Август 3 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә университет (НИУ МГСУ) аҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа Александр Ашәбеи Осман Зекир-оглыи 5621 метра инаӡо Ельбрус мрагыларатәи аҳаракыра ихалеит.  

Дара мрагылара аганахьала амҩа ылхны, авулкан иаваланы ихалеит.

Астудентцәа фымш иныҟәеит, аҳаракыра ахалара жә-сааҭк иадхалеит.

Аҳаракыра ахалара даара аџьабаа шацызгьы, астудентцәа рықәлацәа адрыԥхьалоит рыԥсҭазаара активла имҩаԥыргаларц. Дара раԥхьаҟа хықәкыс ирымоуп авулкан Килиманџьаро ахалара.

Мадина Амҷԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me