Алхас Ҷолокәуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы иҟоу амассатә информациа ахархәагақәа рымадаразы Аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп. Уи азы нанҳәамза 29, 2024 шықәсазы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Алхас Дмитри-иԥа Ҷолокәуа диит мшаԥымза 22, 1976 шықәса рзы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. 1992 шықәсазы далгеит К.Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1, афизикеи аматематикеи инарҵауланы рҵара азы иҷыдоу акласс. 1998 шықәсазы далгеит ААУ…
Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа аԥшьгарала, август 22 рзы Аҟәатәи астадион «Динамо» аҟны имҩаԥысит, ашьапылампыл азы Асовет еидгыла аспорт азҟаза Ҭемыр Жьиба игәалашәара ахьӡала, 2013 ш. рзы ииз ахәыҷқәа рыбжьара Ареспубликатә турнир. Уаҟа аиааира рҽаԥсартәит Гагратәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спортшкол ааӡамҭацәа. Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Џьгьарда ақыҭантәи ахәмарҩцәа, ахԥатәи – Аҟәатәи «Динамо». Ашьапылампыл асҩцәа қәыԥшцәа хаҭалатәи реилҟьареи рҽазышәарақәеи азгәаҭо, атурнир аҟны иалкаахаз иреиуоуп: Арсана, Адлеиба…

Агубернатор ихраҿа

29 Нанҳәа 2024 10:38
Урыстәыла аспорт азҟаза, Шәачатәи ақәԥаҩцәа рыклуб «Левша» ааӡамҭа Дауҭ Гәыблиа, август аҩбатәи азыбжазы, Санкт-Петербург агубернатор ихраҿа агаразы имҩаԥгаз аицлабраҟны аиааира ааникылеит. Уи дықәгылон Ареспублика Аԥсны ММА Афедерациа ахьӡала.

Араӡны даԥсахеит

29 Нанҳәа 2024 09:25
Аԥсны ииз Едишер Конџьариа Тиумен ақалақь аҟны, август 23-25 рзы Урыстәыла арегионқәа 22 рахьтә, 150-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа злахәыз аӡиудо азы Урыстәыла ачемпионат аҟны, зыкапан 73 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара аиндаҭлараҿы араӡны медаль даԥсахеит. Едишер дықәгылон Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала.

Нанҳәа

29 Нанҳәа 2024 09:06
Есышықәса, нанҳәа 28 рзы адунеи ақьырсиан жәлар иазгәарҭоит Анцәа иан лылацәаеиқәыԥсара амш. Аԥсуаа уи Нанҳәа ҳәа иашьҭоуп. Шьыжьнаҵы ақьырсианцәа ауахәамақәа ирҭаауеит, Анцәа имҵахырхәоит, ацәашьқәа адыркуеит. Нанҳәа ныҳәа азкуп Анцәа иан Мариа данԥсы ашьҭахь лыҷкәын Иисуси лареи рыԥсқәа реиқәшәара. Ари амш аҽны ақьырсианцәа рџьынџь ҩнаҭақәа рҿы еиқәшәоит, аишәа фатәыла идырхиоит, иргәаладыршәоит здунеи зыԥсаххьоу рыуацәа, рҭынхцәа, ацәымза адыркуеит. Нанҳәа аныҳәа аназгәарҭо ақәшәоит…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me