Уус бзиа ианубо

07 Нанҳәа 2024 07:43
Аида Гыцба лцәыргақәҵа аатит ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Аида Гыцба ддизаинеруп, дынхоит Москва, аҵара лҵон Иапониатәи академиа “DECO” захьӡу аҿы. Иреиҳау аҵараиурҭақәа ҩба дрылгеит, аха урҭ азанааҭқәа ирыдҳәаланы аус луӡом.
«Аҧсны Қырҭтәыла иахәҭакуп, Аҧсны Қырҭтәыла иадуп» уҳәа иахьатәи аамҭазы изҳәо ақырҭцәа даара ирацәаҩуп. Ақырҭцәа ҳара иҳаӷацәоуп, аха аҧсуаҵәҟьа дцаны Қырҭтәыла анхара даналага, уантәи ақырҭцәа дрыдгыланы аҧсуаа иара иган ахь ианхьаирҧшуа жәлар раӷа ҳәа ахьӡ ихылоит, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡ ирҧхашьоит.

Аҳаракырахь

07 Нанҳәа 2024 07:16
Август 3 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә университет (НИУ МГСУ) аҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа Александр Ашәбеи Осман Зекир-оглыи 5621 метра инаӡо Ельбрус мрагыларатәи аҳаракыра ихалеит. Дара мрагылара аганахьала амҩа ылхны, авулкан иаваланы ихалеит. Астудентцәа фымш иныҟәеит, аҳаракыра ахалара жә-сааҭк иадхалеит. Аҳаракыра ахалара даара аџьабаа шацызгьы, астудентцәа рықәлацәа адрыԥхьалоит рыԥсҭазаара активла имҩаԥыргаларц. Дара раԥхьаҟа хықәкыс ирымоуп авулкан Килиманџьаро ахалара. Мадина Амҷԥҳа

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me