Аҳаракырахь

07 Нанҳәа 2024 07:16
Август 3 рзы, Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә университет (НИУ МГСУ) аҟны аҵара зҵо аԥсуа студентцәа Александр Ашәбеи Осман Зекир-оглыи 5621 метра инаӡо Ельбрус мрагыларатәи аҳаракыра ихалеит. Дара мрагылара аганахьала амҩа ылхны, авулкан иаваланы ихалеит. Астудентцәа фымш иныҟәеит, аҳаракыра ахалара жә-сааҭк иадхалеит. Аҳаракыра ахалара даара аџьабаа шацызгьы, астудентцәа рықәлацәа адрыԥхьалоит рыԥсҭазаара активла имҩаԥыргаларц. Дара раԥхьаҟа хықәкыс ирымоуп авулкан Килиманџьаро ахалара. Мадина Амҷԥҳа
2024-2026 шықәсқәа рзтәи хықәкылатәи анаука-тхникатә программа «Аҧсуадырреи кавказдырреи иактуалтәу рызҵаарақәа рыӡбара» аусура хацнаркит.

Актәи аҭыԥ иаԥсахеит

06 Нанҳәа 2024 08:42
Аԥснытәи аспортсменцәа «Карате До Шотокан Риу Казе Ха» азы иаарту Европатәи ахраҿа агаразы аиндаҭлараҟны азеиԥшкомандаҿы актәи аҭыԥ ааныркылеит. Уи мҩаԥысуан август 4 рзы Аҟәа ақалақь аҟны. Араӡны иаԥсахеит Краснодартәи аспортсменцәа, аџьаз ранашьахеит Москватәи аобласт аҟынтәи аспортсменцәа. Аиндаҭлараҿы аиааира згаз аспортсменцәа Европа еизгоу акоманда иахыԥхьаӡалахеит. Дара октиабр 3-5 рзы Мексика имҩаԥысуа III-тәи адунеизегьтәи ачемпионат рхы аладырхәыртә аҭагылазаашьа роуит. Мадина Амҷԥҳа
Ааигәа имҩаԥысит Аԥсны апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара. Уаҟа иааган шаҟаҩы аус руа, насгьы қәрала иахьынӡанеихьоу. Абар адырраҭарақәа иҳарҳәо.Ахыԥхьаӡареи ахаҭабзиареи2024 шықәса I азбжазы апрокурор-усеилыргаратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡара 203-ҩык рҟынӡа инаӡеит. 50 шықәса иреиҳабу – 22-ҩык, 40 шықәса инаркны 50 шықәса рҟынӡа зхыҵуа – 40-ҩык, 30 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа – 45-ҩык, 30 шықәса зхымҵыц – 27- ҩык. «Апрокуратура аусбарҭақәа рахь ирыдыркылоит…

Аҭоурых иазынхаз

06 Нанҳәа 2024 06:48
Ашьха ашьапаҿы аҽеиҵыхны ишьҭоу ақыҭа Дәрыԥшь жәытәнатә аахыс аҭоурых ду аман. Аԥсуа жәлар рлахьынҵа ахьырыӡбоз Лыхны еиԥш, Асовет Еидгыла аамҭазгьы аколнхара-миллионер ҳәа изышьҭаз Дәрыԥшь аҵакы ҳаракны ишьан.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me