Август 8 азы 16 шықәса ҵит «хәымштәи аибашьра» ҳәа изышьҭоу Аахыҵ-Уаԥстәылан аибашьра ианалагаз аҽны инаркны. 2008 шықәса август 8 ауха ҭынч, икахха ацәа иалаз Цхинвал ақалақь акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ала ахымца ажәырҵеит, гәҭакысгьы ирымаз ареспублика аццышәтәра акәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ҳажәлар иргаз Аиааира 30 ш. ахыҵра аҳаҭыр азы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи раԥшьгарала иҭыжьуп ажәеинраалақәа реизга «Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа…»
Август 6 рзы, Урыстәыла аҵарадырра аминистр Сергеи Кравцов, Витали Попков ихьӡ зху Гагратәи ашкол №2 даҭааит. Иара ицын Аԥсны аҵарадырра аминистр Инал Габлиеи, Гагра араион администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гунбеи. Уи аҽны Сергеи Кравцови алагер «Артек» аҟынтәи ихынҳәыз Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи еиԥылеит. Иара, ҳаԥхьа имҩаԥысраны иҟоу, «Артек» шәышықәса ахыҵра иазку аныҳәахь ахәыҷқәа ааԥхьара риҭеит. Иара убас, Сергеи Кравцов ашкол аҟны 70…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me