Шаҟа иаԥсоузеи аԥсадгьыл аҭира?

«Аҧсны Қырҭтәыла иахәҭакуп, Аҧсны Қырҭтәыла иадуп» уҳәа иахьатәи аамҭазы изҳәо ақырҭцәа даара ирацәаҩуп. Ақырҭцәа ҳара иҳаӷацәоуп, аха аҧсуаҵәҟьа дцаны Қырҭтәыла анхара даналага, уантәи ақырҭцәа дрыдгыланы аҧсуаа иара иган ахь ианхьаирҧшуа жәлар раӷа ҳәа ахьӡ ихылоит, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡ ирҧхашьоит.

Убас еиҧш дыҟоуп сызлацәажәарц сҭаху аблогер Даур Буаа. Иара диит 1994 ш. Тҟәарчал ақалақь аҟны. Иҭоурых ҳалацәажәозар, даараӡа аинтерес аҵоуп, избан акәзар, шықәсык ала ауаҩы идунеихәаԥшра, мамзаргьы ихәыцшьа узыԥсахӡом ҳәа ҳгәы иаанагоит, аха…
Даур Буаа раԥхьаӡа ихы ҳирдырит 2021 шықәсазы асоциалтә ҳа «тик-ток» аҟны. Аԥхьа исоциалтә даҟьа аҟны иҟан ақьырсианра иазкыз авидеонҵамҭақәа, урҭ рҟны иубон дышҿырԥшыгоу, дышҟәышызгьы.
Аха, нас убас иҟалеит, ивидеонҵамҭақәа рҟны ақырҭцәа рхатә гәаанагарақәа рыҩуа иалагеит «Аԥсны - Қырҭтәылоуп» ҳәа. Абасала иԥсахит иконтент, Аԥсны аҭоурых иазкны авидеонҵамҭақәа ҭаиҩуан, дырҿагылон.
Усҟан ҳара ҳгәы иаанагон, ианизҳалак амҩа иаша алихып ҳәа. Аха, ҽнак Қырҭтәыла инхо Изориа Зураби Даури аинтернет ала еицәажәеит. Дымшәозар Қырҭтәылаҟа днеирц аниабжьеига мап ацәимкит. Даур дымшәаӡакәа уахь дцеит, зегьы иџьаршьон, аимак роур ҟалоит ҳәа иазхәыцуан. Аха, нас иаҳбеит авидеонҵамҭақәа, Зураби Даури еидгыланы аҵәцақәа кны аныҳәаҿақәа ахьааныркыло, уи угәы иаахәомызт, ҵабыргны.

Даур ихымҩаԥгашьа ҳзеилымкааит. Аха иара уи аҟны даанымгылаӡеит, ақырҭцәа дрыдтәаланы ауатка ажәра игәаԥхазар акәхап, асо­циалтә ҳақәа рҟны «Миша Гагра», «Шмаги» ҳәа ахьӡшьарақәа змоу ҩыџьеи Буааи еибадырит. Убрантәи Буаа далагеит адезинформациақәа аинтернет ахь аҭагалара, насгьы аԥсуаа ақырҭцәа ирыцынхаларц рабжьигон. Убри аамҭазы, ақырҭцәа «асасдкылара» бзиа ишырбо аарԥшны, Буаа аҩни амашьынеи изаархәеит. Қырҭтәыла ажурналистцәа иреиҳәон, Аԥсны анхара шыуадаҩу, избан акәзар, Аҧсны Урыстәыла анапаҵаҟа иҟоуп уҳәа, амцжәабжьқәа жәпакы.
Ажьырныҳәамза 19 рзы, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Инал Арӡынба дықәгылеит аԥ­суа-ақырҭуа диалог иадҳәалоу апро­ектқәа дырҿагыланы, аринахысгьы ас еиԥш иҟоу апрограммақәа рынагӡара алыршатәым ҳәа.

«Тариелович» ҳәа ихьӡҵаны Даур Буаа ақырҭцәа рырҽхәара даҟәымҵыц, даҟәыҵырцгьы игәы иҭам. Аҧсуа ҿар уи даараӡа ргәы днархьуеит, иҿагыланы акомментариақәа рыҩуеит, дара-дара еибырҳәоит уи дшымҩахҟьаз: «иахьа ихьӡ мацара ахьҳаҳауа, ибзиам акы анҳаҳауа еиҧш цәанырра бааҧсқәак ҳазцәырҵуеит».
Зураб Изориа инаир­кны ақыр­ҭцәа жәпаҩык ҳарҿагыланы асоциалтә ҳақәа рҿы иҳалшо ала ҳзинқәа анаҳахьчо аамҭазы, даацәырҵуеит имцырку аинформациа аларҵәаҩ, аҧара ихнахыз, зыжәлар рлахьынҵеи рҧеиҧши хьаас измам Даур Буаа.
Ҳажәлар ирхыргахьоу ихаршҭны аҧсуа арҧыс Қырҭтәыла рҽхәо дықәгылар ахәҭоума? Уи азоума ҳашьцәа зҭахаз? Уи азоума иакымкәа-иҩбамкәа аҩнаҭақәа рышәқәа закыз? Уажәы «Тариелович» зыхьӡызҵаз, забхьӡы шьҭыхны измоу арҧыс Буаа, нахьхьи Қырҭтәылаа рҧара ҧсаҟьо, авидеонҵамҭақәа рыла ауаа рыгәқәа ҧижәаларц аума изеибашьуаз ҳашьцәа? Дхәыҷы-дду, аҧсуаа зегьы дырцәымӷуп, иламыс даӷрагылеит, аҧсуара дахыҧеит, аха ихазы аҧсҭазаара бзиа аҧиҵеит. Иџьоушьартә иҟоуп, жәларык рхаҭарнак дцаны ақырҭуа ҧара аԥхьа изыргылаз, ижәлар дырхыччо дахьаацәырҵыз.

Аҭоурых «жәлар раӷа» ҳәа ухьӡ анхалар, уи уаӷеимшхароуп. Аӷацәа иреиҳау аӷа — уи «аҧсахҩы» иоуп, убас дыҟоуп зыӡбахә ҳамоу Буаагьы.
Ҳгәаанагара ­еих­шьалауа иҟаҳ­ҵар ҳал­шоит алкаа: аинтернет аҳәаақәа ирҭагӡаны ицоит ақырҭ­цәеи аҧсуааи рыбжьара аинформациатә еибашьра. Ақырҭцәа уажәгьы рхахьы ирзаагом Аҧсны дара ишыртәым. Урҭ днарывагыланы имцырку аинформациа рылазырҵәо Даур Буаа жәлар драӷоуп, уи итәылахь ахынҳәра азин имаӡам, пату иқәым, хьӡы имам. «Ибзиоу аҭаацәараҿгьы мрик дрылиаауеит» ҳәа шырҳәо еиҧш, аҧсуаа рыбжьара дҟалеит аҧсахҩы. Мышкызны Аҧснытәи ӡыхь ҿамҩак снаҿыхәанда ҳәа агәаҳәара аниоуагьы ҟалашт, аха идыруазааит, Аԥсныҟа уи имҩа шарку. Аԥсахҩы жәлар рҳақ изгом…

Рада Ӷәынџьиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me