Зыхьӡ аамҭақәа зегьы ирыцу, зҩымҭақәа жәра рықәым Александр Пушкин ихьӡ аԥсуа доуҳатә культура иахәҭакны аҽышьақәнарӷәӷәахьеит, избанзар ирҽиамҭақәа, аурыс ԥхьаҩцәа реиԥш, аԥсуа ԥхьаҩцәа ирзааигәоуп.
Традициала ишаԥу еиԥш, апоет имшира аҽны ихьӡ зху амҩаҿы игылоу ибаҟа иаҭааит Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа, Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны иҟоу ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Михаил Литвинов, Алада Уаԥстәыла Аԥснытәи ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Приднестровтәи Молдоватәи Ареспублика Аԥснытәи аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба, Россотрудничество Аԥснытәи ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, еиуеиԥшым аусҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, атәыла ауаажәларратә усзуҩцәа, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, арҵаҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа, аурыс поезиа абзиабаҩцәа маҷҩымкәа.
Александр Пушкин ибаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь, еиқәшәаз зегьы рҽеибаркны рҿынархеит Аҟәатәи Аботаникатә баҳча ашҟа. Араҟа игылоу – 300 шықәса инареиҳаны изхыҵуа аҭәаҵла амҵан иацҵан ҩ-ныҳәак еидызкылаз аусмҩаԥгатә.
Аиқәшәара аадыртит уи амҩаԥгаҩцәа – Аԥснытәи аурыс культуратә Центр анапхгаҩы Наталиа Каиун, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аԥсуаҭҵаара аинститут аиҳабы Арда Ашәба.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминиср Сергеи Лавров аныҳәа иазкны иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Михаил Литвинов. Адныҳәаларатә ажәа иҳәеит иара убас Россотрудничество Аԥснытәи ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, насгьы иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриеи Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбази Аҳаҭыртә шәҟәқәа шранашьоу Урыстәылеи Аԥсни ркультуратә еимадарақәа рырҿиараҿы рлагалазы. Еиқәшәаз ирыдныҳәалеит иара убас Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа, Аԥснытәи аолимпиатә комитет ахантәаҩы Валери Аршба уҳәа егьырҭгьы.
Наталиа Каиун иазгәалҭеит: «Ҳаҭыр зқәу иаҳҭааз зегьы, ишыжәдыруа, абар, традицианы ишьақәгылеишьҭеи маҷ ҵуам Аԥсны аурыс бызшәа амш азгәаҭара. Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны ари аҽны аурыс поет дуӡӡа Александр Пушкин имшира есышықәса азгәаҭара иазкны аԥшьгамҭа ҳадигалеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа. Ҳаргьы уи ажәалагала ҳахаҵгылеит, иҳадаҳкылеит. Убри нахыс абраҟа, аурыс бызшәа амш иамадоу аусмҩаԥгатәқәа ирылагӡаны иазгәаҳҭоит зыхьӡ адунеи иадыруа аурыс поет имшира. Абар, аханатә еиԥш, ҩаԥхьа ҳаиқәшәеит, аныҳәа еицазгәаҳҭоит. Ари даара ахәшьара бзиа зҭатәу акоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа шәара ишәзыԥшуп азҿлымҳара бзиа зышәҭаша ақәгыларақәа, исахьаркны ажәеинраалақәа рыԥхьарқәа, аинсценировкақәа рыхәаԥшра.
Арда Ашәба абри ахшыҩҵак иацҵауа дазааҭгылеит: «Иҟоуп убас еиԥш апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, урҭ рыхьӡ епохак, ҭоурыхтә аамҭак ианшьаланы ирҳәартә рымҽхак ӷәӷәоуп. Убар дреиуоуп аурыс сахьаркыратә хәыцра агени Алесандр Сергеи-иԥа Пушкин. Уи иажәа, ихшыҩ, иҟыбаҩ ду анырра ҟанаҵеит апоезиаҿы, апрозаҿы, аурыс литературатә бызшәа ашьаҭаркраҿы. Аԥсны Пушкин ихьӡ-иԥша, инырра шыӷәӷәаз иаанхеит. Пушкин иҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагараҿы шьарда рылшеит, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа аԥхьа днаргыланы, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа: Баграт Шьынқәба, Леуарса Кәыҵниа, Ҷиҷико Џьонуа, Мушьни Лашәриа, Нелли Ҭарԥҳа, Платон Бебиа, Таиф Аџьба, Геннади Аламиа уҳәа. Аиҭагара аус аҟны аҭыԥ ҷыла ааннакылоит Мушьни Лашәриа аԥсышәала ирцәажәаз иажәеинраалоу ароман «Евгени Онегин».
Аусмҩаԥгатә иалахәыз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу иахьатәи аусмҩаԥгатә иалахәу, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аурыс бызшәа амши Александр Сергеи-иԥа Пушкин диижьҭеи 225 шықәса аҵреи разгәаҭарахь имҩахыҵыз зегьы. Ишыжәдыруа, Пушкин аԥсуа доуҳатә культура дахәҭакижьҭеи акрааҵуеит. Уи иҩымҭақәа, аурысшәала еиԥш, аԥсышәала аԥсуа ԥхьаҩцәа ирылаҵәахьеит, Дырмит Гәлиа инаиркны ҳашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа аӡәырҩы рыбзоурала. Мушьни Лашәриа иакәзар, «Евгени Онегин» аԥсшәахь еиҭаганы иҭижьит 1969 шықәсазы, 2017 шықәсазы – аԥсышәалеи урысшәалеи шәҟәыкны иҭыжьын. Ҩаԥхьа Пушкин ихьӡ иадҳәалоу аныҳәа ҳаиднакылеит. Аԥхьаҟагьы уи ирҿиара ҳтәылаҿы иамоу ахыԥша шацәымӡуа агәра унаргоит иахьатәи аиқәшәарагьы».
Аусмҩаԥгатә аҩбатәи ахәҭаҿы ажәа рыман Аҟәатәи аҩбатәи, ажәохәтәи абжьаратә школқәа рҵаҩцәа. Урҭ даара еиҿкааны ирыԥхьеит А. Пушкин иажәеинраалақәа, иҩымҭақәа рыла иқәдыргылеит аинсценировкақәа.
В. Ажәанба