Лара «хобби» ҳасабла лнапы злалкыз аҟазара аус, уажәшьҭа лыԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан иҟалеит. Аида Иапониа шықәсы рацәала еиқәлыршәон зеиԥшыҟам аалыҵқәа, урҭ аусумҭақәа ируакуп – асахҭан иалху аҳәса ршәырақәа, атеатралтә сабрадақәа, ахылԥақәа, атехника ҷыда ала иҟаҵоу асахьаҭыхымҭақәеи еиуеиԥшым амаҭәарқәеи.
Лара лажәақәа рыла, иҟалҵо аусумҭақәа, ҳәарада, Аԥсны иадҳәалоуп. 10 шықәса иреиҳаны анышәаԥшь иалхны еиқәлыршәон еиуеиԥшым аалыҵқәа, уи ашьҭахь диасит ацәа иалху аматериал ахь.
Аида Гыцба иҟалҵо лусумҭақәеи лареи реиԥырҵра лцәыцәгьоуп, аха лассы-лассы гәаартыла ҳамҭас ирылҭоит лҩызцәа. Ус илшахьоу аҳамҭақәа ыҟоуп Ниу-Иорк, Монако, Франциа. Иара убасгьы лколлекциақәа шьҭоуп Урыстәыла, аҳәаанырцә уҳәа еицырдыруа ауаа рҿы. Иазгәаҭатәуп «Римлянки» ҳәа захьӡу лусумҭақәа руак шааихәаз америкатәи ақәҧаҩ Кевин Джонсон.
Лара хықәкыс илымоуп лхатәы школ аартра.
Аида Габуниа,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
аҩбатәи акурс астудент