Аиааира идиныҳәалеит

19 Хәажәкыр 2024 09:51
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иалхрақәа раан иигаз аиааира идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Милаҭрацәала еилоу Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи Урыстәыла ауаажәлар рыхдырра аҩаӡара ҳаракы, адемократиатә принципқәа риааира адунеи ҩаԥхьа иазырбаз аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы Шәара аԥыжәара ду шәыманы ижәгаз аиааира шәыдысныҳәаларц сҭахуп. Шәара ижәгаз аиааира – ари Урыстәыла мацара аиааира…

Ашаеҵәа иадыркылоз

19 Хәажәкыр 2024 08:06
Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.Ахәылԥаз ахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, акультуреи, аҟазареи, аҵареи русзуҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз иҭынхацәа, иара убас астудентцәа, ашколхәыҷқәа, апоет ирҿиамҭақәа бзиа избо аӡәырҩы.

Жәларык рцынҵәарах

19 Хәажәкыр 2024 08:04
«...Избан, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы изакәызаалак иҳахәаша акы ҟамҵаӡакәа аамҭа баша изцо. Имаҷума иахьа аԥсуа ҿар ҳҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа, ҳара ҳамч зықәхаша, инаҳагӡаша. Иахьа адемократиатә аамҭа аан ҳара иҳалшароуп аиаша аҳәара ацәымшәара, ҳмилаҭ зегьынџьара аиаша рдыруазароуп. Иахьа изызҳауа аҿар уаҵәтәи Аԥсадгьыл аԥеиԥш лаша роуп. Дарбанзаалак аԥсуа, апатриот цәанырра злоу, аԥсуа милаҭ рхьаа иаргьы ихьаазароуп. Иазхазааит ҽырба патриотра, аишәа аҿы ажәа ԥшӡақәа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me