызаалак.
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 ш. ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы Аҧсны иреиҳаӡоу Аӡбарҭа зыҩноу ахыбраҿы аҭӡы иагәыласаны ирҵәахит «Аамҭа акапсула». Уи иагәылоуп аҧхьаҟатәи абиҧарақәа рахь анашьҭымҭа.
Октиабр 11 – ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәуп. Ампыҵахалаҩ иҟнытә ақалақь Гагреи атәыла мраҭашәаратәи ахәҭеи рхақәиҭтәра иааирала ианхыркәшаха анаҩс, 1992 шықәса ари амш аҽны, Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб хадеи раԥҵаразы.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me