Владимир Путин иахь

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи идиныҳәалеит.


Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы, иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!
Ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәа лашеи!
2024-тәи ашықәс ҿыц Урыстәылатәи Афедерациа Шәара шәнапхгарала иаԥылоит аиашареи, аҳаҭыреиқәҵареи, асуверенитети рпринципқәа шьаҭас измоу адунеишьақәгылара аформат ҿыц ҳәаақәызҵо иӷәӷәоу аҳәынҭқарра статус аманы. Гәыҩбара ыҟам, Шәара имҩаԥыжәго аполитика аурыс жәлари, шәҩызцәеи, Урыстәыла ду иадгыло зегьи аԥхьаҟагьы адгылара шанаҭо.
Иҳаҩсыз ашықәс ианыԥшит еиԥҟьарада имҩаԥысуаз Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара. Ирыҵаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара акрызҵазкуа, аҩ-ганкгьы рыҿиареи рсоциал-економикатә еимадарақәа рырӷәӷәареи ирызку аиқәшаҳаҭрақәа.
Ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамзазы имҩаԥысыз аиԥылараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра иамоу ауадаҩрақәа инарымаданы иаашәырԥшыз азҿлымҳара. Агәра згоит, иалыршоу аихьӡарақәа шьаҭас иаҭаны Шәаргьы ҳаргьы ҳусеицура арегион аҟны аҭынчра арӷәӷәареи, ашәарҭадареи рус ала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рыҿиара ишацхраауа.
2024-тәи ашықәс алшара дуқәеи иазгәашәҭаз аусқәа рынагӡареи ирышықәсхааит! Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, иара убас Урыстәыла ауаажәларра зегьы, ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа, аиааира ҿыцқәа!»

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me