Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ашәа ахьырҳәо аԥсҭазаара ыҟоуп

«Ашәа ԥсаатәуп, амҵәыжәҩақәа амоуп, иԥыруеит. Ҳбызшәеи ҳашәеи адунеи иахыҩуеит. Ашәа аԥсы ахазҵо, амҵәыжәҩақәа азҭо, изырԥыруа ашәаҳәаҩ бзиа иоуп. Аԥсуа цәа ахаҵаны, ԥсыуа бжьыла иназыгӡо…» –лҳәоит жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа.
Аҟазара аҳаԥшьа ҵаулоуп, ҳәа аԥсуаа ражәаԥҟа иалан. Ауаҩы ицәа-ижьы аҟазара аламзар, мчыла иузилаҵом, дузадгалом. Аҟазара ԥсабарала иуциуа, уԥсы ахьынӡаҭоу уи ала уԥсыԥ лазга-ҩазго махәҭа дууп.
Жәытәнатә аахижьҭеи ашәаҳәареи акәашареи ҳмилаҭ ҵасс ирыман. Ԥсабарала рцәаҩа иалан. Аԥсуа жәлар ржәытә ашәақәеи рыкәашарақәеи азқьышықәсқәа ирылганы, аамҭа ӡыблара иаламӡӡакәа иахьа уажәраанӡа еиқәханы иҳамоу аҽакы иузаламырҩашьо, ахатәы хаҿытә ҷыдарақәа шамоу шаҳаҭра ауеит. Ииашоуп, урҭ змырӡша адац-ԥашә ду рымоуп. Аха аамҭа гәымбылџьбароуп. Уи ацәаҩа џьбара рыцҳашьарада ибжьанарӡыз маҷӡам. Амилаҭ рдоуҳатә беиара мазарас иамоу мырӡӡакәа абиԥарақәа ирызнагалатәуп. Убарҭ рҟынтәи егьырҭ рахь ииаслароуп.
Аԥсуа жәлар рашәаҳәаратә ҟазара аихаҳареи аларҵәареи даҽа рҿиаратә ансамбльк иузаламырҩашьо алшарақәеи аихьӡарақәеи аазырԥшхьоу ируакуп, иахьагьы иаазырԥшуа жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа». Ансамбль «Риҵа» аԥсуа ҟазара аҭоурых аҿы асар рымҩа еиԥш ашьҭа ӷәӷәа алнадеит.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Зураб Малиа ус иҳәеит: «Сара санқәыԥшыз аамҭазы Гәдоуҭа ақалақь апарк хадаҿы аӷәтәы ҩны хәыҷык гылан. Уаҟа Лидиа Шакербаиа ансамбль азыҟалҵон. Еицырдыруаз ашәаҳәацәеи акәашацәеи аус руан. Ансамбль ахьӡ амаӡамызт. Уи 1960-тәи ашықәсқәа раан акәын. Гәдоуҭа ақалақь аҟны 1960-тәи ашықәсқәа рзы акультуратә ҩны аадыртит. Директорс Иван Ҭамшьыгә-иԥа Лакербаиа дарҭеит. Иара ашәаҳәацәеи акәашацәеи араион аҟны реидкылара далагеит. Араионтә хор аиҿкааразы Константин Ченгелиа дааиԥхьеит. Убри аамҭазы Лидиа Шакербаиеи Зоиа Аншбеи ахьӡ змамыз ансамбль ашәаҳәацәа Гәдоуҭатәи «Аԥхынтәи атеатр» аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон. Акыр шықәса аҟазараҿы аус зухьаз, рыхьӡқәа аҭоурых аҿы иаанхаразы еиқәаҳаԥхьаӡоит: Санаиа Владимир, Гәымба Леонид, Шакербаиа Лидиа, Хонӡиа Рита, Ҭарба Лиуба, Возба Емма, Григолиа Лиова, Бениа Ӡыкә, Аҩардан Ваниа, Гәыблиа Мери, Цыгәба Аркадиа, Мхонџьиа Сергеи, Сиҷинава Сергеи, Гериа Коммуна, Габриа Мыта».
– «Аԥхынтәи атеатр аҟны еиҿкааз ансамбль, – иҳәеит Ӡыкә Бениа, – аконцертқәа мҩаԥаагон Акультуратә Ҩны аҟны ансамбль анеиҿкааха. Ҳара ҳазлаз арҿиаратә ансамбль аусура ааныркылеит. Досу ихы ишԥнаҟоз ала, аҟазара амҩақәа хазы-хазы ианылаз ҟалеит.
Жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» ахьӡ-аԥша есааира ишьҭыҵуан, иазҳауан. Иахьа ансамбль сахьаркыратә напхгаҩыс иамоу Нора Чамагәуа ус лҳәеит: – «Раԥхьаӡа ансамбль «Риҵа» анеиҿкааха Константин Ченгелиа сахьаркыратә напхгаҩыс даарыԥхьеит. Уи ансамбль алахәылацәа реидкылара иџьабаа дуӡӡа адын. Иааҟаиҵоз зегьы аԥсуа цәа ахан. Араион ахы-аҵыхәа абжьы цқьа змаз ауаа алиԥшаауан. Аҟәатәи аҵаралашаратә ҵараиурҭа аҟны рҵаҩцәас аус зуаз Роза Чамагәуеи, Сира Аҩӡбеи, сареи имашьынала ансамбль аҽазыҟаҵарақәа раан ҳааигон. Уи дҟаза дуӡӡан. Ихы-иԥсы ақәҵаны аԥсуа милаҭтә ҟазара агәашәқәа ҳраион аҟны иаазыртыз дыруаӡәкуп. Аамҭа кьаҿ иалагӡаны асценахь ҳцәыригеит, ансамбль бзиаӡа еиҿкаахеит. 1972 шықәсазы Москваҟа ҳнаԥхьан. Уаҟа «Русская зима» захьӡыз аныҳәа мҩаԥысуан. Раԥхьаӡатәи агәыԥ еиҿкааз, нас авокалтә-инструменттә ансамбль ҳәа иҟалаз иалан: Ҳагба Анатоли, Барцыц Анзор, Базба Витали, Мхонџьиа Сергеи, Ӡиӡариа Гарри, Малиа Заур, Малиа Зураб, Барцыц Едик, Ӡиӡариа Ҷука, Чамагәуа Роза, Чамагәуа Нора, Аҩӡба Сира, Возба Емма, Кәарҷелиа Зина, Ақаҩба Тома.
Жәлар рвокалтә-инструме­нттә ансамбль «Риҵа» шеиҿыркааз игәаларшәо Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Зураб Малиа иҳәеит: – «Араион аҟны зеиҿкаара иалагаз ансамбль ахь сашьа Заури сареи ҳнарԥхьеит. 1970 ш. Ҟәланырхәа ақыҭан инхоз Аргәын Анатоли ажәеинраала «Риҵа» захьӡыз ҩны исиҭеит ашәа алысхырц. Изҩит амелодиа, аха џьаргьы ицәырсымгеит, аӡәгьы исмырбеит. Кәасҭа Ченгелиа напхгара зиҭоз ансамбль ахь саннеи, иара исҭеит. Ансамбль иалаз идирҳаит, ашәа рзиҳәеит. Иара убри аҽны ансамбль «Риҵа» ахьӡыртәит. Убасоуп иахьа Аԥсны зегьы еицырдыруа ансамбль «Риҵа» шахьыӡхаз…»
Жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» 1972 ш. инаркны аҟазара амҩа изнылаз есааира ирҭбаауа ԥхьаҟа ицоит. Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Нора Чамагәуа иазгәалҭеит: – «Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь Гудоуҭатәи Акультуратә ҩны аҟны еиҿкаан «Гәдоуҭаа» захьӡыз ансамбль. Нас х-абиԥарак еиднакылон. Асахьаркыратә напхгаҩыс даман Гәымба Ражден Џьгәанаҭ-иԥа. Убри ибзоурала (усҟан акультура аминистрс иҟаз Кьасоу Ҳагба ицхыраарала) иреиӷьӡаз ашәақәа ҭаҩын: Анатоли Ҳагба, Владимир Џьуӷьелиа, Владимир Санаиа, Витали Базба уҳәа ашәаҳәацәа нагақәа зегьы рашәақәа еиқәырхахеит. Ансамбль «Гәдоуҭаа» еиднакылон абыргцәа рансамбль «Нарҭаа», жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» (асахьаркыратә напхгаҩы Гиви Уанаҿа), акәашаратә ансамбль «Адац» (асахьаркыратә напхгаҩы Руслан Дбар).
Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Ражден Гәымба ансамбль «Риҵа» 30 шықәса анахыҵуаз, иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: «Аԥсуа милаҭтә ҟазараҿы аихьӡара дуқәа аазырԥшуа, ҽакы иаламҩашьо, узтәызтәуа, аԥсуа жәлар рашәақәа хьыршәыгәқәа рахь ухьазырԥшуа, амҵәыжәҩақәа узҭо ҟазаратә насыԥуп. Инеиԥынкыланы ансамбль «Риҵа» иалоу рхатәы шәаҳәаратә хаҿра рымоуп. Дарбанзаалакгьы идыруазар ауп, аҟазара шаҟа иӷәӷәоу, ишьҭыху аҟара ҳҳәынҭқаррагьы шыӷәӷәахо. Ансамбль «Риҵа», аҳәынҭқарратә ансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсоуп, 30 шықәса асцена иазааԥсаз аԥсуа жәлар рҟазара цқьа адунеи иазырбаз рыхьӡ ашьҭыхра ақәнагоуп…
Ансамбль «Риҵа» Асовет аамҭазы лассы-лассы аҳәаанырцә агастрольқәа мҩаԥыргон. 1987 шықәсазы Германиа иҟан. «Аԥсуаа рҟармаҵыс» ҳәа изышьҭаз, Аԥсны жәлар рартист Анатоли Ҳагба инаигӡоз ахкы ала аԥсуа жәлар рашәа «Ахәрашәа» ала акон­церттә программа аатуан. Азыӡырҩцәа зегьы ҵәыуон. Нас итәаз ахәаԥшцәа зегьы гыланы рнапқәа изеинырҟьон. Аконцерт ашьҭахь Анатоли Ҳагба азыӡырҩцәа рпатреҭқәа ицҭырхуан, дгәыдыркылон.
Ансамбль «Риҵа» иалаз иарбан аамҭазаалакгьы ақыҭақәа рҟнытә иаауан. Урҭ зегьы рҟазаратә мҩа ҭбаан, иԥшӡан. Иацгьы, иахьагьы ашәаҳәацәа ԥсабарала Анцәа ирзишаз абжьыцқьа рхоуп. Уи азыӡырҩы ицәа-ижьы ианыруеит, игәаҵанӡа инеиуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа жәлар рвокалтә-инструменттә ансамбль «Риҵа» имаҷымкәа рконцерттә программала иқәгылахьан: Москва, Нальчик, Қарҭ, Черкесск ақалақьқәа рҟны уҳәа егьырҭгьы. Атәылақәа: Польша, Венгриа, Германиа, Америка, Куба… уҳәа рҟны.
1980-тәи ашықәсқәа рзы ансамбль «Риҵа» ашәаҳәацәа акәашацәа рыцлеит. Уи зыбзоураз асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз Акаки Малиа иакәын. Усҟан 50-ҩык рҟынӡа ашәаҳәацәеи акәашацәеи рхыԥхьаӡара наӡон. Усҟантәи аамҭазы Акультуратә ҩны аҟны ҟазаратә дунеи дук аатит. Ашәаҳәацәеи акәашацәеи рашәеи рыкәашареи лассы-лассы ажәлар еизнагон. Мчыбжьык хынтә Дагомыс аконцерттә программақәа нарыгӡон. Абас акультуратә ԥсҭазааратә дунеи ԥшӡа ишаныз, Аԥсны аибашьра иалагеит. Аҟазаратә рҿиара аанкылахеит. Акәашацәа реиҳараҩык еибашьра ицеит. Ашәаҳәацәа ансамбль «Аиааира» иалалеит. Урҭ рашәақәа аҭабиақәа ирҭыҩуан. Аибашьцәа ргәы шьҭырхуан. Акәашацәа рҟынтә Руфеҭ Дасаниа Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа ахьӡ ихын. Аиааира агара мызқәак шагыз, дыхәны дахьышьҭаз аӷацәа дрытҟәеит, цәгьаԥсышьа ирҭеит. Ибаҩ ԥыҭрак ашьҭахь иааган. Леон иорден ианашьоуп, Гәдоуҭатәи Акультуратә ҩны ихьӡ ахҵоуп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь ансамбль «Риҵа» алахәылацәа рҽеидыркылеит. Уаанӡа аԥсуа жәлар рашәақәа ирҳәоз ирыцлеит автортә ашәақәа. Убарҭ автортә ашәақәа зыҩуаз Гиви Уанаҿа иакәын. Ашәа ҿыцқәа имарианы ирҵон, нас ахәаԥшҩы иахь ицәырыргон. 413 мши-ҵхи ицоз аибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа ирызкын игәыҭшьаагаз ашәақәа. Аԥсны жәлар рпоет Смыр Рушьбеи иажәеинраалақәа рыла акәын урҭ ашәақәа шиҩуаз.
«Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩы Чамагәуа Нора иазгәалҭеит: – ансамбль «Риҵа» ашьаҭа анакы инаркны аԥсуа милаҭтә инструментқәа Кәасҭа Антон-иԥа иалеигалеит: аҩымаа, ахымаа, ачамгәыр, аԥхьарца, аконтробас аҳарҳәон, иахьагьы уи аус иацаҳҵоит. Усҟан, ансамбльк ҳаиԥшӡамкәан, иҿыцыз ашәақәа рыла ҳцәырҵит. Константин Антон-иԥеи Ражден Џьгәанаҭ-иԥеи аԥсуа-цәа ансамбль «Риҵа» иаҟәнырҵаз, еиқәхеит. Ашәаҳәацәа аҟазаратә ус рыцааиуеит, уи адагьы ашәа зҳәо зегьы рус гәык-ԥсыкала бзиа ирбоит. Уи зегьы реиҳа ихадоуп.
«Риҵа» аџьабаа дуи, уи аҟазаратә мҩа ҭбаа дуи рзы «Ахьӡ-аԥша» ахԥатәи аҩаӡареи «Агәымшәаразы» амедали анашьоуп. Ансамбль «Риҵа» алахәылацәа зегьы хаҭа-хаҭала 50 шықәса ахыҵра рыдаҳныҳәалоит. Ахәаԥшҩы иԥсҭазаараҿы иаанхаз аҟазацәа рҟазара ахәышҭаара ҭбаахеит, уи еихазҳауа, еиҵызхуа аҿар аҵагылааит. Урҭ арҿиаратә ҟазаратә хыԥша ирымаз еихаҳахааит. Аҟазаратә ҭоурых иазаанрыжьуа аԥеиԥш рыцзааит. Ирымздо абиԥарақәа аԥсуа жәлар рҟазара адацқәа арыӷәӷәареи ацҵареи рылшааит. Аԥсуаа ус рҳәон: «Ашәа ахьырҳәо аԥсҭазаара ыҟоуп» ҳәа. Аҟазара иадҳәалоу ахҭысқәа рацәахааит.
Ансамбль «Риҵа» аҟазаратә ҳәаақәа арҭбааразы, уи иахагылаз, иацхраауаз асахьаркыратә напхгаҩцәа иреиуан: Ченгелиа Константин, Малиа Зураб, Ҷанба Нодар, Аиба Виачеслав, Барцыц Анзор, Малиа Акаки, Шамба Иуана, Уанаҿа Гиви, Гәымба Ражьден, Герзмаа Донцик, Ӡиӡариа Гарри. Ансамбль «Риҵа» асахьаркыратә напхгаҩцәа зегьы рџьабаа адын. Аха далскаар сҭахуп Уанаҿа Гиви – лҳәеит ашәаҳәаҩ Абџба-Дбар Милиа, - уи дыруаӡәкуп уҳәар ауеит ҳкомпозиторцәа, зырҿиара ԥсра ақәым адуқәа. Иҟазара ацыԥхьқәа дыздыруаз зегьы ирыцуп. Иԥсҭазаара кьаҿ иалагӡаны, акымкәа-ҩбамкәа ашәа шьахәқәа раԥҵара илиршеит. Урҭ рахьынтә зегьы бзиа ибаны лассы-лассы ирҳәо иреиуоуп ашәақәа «Риҵа», «Афон ҿыц», «Гәымсҭа ахықәан», «Сыҷкәын заҵә» уҳәа. Арҭ ашәақәа ажәлар рыԥсы ирзалымхуа ашәақәоуп. Иара игәҭыхан иавтортә ашәақәа рҭаҩра, иааидкыланы иашәақәа реизга адиск аҭыжьра… Дахьымӡеит, имаз аамҭа кьаҿхеит. Анотаҵәҟьа изанымҵаз ашәақәа маҷӡам. Урҭ зҳәо ыҟанаҵ ԥсра рықәӡам. Анота ианым, иҭаҩым ашәа зеиқәхаӡом. Убри аҟнытә иахьагьы икьасаӡам аҭаҩра…
Жәлар рвокалтә-инструме­нт­­тә ансамбль «Риҵа» аԥсуа ҟазара аҭоурых аҿы зхатәы лагала ҟазҵаз, рҟазаратә аҳаракыра изныкымкәан иазгәарҭахьеит. Ажәлар рашәақәа ирыцу афырхаҵареи агәышьҭыхреи еснагь ирыцзааит.

Гугуца Џьыкырба 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me