Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Урыстәыла Ахада иалхрақәа

Ишдыру еиҧш, еиҧш Урыстәылатәи Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин Урыстәыла Ахадас иеиҭалхра Аҧсны имҩаҧысуан март 17 азы. Зынӡаск Аҧсны  араионқәеи ақалақьқәеи рҟны иаартын алхырҭатә ҭыҧқәа 30.

Урыстәыла Ахада иалхрақәа рҿы,алхырҭатә ҭыҧқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаҧыргарц Аҧснынтә Урыстәылаҟа гәыҧҩык  Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа  наҧхьан. Уи аделегациа иалахәын адепутатцәа Адгәыр Ҳаразиа, Ахра Ҧачлиа, Бадрик Ҧлиа, иара убас Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Иазгәаҭатәуп, март 16 рзы заа ибжьы шиҭиз Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа,  уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҧсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.

Егьырҭ амшқәа рзы еиҧш, март 17 рзы ашьыжь асааҭ 8 инаркны аусура иалагеит алхырҭатә ҭыҧқәа. Аилагарақәа ҳәа акгьы убомызт. Аиашазы, Аҧсны жәлар алхрақәа гәацҧыҳәарыла ишазнеиуаз убарҭан. Еиҳараӡак зықәрахь инеихьоу абыргцәа гәыҕрак рхыҿсахьа ианубаалон.

Убас слыҿцәажәарц сыӡбеит 66 шықәса зхыҵуа Турбаза араион аҟны инхо Альдона Қәарцхаа. Лара илҳәеит, иарбанзаалак алхрақәа рышҽрылалырхуа, аха Урыстәыла Ахада иалхра оумак ала лгәыҕрақәа адҳәалан дшазнеиуа. Имӡакәа исалҳәеит, лыбжьы шилҭо Владимир Владимир-иҧа Путин. Агәыҕра лымоуп лтәанчаратә уалафахәы шьҭихып ҳәа. Лара лгәы шҽеимгьы, алхрақәа лыҽрылалырхәит.

Аҧсны араионқәа зегьы рҟны алхырҭатә ҭыҧқәа аркын асааҭ 20 рзы. Аилагарақәа ҳәа акгьы ыҟамызт.

Макьаназ ишьақәырӷәӷәам адырраҭарақәа рыла акандидатцәа зегьы рахьынтәи аԥыжәара имоуп Владимир Владимир-иԥа Путин.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me