1993 шықәса ииуль 27 азы Шәача анапы зҵаҩыз Аԥсны ахымца аанкылареи уи ахылаԥшышьеи рзы Аиқәышаҳаҭра иззыԥшыз аҭышәынтәалара аанамгеит, аха «аинышәара» раԥхьатәи амчыбжьқәа еилыхха иаҳдырбеит аӷа игәҭакқәаҵәҟьа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ҳазну ашықәс аԥхынразы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Арезервтә фонд аҟнытә иҟоу ахыхь амалқәа роушьҭразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Иреиҳау аҵара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, х-жәашықәсак инарзынаԥшуа ААУ апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра аиҳабыс иҟаз, иеиҵагыло абиԥарақәа милаҭтә хаҿрала рааӡареи уи аҵара усхкаҿы разнагашьа 80 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа азызкыз Шьурбеи Кадыр-иԥа Царгәыш диижьҭеи 90 шықәса ҵит.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me