Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

АԤСЫ ЗХОУ АЗАНААҬ

Аромантикатә цәахаа аҟәнышьшьы иссиршәа еибаркуп ахәыҷқәа рдунеи! Уантәи ауп зегьы ҳахьаауа. Ҳандухалак, ҳәарада, ҳхәыҷратә шықәсқәа ирҩыз ҳаԥсҭазаара адаҟьақәа зегьы ҳгәалашәараҿы иауаанхахуа, ирацәоуп аҳарҭа-сырҭа ыҟамкәа аԥхыӡ еиԥш имҩасуа.

Аха, иџьаушьаша, дара иаанхазгьы убри аҟара амагиатә мчы рымоуп, ихаакәакәараӡа уцәа-ужьы иалалоит аԥсҭазаараз агәаҳәареи агәхьаагареи уҭауа. Иҟалап, абри аԥсихологиатә фактор, иара иахьагьы, ауаатәыҩса рҵарадырра абранӡа ишааихьоугьы, инагӡаны аҭҵаара агзаргьы. Баша иауиҳәах аурыс критик В. Г. Белински «Страшная тайна личность человека» — ҳәа.
Ааи, ауаҩы ихаҭара ҵкар рацәала еиларсуп, насгьы зеилкаара мариам, зыԥсы ҭоу, иаарту обиектуп. Ус шакәу арҵабыргуеит абраҟа иаазго аҿырԥштәы. Ауаҩы иага ҟаиҵаргьы, иага иҽишәаргьы, даҽаӡәы игәы иҭоу, дзызхәыцуа даҽаӡәы дыршьа имаӡам, еснагь имаӡоуп, иара иҿы иаимырҳәакәа. Ус иҟоуп ауаҩы иԥсабара.

Хара ҳазцози, иара схаҭагьы лакәушәа избоит схәыҷра ашықәсқәа (еиҳарак ашкол сҭалаанӡатәи) рҟнытә ԥхыӡҵас исгәалашәо, исхҭынхьаақәаз. Ашкол санҭарҵоз иаанагоз, изызҳәаз шысзеилымкаауазгьы, уахь ацара сгәы аҳәон, уимоу, шықәсык шсыгызгьы, сашьеиҳаб Котик дырго ианалага, сицымцар сымуит, арҵаҩгьы Канта Қаџьаиа срыцҳаишьан сидикылеит. Сызҭаз ашкол саналгалак аҵара уа иаагылозшәа исыԥхьаӡон. Аха нас, аԥсҭазаара излаҵасыз ала, зегьы еилкаахеит…
Арасаӡыхьтәи Ҩхалатәи алагарҭатә школ (уажәы С. Е. Қапба ихьӡ зху абжьаратә школ) саналга, лбааҟа сцеит, уаҟа еиқәхаԥс игылан ихарҭәаам абжьаратә школ. Аха, рыцҳарас иаҳзыҟалаз, 1945 шықәсазы аҵара ҳалагеит қырҭшәала. Ари џьамыӷәацәгьаны иаҳхаагеит. Акы, зынӡа иаҳзеилымкаауаз абызшәала амаҭәарқәа рҵара ҳаналага ҳшьақәҟьеит, иаадыруаз, бзиа иаабоз ҳарҵаҩцәа ӷәара-пара еимдырԥит, «абелади» (Сталин изы ауп изырҳәоз) ибызшәала аҵара шәахьаладыргаз шәара абнауаа шәзын инасыԥ дууп ҳәа акәыхь ажәақәа рҿышәшәон урокцыԥхьаӡа. Иҳамчыз, иҳачҳауан ихьааны, ишьамхыҵарҟәалаганы ишҳацрыхозгьы.

Сҩызцәа ԥыҭҩык реиԥш, саргьы ихсыркәшеит Арасаӡыхьтәи ихарҭәаам абжьаратә школ. Сыхәшьарақәа бзиан, аха адырразы смаџьанан, избанзар ҿырҳәала исҵон амаҭәарқәа ирыҵаркуаз аурокқәа. Иахьагьы уантәи, аҩысҭаа ихәхартә, исгәалашәо заҟа ыҟоузеи! Убасҟан заҟаҩы аҵаҩцәа рҵара карыжьзи, ашкол иҭыҵзи. Арасаӡыхь мацара акәымкәа, Аԥсны аԥсуа школқәа зегьы ухаҿы иааугозар, угәы унархьуа аҟынӡа ихьааугоит заҟаҩы абаҩхатәра змаз аҿар рҵарадырра ахьеиԥдырҟьаз, иҿаҳа-дагәаны иҟарҵаз. Абас ҳазнауит «абелади» (авожд) ибызшәа!
Иаҳхысыз аҩажәатәи ашәы­шықәса 50-тәи ашықәса анҵәамҭанӡа Очамчыра араион абжьаратә школқәа ахьыҟаз Тамшьи Ԥақәашьи ақыҭақәа рҿы акәын. Убри аҟнытә абжьаратә школ салгарц азыҳәан саб иашьа Ӡаӡ сааганы сҭеиҵеит Тамшьтәи абжьаратә школ. Азныказы исцәыуадаҩхеит, уимоу, иааныжьны аҩныҟа — сахьиз, сахьааӡаз, сыԥсы ахьықәу Арасаӡыхьҟа сцаргьы цәгьа исымбеит, аха исзымгәаӷьит, нас сашьцылеит, аҩызцәа ҿыцқәа срыланагалт. Аԥсҭазаара иара атәы ҟанаҵоит, даҽакала иуҳәозар, ауаҩы дабжьоит, анапаҿы даанагоит.
Абраҟа ажәбатәи акласс итәаз рахьтә иҟаларын зегьы сара қәрала среиҵбызар, шәагаалагьы схәыҷын, ажәбатәи акласс аҿы дтәоуп уҳәартә сыҟамызт. Насгьы, ақырҭшәа саԥхьар иаҳәо зегьы саҳауа, еилыскаауа сыҟамызт, ҿырҳәала Арасаӡыхь исҵаз иснаҭаз адырра рацәак сзақәгәыӷуамызт. Арахь сҩызцәа ҿыцқәа апыҟҟа ҳәа иаԥхьон, еиҭарҳәон изыԥхьаз, даҽакала иуҳәозар, ақырҭшәа адырраҿы дареи сареи агеи ашьхеи ҳабжьан. Сара уи ԥхасшьон, схәыҽны саман, издыруаз ахәыҷгьы аҳәашьа сақәшәомызт. Исыздыруам заҟа сиашаз, аха сызланагалаз сҩызцәа аҵаҩцәа ҿыцқәа умашәа сырбозшәа, уаҳа аҵараҿы агәырҵҟәыл анимам, ихы зиргәаҟуеи, дымцои нас ишьха қыҭахь ҳәа рҳәозшәа аӡәык-ҩыџьак рлакҭақәа ирыҵызбаауан. Ари схатәы гәырҩақәа ихьаа дуны исзацлеит аматематикатә маҭәарқәа (алгебра, геометриа) ҳазҭоз арҵаҩы, ауаҩра згыз Валериан Лагвилава сыхҭакны сахьимаз. Уи иажәа хәаԥсақәа, уара ахаан акы злыҵуа уакәӡам, аҵареи уареи шәеимҭәам ҳәа схы-сгәы сахаԥижәон. Ииашоуп, сара аматематикеи сареи ҳаимаҭәамызт, даараӡа сдырра лаҟәын, Арасаӡыхьтәи сырҵаҩы Ражден Цхадаиа ихараны, ихаҭагьы аарла акәын ишидыруаз.

Аԥсуаа ражәа ишалоу еиԥш, ажәа ахы умҳәакәа аҵыхәа узҳәом ҳәа стема хадахьы сиасаанӡа автобиографиатә ҟазшьа анубаалауа сара исхьысуа агәалашәарақәа иаазгаз, амыцхәра маҷк аҟара ирныԥшуазаргьы, саҭоумҵан аԥхьаҩ, избанзар, урҭ аҩбагьы иахьеиқәҿырҭуа, мамзаргьы иахьхеибарҭәаауа ыҟоуп.

Аҩада зыӡбахә сҳәаз Тамшьтәи абжьаратә школ аҿтәи сҩызцәа ҿыцқәа аҵаҩцәа ҵаралагьы, ҭеиҭԥшылагьы, ҟазшьалагьы, аӡәы диеиҵамкәа дрылубаауан санҵамҭа афырхаҵа хада, иахьа Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым Константин Давид-иԥа Ануа. Усҟан ажәбатәи акласс аҿы итәаз аҵаҩцәа 1952 шықәсазы абжьаратә школ иалгеит. Арҭ қырҭшәала аҵара зҵоз раԥхьатәи аушьҭымҭацәа ракәын. Урҭ рахьтә Қарҭтәи амедицинатә институт иҭалеит Константин Ануа, Бубли Гагәуа, Цицина Барганџьиа, Изольда Ажәанба, Цақәа Делба, иаҳхаагаз аибашьра хлымӡаах аан хабарда ибжьадырӡыз, абаҩхатәра змаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз анџьныр Џьота Амҷба дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, аԥсуа периодикатә кьыԥхь зџьабаа адыз Константин Кәыҵниа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет.
Абар уи атәы усҟантәи астудент Константин Ануа ишигәалаиршәо: «Аԥсны ҳалҵны ҳарҭ еицыз ра­хьтә аӡәгьы џьаргьы ҳамцацызт, иаабоз ҿыцбарахын. Қарҭ ақалақь ашыкьра ҳналалт. Аԥышәарақәа ҳҭиит қырҭшәала, аиҳабыра рҟынтәи ахылаԥшра ҳаман, ҷыдала Миха Делба дызхантәаҩыз Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟнытә. Миха Делба ихьӡ анысҳәах, исгәаласмыршәар иҳақым абраҟа иаазго афактгьы. Қарҭтәи амедицинатә институт аҿы аҵара анаҳҵоз Миха Делба ҳагәцаракны ҳиман, Қарҭ днеины (Усҟан Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩыс дыҟан) ҳҵараиурҭаҿы дымнеикәа, шамахаӡак акәымзар, дымцацызт, ҳаибон, дҳабжьон, абааԥсы ҳашәмырԥхашьан, аҵара бзианы ишәҵала, насгьы шәзанааҭ иалышәхыз адырра ҵаула зҭаху акы шакәу еснагь ижәдыруазар ауп, аҳақьымра шмаҵура дуу ҳәа. Ажәа ҟәышқәа рҿы мацара даагылаӡомызт, материаллагьы дҳацхраауан — 50 мааҭ (астипендиа 25 мааҭ ракәын иҳауаз) ҳацыԥхьаӡа иҳаиҭон, ҳаицәыԥхашьон, аха иҳамгар иуамызт. Ҳәарас иаҭахузеи, ҳгәы иахәон, насгьы еилаҳкаауан амаҵура дуқәа змаз зегьы ус ишыҟарымҵоз. Ари афакт иаҳнарбон Миха Константин-иԥа Делба игәыҭбаара, Аԥсны иаҵагылоз аҿар шыгәцараикуаз, урҭ рыда аԥсадгьыли ажәлари шзымӷьацоз шидыруаз, иахьынӡалшоз дышрыцхраауаз.
Ҳаргьы ҳацәымҩашьо иаадыруан иалаҳхыз азанааҭ ԥсыс иахаз, мчыс иамаз адырра ҵаула анапаҿы аагара шакәыз. Ари аус қырҭшәала абжьаратә ҵара иалгаз ҳзын ус аламала анапаҿы аагара мариамызт, ауадаҩрақәа ацын, аха зегьы акоуп, ҳхы-ҳаԥсы ҳамеигӡа, ҳмаашьакәа, ҳаԥхьаҟа ҳаԥхамшьанда ҳәа аҵара ҳҵон, Анцәа ду илыԥхала ҳалгеит ҳазҭаз амедицинатә институт, ҳгьежьит ҳаԥсадгьыл ахь.

Ари 1958 шықәсазы акәын. Константин Давид-иԥа Ануа раԥхьа Баграт Шьынқәба иабжьгарала, аусура далагоит Ҷлоутәи ақыҭаҿтәи ахәышәтәырҭаҿы. Араҟа уи аус иуит хышықәса, ҳақьымк иаҳасабала аԥышәагьы иоуит. Аԥсуа ҳақьым инеира ақыҭауаа еигәырӷьеит, дрыдыркылеит гәахәарыла, избанзар, усҟан уи аҟарагьы иаурацәахыз аԥсуа ҳақьымцәа. Нас, анцәа имҭаны, еиҵагылеит абиԥараҿа еиуаз аԥсуа ҳақьымцәа. Иахьа ҳашшыртә ҳаҟам, иҳамоуп ауаҩы дыԥҵәар деиԥызшьуа. Аринахысгьы аиҵагылара иаҿуп.
Ҷлоутәи ақыҭа хәышәтәырҭаҿы ҳақьым хадас аус аниуаз атәы абар Константин Давид-иԥа ихаҭа ишиҳәауа: «Сара ҿыц иалгаз, аԥышәа змамыз аҳақьым сзын смаҵура — ачымазаҩ ихьыз аилкаара, ихәшәтәра — даараӡа аҭакԥхықәра сыднаҵон, насгьы, ԥсыуак иаҳасабала исеигәырӷьаны сахьрыдыркылаз исанаҳәозгьы рацәан. Сара зегьы раԥхьаӡа сҿаԥхьа иқәсыргылеит схы-сыԥсы самеигӡакәа снапы ианыз аус анагӡара. Исылшоз ала аус шызуаз анырба, ҳаҭыр сықәырҵон, сыгәра ргон.
Константин Давид-иԥа Ануа хышықәса Ҷлоутәи ақыҭатәи ахәышәтәырҭаҿы аус аниу ашьҭахь даауеит Аҟәаҟа, раԥхьа аусура далагоит амедицинатә цхыраара ласы аҟны. Уаҟа мызқәак аус аниу ашьҭахь диаргоит Аҟәатәи аҩбатәи ахәышәтәырҭахь ҳақьым хирургс. Араҟа ԥыҭраамҭак аус аниу ашьҭахь Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистррахь диаргеит, Аҟәатәи аԥсихикатә хәышәтәырҭахь зны ҳақьымс, нас ҳақьым хадас. Ари аҭакԥхықәра ду зцыз акы акәын. Уажәы аҳақьым ихаҭа ҳаизыӡырҩып: «Аиаша ами ауаҩы ииҳәаша, снапы ианырҵаз амаҵура азныказы иаасыҵаӷәӷәеит мап скыртә аҟынӡа, избанзар, аратәи ачымазцәа абжьааԥнытәиқәа иреиԥшым, ҷыдала зыгәшәа-мшәа укыша, зыԥсихика уашәшәыроу роуп, нас иара саргьы уеизгьы-уеизгьы, макьана ҳақьымк иаҳасабала сызлалукааша ԥышәа дук сыман сыҟамызт. Аха иансыдырҵа сақәшаҳаҭхеит, Анцәа ду сырманшәал ҳәа снахагылт смаҵура ҿыц. Уинахыс акыршықәса инеиԥынкыланы абри ахәышәтәырҭаҿы аус зуан ҳақьым хадас сымч, сылша, сдырра адҵаны ламысла.
Ҳәарас иаҭахузеи, зыԥсихика уашәшәыроу ачымазцәа ры­хәшәтәра аан, амедицина иамоу аԥҟарақәа рықәныҟәара рцәыхьанҭоуп, уимоу, зыӡбара мариам апроблемақәа анырхылҵуагьы убап. Абра еснагь иаҭахуп апроцедурақәа рнаҩсангьы, аҳақьым иҿцәажәахаа, иразра, иаамысҭашәара. Арҭ аҳақьым имазарц ахәҭоуп ҳәа еиқәысыԥхьаӡаз аҟазшьақәа фактор хадақәоуп апациент игәабзиара ашьақәыргылараҿы.

Константин Ануа итрадициатәу, кәалеимдарала иаауа аԥсуа ҭаацәа дааӡеит. Уи иаб Даҭа (Давид) Ануа абжьуаа рҿы еицырдыруаз, зчеиџьыка ыҟаз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, заԥсуара акьан еиԥш иҳаракны изкыз аԥсуа хаҵан. Уигьы иамоуп ахыҵхырҭа, ус ажәҩан иалырҩны имааӡеит, даҽакала иуҳәозар, ажәла Ануаа ижәытәӡатәиуп, абжьуаа рҿы еицырдыруеит, ахьӡ-аԥша змоу, Аԥсны аҵеира иаԥсоу ауаа нагақәа (анхацәа, аинтеллигенциа) алиаауан, иахьагьы иалиаауеит.
Константин Давид-иԥа изааигәаз иҩызцәа, иқәлацәа хьыӡҷыдас Музыка ҳәа иарҳәоит. Ари ахатә ҭоурых амоуп, амала илахьеиқәҵагоуп, аха иара ихаҭа иҳарҳәап Музыка ахьынтәааз: «Схәыҷын, ашколгьы сҭамлацызт сан дансыԥха. Еснагь данысгәалашәалак дыгәхьааганы ауеимада ҳәа еимаҭәаны аҵәыуара салагон, сырзаҟәыхуамызт акыраамҭа. Аҩнгьы ргәы ԥысҵәазар акәхап, аҵәыуара саналагалак саб ԥсаҭа шкәакәа, сҵәыуара игәы шинархьуазгьы, иумор хәыҷык наҵаҵаны иҳәалозаарын ари арԥыс «имузыка» ицәыригаз данбаҟәыҵуеи ҳәа. Убринахыс исыхьӡхалеит ахьӡ ҷыда Музыка. Саргьы ари ахьӡ сан иахьлыдҳәалоу, лара лҟнытә иахьаауа азы, ианырҳәо, бзиа избоит, сышхәыҷыз исыгхаз ан лыхаара ханарҭәаауашәа сцәа-сжьы ианыруеит, исаҳалар сҭахуп сыхьӡ ҷыда Музыка!»
Константин Давид-иԥа ихаҭагьы иаԥиҵеит итрадициатәу, насыԥла иҩычоу аԥсуа ҭаацәара. Светлана Иван-иԥҳаи иареи ирыхшеит, ирааӡеит иҵоураз ахшара — аԥеи (Џьансыхә) аԥҳаи (Ирма). Аҩыџьагьы раб изанааҭ ала еиҳау аҵарақәа ирылгеит, иҳақьымцәахеит. Уаҩы игәы инархьуеит аспециалист нага, Аԥсны иаҭахыз аҵеи бзиахә Џьансыхә Ануа машәырла иԥсҭазаара ахьҿахҵәаз, ижәлар дахьрыԥхаз. Аха дыҟоуп уи иҭынхаз иԥҳа — Милена Ануа. Уи сынтәа Петербургтәи арратә медицинатә Академиаҿы ихлыркәшоит лҵара, ԥшӡала лаби лабдуи реиԥш ларгьы дҳақьымхоит! Ирма Константин-иԥҳа Ануа аус луеит лашьа Џьансыхә Ануа еиҿикааз, ҳақьым хадас дызмаз аноркологиатә диспансер (ахәышәтәырҭа) ҳақьым хадас. Ишаабо еиԥш, итрадициатәу ари аԥсуа ҭаацәара ауаатәыҩса рыԥсҭазаараҿы ихадароу азанааҭқәа ируаку — амедицина ԥсыс иахоу аҳақьымра кәалеимдарала иааргоит. Ари иҵауроу афакт иаҳәогьы кыр ыҟоуп.

Константин Давид-иԥа Ан­уа, ­иқәрахь дышнеихьоугьы, иҳақьымра анаҩсангьы, ԥымкрада Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы астудентцәа азанааҭдырра иазку алекциақәа дырзаԥхьоит. Уи аинтерес аҵаны, еиҿкааны дзыԥхьо илекциақәа зҿлымҳарыла иазыӡырҩуеит истудентцәа, избанзар, рзанааҭ иҳәоуԥшьоуны адырраҿы рдунеихәаԥшышьа арҭбаара иацхраауеит, иханарҭәаауеит.
Англыз шәҟәыҩҩы, афилософ Томас Карлеиль (1770–1827) «Здоровый человек есть самое драгоценное произведение природы» ҳәа дызҿыз ауаҩы иахьагьы ԥымкрада имаҵ иуеит Константин Давид-иԥа Ануа. Сҩыза изку сажәа хсыркәшоит абас: иулааит ԥшӡала!

РУСЛАН ҚАПБА

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me