Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Есымша дҳацуп

Имариам Владислав Григори-иԥа изкны ажәа аҳәара.

Март ԥшьба. Шәышықәса инарзынаԥшуа  ныҳәаны аԥсуа жәлар иазгәаҳҭоз, иахьагьы ҳахдырраҿы иҟоу, анаҩсгьы наунагӡа иаҳхамышҭырц азы, Анцәа Владислав акала дшаны дшаҳзаашьҭыз еиԥш, инырцәымҩа ақәларагьы иамшны иаҳзыҟаиҵеит. 

Акгьы баша иҟалаӡом.

Жәытә-натә аахыс аамҭа ишьақәнаргылон иара ахатәҿиарамҩа. Уи аҿиарамҩа иангылоу ажәларқәа, рабиԥаратә еимадаратә цҳақәа аамҭа иқәнамыӡәӡәаарц азы, иара ахала далнахуан, ҷыдала анапынҵа зауаз, аԥызареи ахақәҵареи злахьынҵахаз аҵеицәа.

Аҵеи – аԥхьагыла. Аҵеи – жәларык рыԥсҿыхҩы. Аҵеи – афырхаҵа – Владислав Арӡынба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me