Хәажәкырамза 27 атеатр Жәларбжьаратәи амш ауп. Иара азгәарҭоит 1961 шықәса инаркны. Уи атеатр амаҵ азызуа зегьы рзы занааҭтә ныҳәас иԥхьаӡоуп. Атематикатә цәыргақәҵақәа, аспектакльқәа, аиԥыларақәа. Гәык-ԥсыкала ирыдаҳныҳәалоит Аԥснытәи атеатрқәа рымаҵ зуа зегьы рзанааҭтә ныҳәа.
Хәажәкырамза 28 аҭоурыхҭҵааҩцәа Жәларбжьаратәи рымш ауп. Иарбан занааҭзаалак ауаҩы инапы злаку, маҷк иадамзаргьы аҭоурых дазхьаԥшуазарц, идыруазарц ахәҭоуп. Ари азанааҭтә ныҳәа хықәкыла ирыдҳәалоуп аҭоурых аҵареи, аҭҵаареи, аларҵәареи знапы алаку ауаа. Урҭ зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аманшәалареи аихьӡара дуқәеи имариам рус аҿы. Зҭоурых зхашҭыз ԥеиԥш шимам, иеизҳауа абиԥарақәагьы ирхадмыршҭлароуп!
Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр анапхгаҩы Иракли Хынҭәба имҩаԥигеит апресс-конференциа. Уи иалахәын амассатә информациа ахархәагақәа рмаҵзуҩц́әа, адраматә театр актиорцәа.Апресс-конференциаҿ Иракли Хынҭәба дырзааҭгылеит 2023 шықәсазы ртеатр аусура, ашықәс иалагӡаны иқәдыргылаз акымкәа-ҩбамкәа аспектакльқәа, урҭ ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз, иара убас Аԥсны анҭыҵ атеатр имҩаԥнагаз агастрольқәа рылҵшәа. Абри ашықәс иалагӡаны Фазиль Искандер ихьӡ зху адраматә театр ихәмарит 270 спектакль. Ари даара ихҭыс бзиоуп.…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me