Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа.
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс ҿыц аныҳәа!
Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳарак рыманы иҟоуп. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит жьҭаарамзазы имҩаԥысыз Шәачатәи ҳаиԥылара.
Агәра ганы сыҟоуп, ҳара аринахысгьы еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны хра злоу ҳусеицура аҿиара шаиуа, арегионтә шәарҭадара аиҿкаара инамаданы ҳаинырра шҳарӷәӷәало азы.
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Хаҭала Шәара аԥхьа шәнаргыланы, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, Аԥсны атәылауаа зегьы – аманшәалареи аизҳазыӷьареи».