Жәлар ракзаара Амш аҳаҭыр азы Ro.TODAY ажурналист диԥылеит Донтәи адгьыл аҟны ааигәа иаԥҵоу аԥсуа диаспора анапхгаҩы Иракли Бжьинаа. Уи Ростовтәи аобласт аҩбатәи иԥсадгьыл акәны иԥхьаӡоит, ҳаҭыр дула дырзыҟоуп Донтәи арегион иқәынхо ажәларқәа зегьы.
Культурала аԥсуаа даара ибеиоуп. Зхатәы ҳәызба змоу ажәларқәа маҷуп. Аԥсуа ҳәызба анцәырҵ аахыс зформа змыԥсахыц акоуп. Иахьа уи аҟаҵараҿы еиуеиԥшым аматериалқәа рхы иадырхәозаргьы, аҳәызба аҿы аформа ажәытәра иалиааны уажәраанӡа иаауеит. Ажьирҭа «Абраскьыл» аҿы иҟарҵо аҳәызбақәа уи рныԥшуеит. Аԥсуа цәа рхоуп.
88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара занашьоу — аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист, еиуеиԥшым амедалқәеи, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи занашьаз Сергеи Уасил-иԥа Чакветаӡе.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me