«Зегьы ҳариааиуеит, ҳажәҩахыр анеибаҳҭа» Адныҳәаларақәа, азеиӷьшьарақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.
Акыр иаԥсоу сыуаажәлар!


Минуҭқәак рыла 2024-тәи Ашықәс ҿыц ҳҭалоит! Ихыркәшахоит ауадаҩрақәа реиԥш, аихьӡарақәагьы зцыз 2023-тәи ашықәс. Ҳаԥхьаҟа шәаргьы ҳаргьы иаҳдыруеит аус дуқәа шышьҭоу. Аха урҭ қәҿиарала рынагӡара ҳалшоит зегьы ҳаидгылар. Убас алагьы иааиуеит еиҳа еиӷьу, ҳазегьы ҳаззыԥшу аамҭа бзиақәа.
Ҳара агәра ҳгоит 2024-тәи ашықәс ахҭыс бзиақәа ацны иааиуеит ҳәа, ҳтәылаҟнеиԥш, адунеи зегьы аҟны аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхоит ҳәа, аибашьрақәа хыркәшахап, ачымазарақәа маҷхап ҳәа.
Сынтәа шәаргьы ҳаргьы ҳажәҩахыр еибыҭаны иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит ҳтәылаҟны аԥсҭазаара аиӷьтәразы. Ҳара Ԥсадгьылк ауп иҳамоу, уи – Аԥсны ауп, хықәкыс иҳамоугьы ибеиоу ҳкультура, ҳатрадициақәа еиқәырханы, иааиуа абиԥара ҿыцқәа рызнагароуп.
Ҳара ауадаҩрақәа ҳрыцәшәаӡом – урҭ ыҟан есқьынгьы, аԥхьаҟагьы иҟалоит. Аха сара агәры згоит, зегьы ҳариааиуеит ҳажәҩахыр, ҳалшарақәа анеибаҳҭа.
Ҳазҭало Ашықәс ҿыц аныҳәазы гәык-ԥсык ала зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, дасу шәыгәҭакқәа наӡааит, ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟазааит аҳәоуеиқәшәара, абарақьаҭра.
Ҽаанбзиала! Насыԥ шәыманы шәаԥылааит 2024-тәи Ашықәс ҿыц!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me