Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афырхацәа зааӡазгьы фырхацәоуп

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, усҟан азы илыҵшәадахаз, аха Аиааира зырааигәаз, ихҭыс еиқәаҵәаны аҭоурых иазынхаз рыцхәуп 1993 шықәса март 15-16-тәи ажәылара.


Ашьа зҿыҵуаз арҭ амшқәа рзы, ҳаибашьцәа ахьҭеи аҷыхьи усс имкӡакәан Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы, зыдҵа анагӡаразы ижәылаз, ишнеиуаз ихьамҵыр ада ҧсыхәа рмоуит, ржәылара лыҵшәадахеит. Ҩынтәны рыцҳарахеит, усҟан иҭахаз рыхәҭак рыҧсыбаҩқәа Гәымсҭа нырцә иахьынхаз. Зыҧсы ҭаны аҕа инапаҵаҟа иҟалазгьы ыҟан, еибганы ахынҳәра зқәашьхаз маҷҩхеит.
Иҟалап ари ажәылара алыҵшәадахара мзызс иамазар, усҟан иахәҭаз аибашьратә ҧышәа ахьҳамамыз. Аха аибашьра еибашьроуп, уи иамоуп ахатә ҧҟарақәа: зны ҧхьаҟа ацара алшоит, даҽазных ухьамҵыр ада ҧсыхәа аныҟамлогьы ҟалалоит.
Анс акә, арс акә, аҭагылазаашьа даара изыруадаҩуаз, аха аҧсра иаҧылаз, Гәымсҭа нырцә инхаз ҳҵеицәа гәымшәақәа рыҧсыбаҩқәа раагара ахьзалмыршахаз ауп. Уи рҭынхацәа агәхьаа рызнарҵысуан. Ажәлар рылахь даара еиқәын, азныказы хәыҷгьы-дугьы ируа-ирҳәо иақәымшәо, рхы шымҩаҧыргаша, иахьцара рзымдыруа, усҟан Гәдоуҭа, Аҧсны анапхгара ахьтәаз ахыбра аҧхьа еилагылан.
Уи аамҭазы, ҳҵеицәа рыҧсыбаҩқәа рырхынҳәра мап ацәызкыз ҳаҕацәа азыҧшын ҳажәлар реинҟьара, реиҿагылара…
Ҳәарада,ари аамҭазы, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы иаҭахын ииашоу ашьаҿа, ахшыҩ, аилкаара, уи инаҷыдангьы агәаҕьра.
Зыжәлари зыҧсадгьыли рхьаа зхьаау, ргәырҕьара згәырҕьароу аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, АМАН, иара убас, ААР академик Лили Риза-иҧҳа Ҳагба ари аҭагылазаашьа алҵразы, акыр ишгәаҕьуацәазгьы, анаҩс, алҵшәа бзиа зауз ашьаҿа аҟаҵара лылшеит.
Аҵарауаҩ, хаҭала, ажурналист изанааҭ шлымамызгьы, зыхшара ҭахаз, зыҧсыбаҩ змауз анацәа рыҿцәажәара шыуадаҩыз дазхәыцны, илыӡбеит хаҭала (ахаҵа еиҳа иҽиҟажоит аҟнытә) абацәа ражәа, рыҿцәажәара ихадоу ируакуп ҳәа. Урҭ ражәа ажәлар шеиднакылоз лдыруан. Лхықәкгьы налыгӡеит – раҧхьатәи репортажхеит уи. 1993 шықәса март 22 рзы, зыхшара ҭахаз хәҩык абацәа рыҿцәажәара анылҵеит: Ваниа Ахба (Даур Ахба иаб иашьа), Лери Цыхьчиҧа (Нури Цыхьчиҧа иаб), Хәынта Ӡаӡба (Зурик Ӡаӡба иаб), Зураб Бестаев (Гиа Бестаев иаб), Анатоли Свиатокум – (Дмитри Свиатокум иаб).

Аҽныҵәҟьа аефир ахь ишьҭын Аҷандара инхоз Ваниа Ахбеи, Калдахәара инхоз Лери Цыхьчиҧеи рыҿцәажәарақәа.
Лили Риза-иҧҳаи ҳареи ҳаиҿцәажәараан ҳлазҵааит: «ишҧашәызцәырҵи хаҭала, ас еиҧш аидеа, агәаҕьреи аҭакҧхықәреи уадаҩӡамзи?»
«Сыгәгьы иҭамызт, сыхгьы иҭамызт, аха»…– ҳәа лажәа дналагеит. Нас дааҭгылан ахҭысқәа аханатә ишыҟаҵәҟьаз лгәаларшәо лажәа инацылҵеит.
Аибашьра ианалага, Гәдоуҭа ҳанлеи, сҩызцәа: Емма Кьыл-ҧҳа, Ҭемураз Ачыгәба, Нелли Арш-ҧҳа, Галина Ҭарџьман-ҧҳа реиҧш, саргьы раҧхьа «ҳахьаҭаххо» ҳазхианы, адкыларҭа аҟны аус зуан – Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба иҟны. Анаҩс – Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа аштаб аҟны.

Зхатәгәаҧхарала еибашьра иааз ҳашьцәа сызларымадаз ала, урҭ агәцаракреи ахылаҧшреи рыгсыжьуамызт, ирыдҳәалаз азҵаатәқәа рыӡбареи реиҿкаареи рзы исылшоз ҟасҵон. Ҳашьцәа ирыҵанакуаз уск азы ирхиаз қьаадқәак анапаҵаҩразы В.Г. Арӡынба иахь иназгарц саннеиуаз, иуалыуашо игылаз ауаа срывсны адкыларҭаҿы снеит. Уа итәаз аҧҳәызба исалҳәеит В.Г. Арӡынба даара илахь шеиқәыз, акаҳуаҵәҟьа ажәра мап шацәикыз… Саргьы саныныҩнала иҿаҧшылара аасамхацәгьахеит, избац иакәымкәан дтәан ҳҧыза ду. Аҧсеивгара ицәыуадаҩны, икьаҿ хыхьтәи аҳәынҵәарақәа ркәадо. Ишиҟазшьаз еиҧш, иаҧсшәаҳәара лахҿыхра аҵамызт, ажәак мҳәаӡакәан искыз ақьаадқәа инапы наҵаҩны инасиҭан, сындәылҵит. Аха ҳаиҳабы иҿыҧшылареи, аҧенџьыр аҟнытә избоз, сызлаҧшуаз ауаа рацәа реилаҭырреи али-ҧси рыбжьара «акы ӡбатәуп, иҟаҵатәуп» – ҳәа сназхәыцит. Убри аамҭазы схаҿы иааит, ажәлар реидкыларазы, урҭ рахь зхы нарханы, хшыҩ ҵаулала, гәыҟажарыла, ачҳара аарҧшны, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ицәажәаша ҧшаатәуп, ажәа ҳәатәуп ҳәа.
Уи акәхеит, сышзахәоз апресс-центр аҟны снеит, Владимир Занҭариа иасҳәеит схықәкы. «Ибҳәаз ахшыҩҵак даара ииашоуп, иаҭахуп, аха агәаҕьра уадаҩуп, аҭагылазаашьа зеиҧшроу ббоит», – иҳәеит. Саргьы ишҧеилысымкаахуаз уи, аха аҭакҧхықәра схы иадысҵеит. Хаҭала саргьы Гәдоуҭаа среиуан аҟнытә, издыруаз, сҩызцәа-сҭынхацәа ахьырацәазгьы сақәгәыҕит. «Игәаҕьуацәоуп ари еиҧш ашьаҿа, аха зыхшара ҭахаз, рыҧсыбаҩқәагьы змауз аҭаацәарақәа рацәажәашьа сҽақәсыршәап, ирыхәҭоу ажәа сыҧшаап, ргәы скып», – сҳәеит. Анаҩс, аоператор Анатоли Маланиа днасыциҵан, ауаа рыжәпарахь сҿынасхеит.
Марттәи ажәылараан зыхшара ҭахаз, рабацәеи лареи реиҿцәажәара аӡбахә аҳәоит Лили Ҳагба авторс дызмоу ашәҟәқәа руак, хаҭала, Даур Ахба изку адаҟьақәа рҿы. Абар уа ишаарҧшу:
– Ҩымш-хымш раахыс иуалыуашо иеилагылаз ҳажәлар дрылызбааит, ҳ-Аҷандаратәқәами аҟнытә, схәыҷаахыс ибзианы издыруаз Ахба Даур иаб иашьа Ваниа, иара дидгылан иҭахаз Нури Цыхьчиҧа иаб – Калдахәаратәи ҳгәыла Лерик. Сылаҕырӡ сгәы икылаҵәон сахьры­хәаҧшуаз, аха, нас, саахәыцын, изгәаҕьит абас аҳәара: «Шәыҷкәынцәа рыҧсы аҵаҟа сыҧсы ыҟоуп… Урҭ зшьыз ҳаиҳабыреи ҳажәлари еинырҟьарц иаҿуп, уи азоуп рыбаҩқәа зҳарымҭо. Ҳазҭагылоу жәбоит… Абыржәоуп, абааҧсы, ахаҵа иажәа анаҭаху!» «Иааг, ҳбыкәыхшоуп, акамера, иаҳҳәаша аадыруеит!» – еицҿакны инасаҭыркит дара.

«Ҳаҷкәынцәа ҭахазаргьы, рыҩны иҟоуп, рыҧсадгьыл азы иҭахеит, мышкызны рыбаҩқәагьы шҧаҳмоури… Дара ҭахагәышьеит, аха ҳара рабацәа ҳаҟоуп, ҳхы ҳаигӡом, иахьаҭаху ҳгылоит, аиааира ҳамгар ҟалаӡом!»
Амца лыҕран аҧышәа змаз арҵаҩы Тера Аазиз-иҧҳа Аџьбагьы, ҩыџьа зхы иамыхәоз ачымазцәа дахьрыбжьагылаз. Лцәа ианырхьан заа лыҷкәын дышҭахаз, аха аҧсыбаҩқәа ирыхҟьаны иҟалаз аҭагылазаашьа анлаҳа: «Уа дыҟазааит Даур, уи Аҟәа бзиа ибон, уахь акәын дахьцоз. Анацәа, иҳачҳароуп ҳзықәшәаз, ҳаҷкәынцәа рыҧсадгьыл аҿоуп иахьыҟоу, мышкымзар-мышкы рыҧсыбаҩқәа ҳауеит. Иаанхаз урҭ рус нарыгӡароуп, хьаҵра ҟамлароуп!» – лҳәеит.
Ажәлар еигәныҩит, ираҳаз ргәы шьҭнахит, амч рыланаҵеит. Адырҩаҽны анацәа еизеит Гәдоуҭа Акультура ҩнаҿы. Убра ажәа хамшҭыхә лҳәеит зҧа иҭахашьа ззымдыруаз Мыркәылатәи аҧҳәыс Шьушьана Хьециа-ҧҳа.
Уи акәхеит, ҳажәлари ҳаиҳабыреи рҽеибыҭаны имҩаҧыргоз аҿагылара иацырҵеит…
Аиашазы, ахааназгьы ҳажәлар аҟәышра, аилкаара, ачҳара, ахымҩаҧгашьа бзиа рыгмызт.
Уи ус шакәыз аадырҧшит даҽазныкгьы, еиҳа ианыуадаҩыз, аҭагылазаашьа аныцәгьаз аамҭазы. Имҳәакәан высшьа амам, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳҵеицәа рымала шракәым ифырхацәоу, урҭ зааӡаз ранацәеи рабацәеи, рҭаацәарақәагьы фырхацәоуп.
Ахаҵа иажәа ианаамҭаз ираҳартә, еиднакылартә аҟаҵара зылшаз Лили Риза-иҧҳа Ҳагба лакәзар, зыжәлари зыҧсадгьыли рзы зыҧсы ҭоу, рлахьынҵа, рҧеиҧш гәыҵхас измоу, абызшәеи Аҧсуареи реиқәырхара зыҧсҭазаароу, аханатә еиԥш, згәы былуа уаҩуп, ҵарауаҩуп.

Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me