Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿиареи аизҳареи рымҩала

Иҷыдоу апрограммақәеи апроектқәеи Русбарҭа анапхгаҩы Антон Мельников напхгара зиҭо Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра ахаҭарнакцәа ргәыԥ Аԥсны иаҭааит, – адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аофициалтә саит.


Урыстәылатәи аделегациа шьа­ҭанкылатәи аргыларақәа ахьымҩаԥысуа аобиектқәа ирҭааны аусурақәа рымҩаԥысшьа гәарҭеит, 2024 шықәсазы Урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи ԥарала еиқәдыршәо Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аусхк аҿы Аԥсни-Урыстәылеи рпрограммақәа рынагӡара азхиара ахәшьара арҭеит.

Ашықәс алагамҭазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограммақәа рынагӡара азы аплан шьақәырӷәӷәан, хықәкыла апланқәеи урҭ рынагӡара ахыҵхырҭақәеи шьақәыргылан.
«Хымԥада иазгәаҭатәуп, 2024 шықәсазы абиуџьеттә хыҵхырҭақәа рнаҩс, урҭ рымҽхак иаҟараны ареспублика аҿиара иалахуп аинвестициатә мал», - иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач. Аусеицура иабзоураны аганқәа Аԥсны аҳаиреимадара аиҭашьақәыргыларазы аинвестициатә проект анагӡара иалагеит. Апроект иалагалахо аинвестициақәа 12 млрд. мааҭ иеиҳахеит. Сынтәа зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы Урыстәылантәи раԥхьатәи аԥышәатә реис ҳазыԥшуп.
Урыстәыла 2022 – 2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿы ацхыраара аҟаҵаразы аҭакԥхықәра ахахьы иагеит.
Аҳәынҭқарратә программа анагӡара ҩышықәса рыла ареспублика аҿиараҿы ихадоу арбагақәа реизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп: атәыла аекономика аҿиара арбага хада, даҽакала иуҳәозар, атәыла аҩныҵҟа шықәсык ала иҭрыжьуа атауарқәеи амаҵзурақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ (ВВП) – 107,1% рыла (65,4 млрд мааҭ рҟынӡа), ахатәы хашәалахәқәа рышьҭыҵра –104,5 % рыла (9,8 млрд. мааҭ рҟынӡа), аекономика ала абжьаратәи ауалафахәы ашьҭыҵра – 87,5% рыла (21,7 нызықь мааҭ рҟынӡа), абиуџьет аҟынтәи ауалафахәы зауа руалафахәы абжьаратәи арбага 73,4% рыла (27,9 нызықь мааҭ рҟынӡа).

Аганқәа 2024 – 2025 шш. аамҭахәҭа иҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқареи Урыстәылатәи Афедерациеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара апрограмма аетап ҿыц шьақәдырӷәӷәеит. Уи анагӡара Аԥсны аганахьала аҩ-тәылак рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра арӷәӷәара иазырхоу азинтә шәҟәынҵақәа шьаҭанкыла рыдкылара алнаршоит. «2024 шықәсазы ареспублика иаиуа афинанстә цхыраара азеиԥш мҽхакы 5,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, - инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Вольвач.
Вольвач иҟазаара иҭагӡаны Аԥсны Аԥыза-министри аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара асоциал-економикатә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы аилатәара мҩаԥысит. Аганқәа ирыбжьаҵаз анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡара, ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа анагӡара азхиара, иара убас аекономика хадара злоу аусхкқәа Урыстәыла аганахьала адгылара аҭара уҳәа егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
«Иахьатәи амш азы Урыстәылатәи агани Аԥснытәи агани русеицуразы иазԥхьагәаҭоу апланқәа анаҩс рынагӡареи аҩганк ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра арӷәӷәареи рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа зегьы аԥырҵеит», – иҳәеит иажәа хыркәшо Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me