«Ҳхәыҷқәа ираҳҳәои?...»

01 Жьҭаара 2024 08:41
Аԥшалас маӡажәак сзеиҭанаҳәарц аҭахушәа ԥшьаала иасуеит… Иҟалон уи аҵлабыӷьқәа зегьы еимданы, быӷьқәакгьы ҿыршәшәаны анаҩс аҽарҭынчыр, аха мап… Аԥшалас асуеит еиқәтәарада, аамҭа иахьанӡа иазаамгаз ҭоурыхк сзаанартырц агәы иҭоушәа. Шаҟа аҽырҭынчны, аԥсҭазаара агәбылра еизнарҳауазеи ари аԥшалас.
«Абас рҳәошәа слымҳа иҭаҩуеит Аԥсны зхы ақәызҵаз ақәрахьымӡақәа санрызхәыцуа. Ихьанҭоуп, ихьаауп аԥсҭазаара агьама абаха иахьымӡаз, аӡыхь ҿамҩа-заҵәыкгьы изаҿымхәаз ҳаҷкәынцәа-ҳаибашьҩцәа рыӡбахә аҳәара. Убарҭ дыруаӡәкуп Аԥсны Афырхаҵа Роберт Иуана-иԥа Габуниа.
Ажәҩан аҵаԥшра зцәыуадаҩыз, зхы шьҭымхӡакәа ицәажәоз аԥҳәыс лгәаҵа иаҵаҵәахыз ахьаа лнубаалон. Аҭаацәара ԥшӡа, зхы иақәгәырӷьо зыҩны иҩназ, зыхшара зааӡоз, аибашьра иахылҵыз арыцҳара имцабызха даблуа илыцран…Дәырԥшь ақыҭан, Ԥкьын Виссарион игәараҭаҿы 1972 шықәсазы аԥсуа чара ԥшӡа руит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me