Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Анҭыҵтәи Аҿиареи аизҳареи рымҩала аилатәара

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигеит, – адырра ҟаҵоуп агәабзиарахьчара Аминистрра аофициалтә саит аҿы. Аилатәара ихы алаирхәит араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа.


Араионтә хәышәтәырҭа аҳа­қьым хада Ҳаџьараҭ Шамба ахә­ышәтәырҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы далацәажәеит, иҳәеит акомпиутертә томографгьы шыбжьысыз атәы. Араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы зхыԥхьаӡара 40 нызқьҩык рҟынӡа инаӡо Гәдоуҭа араион ауааԥсыра рымацара ракәӡам ирыдыркыло, ирыдыркылоит иара убас егьырҭ араионқәа рҟынтәигьы. Убри аҟнытә ахәышәтәырҭаҿы акомпиутертә томограф зда ихәарҭам маруганы иҟоуп. Агәабзиарахьчара аминистр Рауль Лолуа иеиҳәеит агәабзиарахьчара Аминистрреи Урыстәылатәи рколлегацәеи Аԥснытәи аҳақьымцәа аԥхын ацхыраара рыҭаразы еицәажәаны ишыҟоу.
Едуард Быҭәба иара убас араионтә хәышәтәырҭа иҷыдоу атранспорт ала иаҭахо ацхыраара далацәажәеит. Акомпиутертә томограф абжьысра акәзар, агәабзиарахьчара Аминистр араион Ахадара аҟынтәи адгылара ҟалап ҳәа агәыӷра шимоу иҳәеит.
Араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа аминистр иҭабуп ҳәа иеиҳәеит амедусбарҭа иаиуа ацхыраара азы.
Рауль Лолуа иазгәеиҭеит, аҭыԥантәи абиуџьет аҿы агәабзиарахьчаразы ишазоужьу 100 млн. мааҭ, атомографи егьырҭ аҭахрақәа рынагӡареи рзы иназыцҵоу аԥаратә малқәа роушьҭра азҵаара араионтә Еизара адепутатцәа алархәны алацәажәара аҭаххоит ҳәа азгәеиҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me