Ишдыру еиҧш, Аҧсны реиуоуп ақыҭанхамҩа аҿиара бзиа ахьамоу атәылақәа. Иҵегь ирҵауланы азҵаара уазнеиуазар, ҳтәылаҿы аҳәынҭқарратә биуџьет хазырҭәаауа ахырхарҭа хадақәа ҳәа иалкаауп ақыҭанхамҩеи, атуризми.
Аԥсуа сцена аҳкәажә Виолетта Маан 85 шықәса лхыҵит. 16 шықәса ракәӡан илхыҵуаз лара иналыгӡаз ашәа «Шьышь нани» азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист ҳәа ахьӡ анылхырҵаз. Ари даара иалукааша хҭысуп, лара лзеиԥш ҳажәлар рзгьы.

Аҳаирплан каҳаит

02 Мшаҧы 2024 09:55
Гәылрыҧшь араион Кациқыҭ икаҳаит Аҧсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аҳаирплан МИ-24. Хҩык аҳаирплан зырҧыруаз рыҧсы ҭоуп, Аҧсныпресс ахь иааицҳаит Арра – Ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩ Адгәыр Гәымба. Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыҧахь днеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа. Иҟалаз зыхҟьаз амзызқәа ҭырҵаауеит.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me