Ашәышықәсақәа иргәылганы …

Аҧсуаа рҵас, рқьабз иузаҟәымҭхо, рмилаҭтә цәаҩа зныҧшуа акы акәны иҟоуп имҩаҧырго аныҳәақәа. Даараӡа ҭакҧхықәралагьы ирызнеиуеит урҭ. Зегьы реиҳа ихадоу аныҳәақәа ирылыркаауеит Ажьырныҳәа. Ашықәс Ҿыц иадҳәалоу, аха зхатәы ҭоурых змоу, акәама-ҵамақәа маҷымкәа изцу ари аныҳәа аҧсуаа иазгәарҭоит ргәацҧыҳәаны.


Ажьырныҳәа аҭоурых ҳазааҭгылозар, ажәытәан ирҳәон ари аҽны адунеи анышьақәгылаз амш ауп ҳәа. Азқьышықәсақәа раҧхьа ажәытә аҧсуаа зымҵахырхәоз анцәахәы Шьашәы ажьицәа хлаҧшра риҭоит ҳәа иҧхьаӡан. Ажьицәа аҧсуаа рҟны даараӡа пату-ҳаҭыр зқәыз ракәны иҟан. Ажәытәан аҧсуаа аӡәырҩы рыхшара жьицәа бзианы иҟаларц рҭахын. Абасала, ажьирҭа иҧшьоу ҭыҧны иҟалеит аҧсуаа рзы. Еиҳараӡакгьы уи аҟазара знапы алакыз шәышықәсала, абиҧарала еимдо иааргоит иахьа уажәраанӡа.
Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан инхо, 85 шықәса зхыҵуа Радион Ҳазараҭ-иҧа Торчуа иҩнаҭаҿы ҳазну ашықәс, ианар жәаха ауха абиҧара иаҵанакуа зегьы, аҩнаҭа ду аҟны еизеит, Ажьырныҳәа азгәаҭаразы. Торчуаа рҭаацәараҿы ари аныҳәара иацу акәама-ҵамақәа ашәышқәсақәа иргәылганы иааргоит. Абар уажәшьҭа 60 шықәса инарзынаҧшуа ажьыра амаа зку, амаҵ азызуа Радион Торчуа амаҷ аҟынӡа ари аныҳәара иадҳәалоу акы агымхандаз ҳәа дазгәаҟуеит. «Дад, аныҳәақәа зегьы бзиоуп, аха абри аныҳәа еиҳау ныҳәа ыҟаӡам аҧсуаа ҳзы. Избанзар, абиҧара зегьы еибанарбоит, агәыблра рыбжьанаҵоит», – иҳәоит абырг ҳаиҿцәажәара хацыркуа.

Ажьырныҳәа доусы рыҩнаҭақәа рҿы иазгәарҭоит ажәытәаахыс, рабдуцәа ишыддырбаз еиҧш. Ҳара ҳзыҿцәажәаз абырг Радион Торчуа иаҳзеиҭеиҳәеит рыҩнаҭаҿы Ажьырныҳәа шазгәарҭо атәы, насгьы уи аҭоурых.
– Ажьыра зегьы ирымаӡам. Арии, дад, аныха ацыҧҵәаха ҳәа иашьҭоуп. Сара саныхәыҷыз саб иҳәоны исаҳахьан, сабду ианшьцәа рҟынтәи ажьыра аҿганы иааргеит ҳәа. Убри аҭоурыхгьы бзеиҭасҳәоит. Ажьира аҟны рхы иадырхәоит аҕа. Уи сахҭанла иҟаҵоуп. Ажьыра змоу ажьишьа изымдыруазар ҟалаӡом. Ажәакала, ажьыра аҟны иҟаз аҕа злыхыз асахҭан, ала иаҟаҟеит, иҧхасҭанатәит. Адырҩаҽны ала ҧсны ихәхәаӡа ажьыра авараҿы ишьҭан рҳәеит. Убри нахыс «ала зшьыз» ҳәа акәын ишырҳәоз, ахьӡ рҳәаӡомызт ҳәа саб иҳәо саҳахьан.
– Ишысҳәаз еиҧш, ажьишьа ззымдыруаз, ажьыра имаӡамызт. Сабду дысгәалашәом аха, саб иҳәоны исаҳахьан даараӡа дышжьи бзиаз, саб иакәзар, схәыҷаахыс исгәалашәоит дышжьиуаз, саргьы ажьишьа сирҵеит. Сара сыҷкәын аиҳабы исырҵеит. Абасала абиҧарала еимдо иаагоит. Иара ажьыра аҭыҧ аҩны ашьҭахь, мамзаргьы аҧхьа иҟазар ҟалаӡом. Аҭаацәа ирылаҧшуа иҵасым рҳәоит. Аҩны маҷк инацәыхараны аганаҿ иҟазар ауп. Инацәыхаран зысҳәо, иҟоуп аӡәы дгәамҵны акы аниамхаҳәо, ибжьы анирдууа, ажьыра иаҳар ҟалаӡом рҳәон ҳабацәа, – иҳәоит аныҳәаҩ.
Радион Торчуа иҭаацәараҿы Ажьырныҳәа шазгәарҭо атәы дазааҭгыло иаҳзеиҭеиҳәеит жәытә-натә аахыс иабацәа иабдуцәа идырбаз дықәныҟәо дшаауа. «Ажьыра змоу доусы иазгәарҭоит дара ишрықәу еиҧш. Иахьа ҳара ҳқыҭаҿы ажьыра змоу зегьы иазгәарҭоит ианар жәаха ауха, ҳаргьы убас. Аха ажьыра амарҭхә ҳәа иҟаҳҵо аҟны аиҧшымзаарақәа ыҟоуп», – иҳәоит абырг.

Радион Торчуа иажәақәа рыла, дара рҭаацәараҿы ишрықәу инақәыршәаны шықәсык ахьақәла ашьтәа аҵакны иныҳәоит. Ашьтәа аҩны ирааӡазар, ҧгыла ыҟаӡам, ус акәымкәа, ихәҳаны иааргазар, уахык иадамзаргьы аҩны иаҵаҧхьар ауп ҳәа рҳәоит. «Злыҧха ҳаура игәанаҭар ауп ҳәа рҳәон ажәытәан, ишырҳәоз еиҧш иҟаҳҵоит. Уахык иадамзаргьы аныҳәа ҟалаанӡа ашьтәа аҩныҟа иааҳгоит. Аҽны иааганы, аҽны иаҵаукыр ҟалаӡом. Иара ашьтәа акәзар, грак амамзар ауп, еиқәаҵәамзар ауп», – иҳәоит иара. Адырҩашықәсан Торчуаа рҭаацәара ажьыра иамҵаныҳәоит арбаҕьқәа рыла.
Ажьырныҳәа иазку амарҭхәқәа, рцәашьхәқәа наргоит аҩнаҭа ду иаҵанакуа зегьы. Инаргаз ашыла, ачашыла, аҵаа, ашә уҳәа зегьы џьарак иааилаҵаны, аҩныҵҟагьы, хыхьгьы ашә нагәылаҵаны, аҭаацәарақәа рыцҧхьаӡа амгьалқәа рӡуеит.Ҭаацәацҧхьаӡа рцәашьхәқәа ҟарҵоит.
Ажьырныҳәа ауха ажьыра иамҵаныҳәарц, абзара адырбарц инеиуеит ианааилахәлалак. Уахь анеира азин змоу ахацәарҧар роуп. Убарҭгьы, мшык азалхны, ашьтәақәа шьны, хазы-хазы иаҵаныҳәаны ауп ажьыра ашҟа ишнарго.
Аҩнаҭа иалҵыз аӡҕаб аҭаацәара далалазар, дахьнанагаз аҩнаҭа аҟынтәи ашьтәа лыманы даауеит. Аныҳәаҩ ажьыра аҩныҵҟа дҭамгалакәа, аганаҿ дыргыланы «ажьаҳара» ҳәа диныҳәоит. Убри нахыс, еисышқәса лмарҭхә лыманы, ажьырныҳәа ауха лабраа рышҟа дцоит.
Аилахәламҭаз ажьыраҿ инеины ианныҳәалак ашьҭахь, агәи-агәаҵәеи адырбарц азы ҩаҧхьа аныҳәарҭа ашҟа инеиуеит асааҭ 12 сааҭбжак шагу еиҧш. Иныҳәа-ныҧхьаны аҩны ианааилак, аишәа нархианы, ҭаацәашәала зегьы натәоит, ус асааҭ жәаҩагьы ҟалоит. Убасҟан ауп зегьы Ҽаанбзиала ҳәа анеибырҳәо. Анаҩсан, адәахьы индәылҵны ихысуеит. Ахысбжьы заҳаз агәылацәа Ҽаанбзиала ҳәа имҩахыҵуеит. Абырг излаҳаиҳәаз ала, ажьырныҳәа сымоуп, шәааи ҳәа агәылацәа рааҧхьарагьы ҟалаӡом. «Ахысбжьы заҳаз агәыла идыруеит, ихала дааиуеит», – иҳәеит аныҳәаҩ.
Ҳаиҿцәажәара хыркәшо, ажьыра амаа зку Радион Торчуа аҧсуа жлар рахь ихы нарханы дныҳәеит:
– Аҧсуаа ианакәзаалакгьы Анцәа дхаҳҵоит, ҳиашьапкуеит. Ҳабацәа, урҭ рабацәа иаҳдырбаз ала ҳааиуеит, убри ала егьырҭ амилаҭқәа ҳрылаҩашьом. Иахьа адунеи аҟны ицо аӡеибафара аҧсуаа Анцәа иалаумырӡын! Аҿар, ҳҵасқәа-ҳқьабзқәа кашәмыжьын. Ажәытә уазхьамҧшкәа, аҧхьаҟатәи аҧеиҧш узышьақәыргылаӡом. Ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи роуп ҳмилаҭтә цәаҩа аазырҧшуа, ҳаҧсуара шьақәзырҕәҕәо. Абиҧарақәа, агәбылреи аилибакаареи шәыбжьалааит! Ажьыра алҧха шәымазааит! Ҽаанбзиала шәнеиааит, аҧсуа жәлар зегьы!

Шарида Торчуа

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me