Аихьӡара дуқәа зцыз ашықәс наскьаго

Иарбанзаалакгьы аҳәынҭқарразы лҵшәабзиалатәи аекономикатә ҿиараҿы ираҧхьагылақәоу иреиоуп зусура ҭбаау атранспорттә система.

Зшьапы иҕәҕәаӡа иқәгылоу аҳәынҭқаррақәа рзы, аҵакы ду амоуп аихамҩа. Избан акәзар, апассаџьырцәеи, аидарақәеи рымҩангараҿы ахархәара егьырҭ раасҭа аҧыжәара амоуп.

Аҧсны аихамҩа алацәажәара харантә ҳалагозар, раҧхьаӡа Аҧсны иргылаз аихамҩа Афон иҟан, иара зыргылазгьы уаатәи аҧшьҭыҧ аҧызҵаз аберцәа роуп. Уи ахҭыс мҩаҧысуан зқьи аашәи ҧшьынҩажәатәи ашықәсқәа рзы. Ҳәара аҭахәума иара ахархәараҿы иамаз алшарақәа зынӡа ишмаҷыз азы. Усҟан агәаанагарагьы ыҟамызт мышкызны Аҧсны иагәылгахап ҳәа, ҳтәылеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи еимаздо аихамҩа ду. Аха, азеижәтәи ашәышықәса ахырқәшамҭазы  асеиҧш апроект алацәажәара хацдыркуеит. Уи азкын Кавказ иаҧну Амшын еиқәа аҿықә инавыршәны аихамҩа ду ашьҭаҵара. Усҟантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла имҩаҧысуаз ахынҭа-ҩынҭарақәа ирыхҟьаны апроект анагӡара ргәы ианҭаз иамуит, аха зқьи жәшәи ҩажәи быжьба шықәса рзы аихамҩа Адлерынӡа иааганы аусура иаладыргеит. Уи иаанагоз Аҧсныҟагьы иаарласны иҭаргалоит ҳәа акәын. Избанзар, аихамҩа ари ахәҭа зегь раасҭа ҳара иаҳзааигәаз акәын. Аҩажәи - жәабатәи ашықәсқәа рзы аихамҩа Аҧснынӡа иааӡоит. Зқьи жәшәи ҩынҩажәа шықәса рзы иаартын аихамҩа Егри Аҟәеи рыбжьара, уи иаман иаҿыҵуаз аихамҩамахәҭа Очамчыра – Тҟәарчал. Зқьи жәшәи ҩынҩажәи ҩба шықәса рзы аусурақәа зегьы анхыркәшаха анаҩс аихамҩа мҽахкыҭбаала ахархәара аиуеит, шықәсқәак рнаҩс иара Кавказ анҭыҵтәи аихамҩақәа ирхыҧхьаӡалазарц азы ақәҵарагьы рыдыркылоит. Аихамҩа аргылараан аџьабаа збоз анаҩс ирыҩуан, зегь раасҭа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа шыҟаз Аҧсны иахьаҵанакуаз, избан акәзар адгьыл аиҟарамра ахатәы ҧҟарақәа шьақәнаргылон. Џьара-џьара ашьанҵа иылгатәызтгьы, даҽаџьара адгьыл ҳәазон… –арҭ азҵаарақәа зегьы аргылараан иӡбалатәын. Абас ала иҧшаатәын аихамҩа ахархәара алзыршоз, аха убри аан уи ашәарҭадара шьақәзырҕәҕәоз аргылараҿы ахырхарҭа ҿыцқәа.

 Уи аахыс ицеит ҧшьынҩажәа шықәса инареиҳаны. Аха усҟан иргылаз аихамҩа иахьагьы ахықәкы наныгӡоит. Ҳәарада, аихамҩа зықәгу Аҧсны адгьылқәа имариам рыхсаала иахьагьы ауадаҩрақәа цәырнагоит, аха иагьа ус иҟазаргьы, Аҧсны аихамҩақәа русбарҭа ҩ-напыкла аусура мҩаҧыргоит. Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан Аҧсны аихамҩақәа русбарҭа ааха ҕәҕәа аҭан. Аусбарҭа иатәыз ахыбрақәа рнаҩсгьы, иара адәыҕба зықәныҟәо ацәаҳәагьы акырџьара иҧхасҭатәын. Еилкаауп, аибашьра ашьҭахь акыршықәсагьы аихамҩа уаанӡеиҧш аус ауртә ишзыҟамлаз. Аибашьра ашьҭахьтәи ҩажәи жәаба шықәса рыҩныҵҟа ицоз аиҭашьақәргыларатә усурақәа раан иҟаҵаз рацәан. Аха, иаанхаз ихадаратәу акәны иҟан авагонқәа разымхара, аихамҩатә цәаҳәа акапиталтә ремонт ахыжьра, иара убасгьы аангыларҭақәа рҿы мҽахкыҭбаалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара. Арҭ ишьҭыху азҵаарақәа рганахь ала, ҳазҭысуа ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс хҭысла ибеиан Аҧсны аихамҩақәа русбарҭа азыҳәаны.

 Ҩнызқьи ҩажәи хҧа шықәса рзы, аҧсабаратә цәырҵрақәа ирхырҟьаны ари аусбарҭа имаҷымкәа аҧхасҭа шаиузгьы, иҟаҵоу даараӡа ирацәоуп. Шьаҿа-шьаҿала зегьы рыӡбахә узымҳәозаргьы, еиҳа ихадароу ҳәа иалкаатәу маҷым. Убас, Гагра ақалақь уахьналало иҟоу аанҿасырҭа «Абааҭа» аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы аус ауӡомызт. Уи моу, аангыларҭа зынӡа анапы адкылаӡамызт, аҳәира ахиааны, ажыц ахаҧаны иҟан. Аҧсны аихамҩақәа русбарҭа анапхгара рыдҵала уаҟа ирылаган арыцқьаратә усурақәа. Урҭ макьанагьы имҩаҧысуеит. Зқьи хәышә метра ҧшьырқца иҟоу «Абааҭа» иаҵанакуа адгьыл аҿы ишьҭаҵан атротуартә хаҳә,иара убасгьы еиҭашьақәыргылан аанҿасырҭа иамаз абаркьылқәа. Ара иҳәатәуп, аргыларақәа шцо аанҿасырҭа уаанӡа иамаз архитектуратә ҿаҧшылара иашьашәаланы. Иаҳхысыз  ашықәс азы аҧсабаратә цәырҵрақәа иҟарҵаз аахақәа аихамҩатә усбарҭа анапхгара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы ирымаз агәҭакқәа изныкымкәа еиҧдырҟьеит. Иааидкыланы иуҳәозар ҩажәа миллион мааҭ иреиҳаны изыхҭнымҵахаз аҧхасҭа ҟаҵан. Уи аҧырҟәҟәааразы иазгәаҭаз аамҭа аасҭа акыр ирласны имҩаҧган аиҭашьақәыргыларақәа зегьы. Амҩақәа рыцқьаны, иахьыбгаз еиҭаргыланы адәыҕбақәа дәықәҵан. Иара убасгьы, аусбарҭа ахатәы харџьқәа рыла ацхыраара рыҭан аҧсабаратә рыцҳара иақәшәаз, Аҧсны аихамҩақәа ирпассаџьырцәаз аҧсашьҩцәагьы.

Аҧсны аихамҩақәа русбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәуруа иажәақәа рыла, аихамҩа Гагратәи ахырхарҭаҿы иҟоуп ауадаҩрақәа зцу ацәаҳәахәҭақәа. Ҩыџьара-хыџьара адгьыл лассы-лассы иҳәазоит. Аха, аусбарҭа аусзуҩцәа адәыҕбақәа рныҟәара еиҧмырҟьаӡакәан аҧхасҭа зауз ацәаҳәа еиҭашьақәдыргылоит. Асеиҧш иҟалахьеит изныкымкәан.

Ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс азы ҩ-напыкла аусурақәа цон Гәдоуҭа араион аҿгьы. Хынҩажәи жәаҩатәи акилометр ҳәа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы адәыҕбақәа зқәысуа ацәаҳәа зынӡа амшын иазааигәоуп. Амш цәгьақәа раан ацәқәырҧа дуқәа уи ҵрыӡәӡәаауеит, аҭагылазаашьа адәыҕба аныҟәара ашәарҭа иҭанаргылон. Ари аҭыҧ аҿы азҵаара шьаҭынкыла аӡбара ауадаҩрақәа маҷымкәа ишацызгьы, аусбарҭа аусзуҩцәа уи аҟаҵара рылшеит. Ашәарҭа зцыз аҭыҧ зегьы абетон ҭырҭәаны ҭӡамц ҳасабла ишьҭыхын.

Гәдоуҭатәи аихамҩатә аангыларҭа акәзар, арыцқьаратәи, акапиталтә ремонти зҭахыз, игәыгәҭажьыз хыбраны иҟан. Араҟагьы ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс азы аусурақәа ирылаган. Ахыбра аиқәырхаразы зегьы ираҧхьагылан ақәа зкылсуаз ахыб аҧсахра, ус иагьыҟаҵан. Убасгьы аангыларҭа адәахьтәи ахәҭа уаанӡа иамаз аҧшшәы шьақәыргыланы ишәын. Ҩнызқьи ҩажәи ҧшьбатәи ашықәс азы арҭ аусурақәа ирыцҵахоит. Адгьыл иқәсуа аихамҩатә цәаҳәақәа реиҧш иҳамоуп цҳала игоу ишьҭыхугьы. Асеиҧш иҟоу иреиоуп Алада Ешыратәи аихамҩатә цҳа. Арҭ аҭыҧқәа рҿы аибашьра амца еилашуан, иҟан афронт ацәаҳәа. Аихамҩатә цҳа аҧахсҭа ду аҭан, аибашьра ашьҭахьгьы шьаҭанкыла аҭагылазаашьа зыҧсахшаз аусурақәа мҩаҧырымгацызт. Аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәа ду аламҭалазы ари ацҳаҿы аусурақәа мҩаҧган. Ашьаҟақәа рҕәҕәан, иҭарҭәан, ацҳа фымцалашарала еиқәыршәан, алашарбагақәа кнаҳан, ахаҭагьы шәын. Абас ала, иара ахархәаразы еиқәыршәан.

 Аунитартә наплакы «Аҧсны аихамҩа» анапхгара раҧхьа иқәдыргылоз ахыдҵақәа иреиуан аҵакы ҕәҕәа змоу даҽа зҵааракгьы аӡбара-уи азкын аихамҩатә еидарақәа рышьҭаҵарҭа аҭыҧ ду ахархәаразы аиқәыршәара. Зқьи хәышә метра ҧшьырқца иҟоу ари аҭыҧ, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы аремонт аҭахны иҟан. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҭагылазаашьа зынӡа ибааҧсын. Араҟагьы аусурақәа мҩаҧган. Раҧхьатәи аетап азы иазҧхьагәаҭаз зегьы хыркәшоуп. Ахыб ҧсахуп, ахыбра адгьылҵакыра хкаауп, ажәакала еиҭашьтақәыргылоуп. Иаанханы иҟоуп аиҿкаареи аҳәаақәҵареи ирыдҳәалоу зҵаарақәак, аха урҭгьы иаарласны иӡбахоит иҳәоит аусбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәуруа.

Иааидкыланы Аҧсны иҟоуп аихамҩатә вокзалқәа ҩажәа. Урҭ зегьы ирҟазшьоуп ирзаку архитектуратә хаҿра, дара ргылоуп «Сталин иампир» зыхьӡу астиль ала. Хыҿрала еишьашәалоуп, аха шәагаала еиҧшым дара рыбжьара зегьы иреиҳауп ҳәа иҧхьаӡоуп Аҟәатәи. Иара ахархәаразы ирыҭан зқьи жәшәи ҩынҩажәи жәеиза шықәса анҵәамҭа-ҩынҩажәи жәаҩа алагамҭа ирыбжьанакыз аамҭазы. Ииасыз ашәышықәсаан ари ахыбра Аҟәа реиҳа иԥшӡоу ҳәа иԥхьаӡан. Авокзал апроект ҟарҵеит архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан ааха ӷәӷәа аиуит. Апрель мза ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи шықәса азы Аҟәатәи аихамҩатә вокзал аҿы арыцқьарақәеи аиҭашьақәаргыларақәеи ирылагеит. Аусурақәа хацыркын аиааира ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра аныҳәа иақәыршәаны. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны авокзал адәахьтәи ахәҭа иҷыдоу атехника ахархәарала иӡәӡәан, ахыб аиҳара ҧсахын, уаанӡа иҭагыламыз аҧенџьыр дуқәеи ашәқәеи ҿаҵан. Аусу рақәа ари ала ихырқәшахаӡом. Ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәса рзы урҭ еиҭарыцҵахоит. Еилкаауп асеиҧш ахыбра ду аҟаҵара ауадаҩрақәа шацу. Аха етап-етапла Аҟәатәи авокзал аибашьра ҟалаанӡатәи аҭагылазаашьа азыргьежьра хықәкы хадас иҟоуп.

Шьаҿашьаҿалатәи аҿиара, ҳәарада аҭахра ҿыцқәа цәырнагоит. Убас ҩнызқьи ҩажәи хҧа шықәса рзы аунитартә наплакы «Аҧсны аихамҩа» анапхгара раҧшьгарала иаахәан аихамҩатә усбарҭа аусураҿы зыда ҧсыхәа ыҟамыз амагистралтә лакомативқәа ҧшьба. Ари аус аҿы адгылареи ацхыраареи ҟарҵеит аҳәынҭқарра Ахадеи аекономика аминистрреи. Аҧсны аихамҩа аусбарҭа анахгара ражәақәа рыла ҩнызқьи ҩажәи хҧатәи ашықәс алҵшәа бзиақәа аанагеит. Иагьа уадаҩра ҧынгыла ҟарҵазаргьы зегьы акоуп аихьӡарақәа урхыҽхәартә иҟоуп. Анхамҩа ду амаҵ азутәуп, уи аҟаҵаразы аусбарҭа амаҵ азызуша акадрқәа рылагьы еиқәыршәоуп. Ирацәаҩуп Урыстәыла аҵара иалганы игьежьыз аспециалистцәа ҿарацәа. Иара убасгьы, аусбарҭа «Аҧсны аихамҩақәа» адәныҟатәи аусеицура аҳәаақәҵара аганахьгьы аҽарҭбаауеит. Урыстәыла аихамҩақәеи ҳара ҳусбарҭеи хырхарҭа рацәала аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа маҷымкәа ирыбжьоуп. Аунитартә наплакы «Аҧсны аихамҩа» аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи хышықәса реихшьаала ҟауҵозар, аусбарҭа ахатәы хашәала бжьынтә еиҳаны ишьҭыҵит.Хыхь еиқәыҧхьаӡоу, зегьы имҩаҧысуа аусурақәа идуум рыхәҭак ауп. Аҧсны аихамҩақәа рнапхгара хықәкыс иқәдыргылоит шықәсқәак ирхымгакәаны ҩажәи жәаба шықәса раҧхьа ҳаихамҩатә усбарҭа иамаз арбагақәеи аҭагылазаашьеи рзыгьежьра. Аусурақәа рцашьа шыҟоу ала иуадаҩӡам агәра агара ус иагьшыҟало.

Елана Лашәриа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me