ИХАДОУ
Аҭоурых
Ажурналистцәа
Ахҭысқәа
Ажәабжьқәа
Астатиақәа
Аинтервиуқәа
Аочеркқәа
Аҭыжьымҭа архив
АИМАДАРА
Аԥсны Аҳәса Реидгыла
19 Ԥхынкәын 2024 07:20
Ааигәа имҩаԥысит ҿыц иаԥҵоу аиҿкаара «Аԥсны Аҳәса Реидгыла» аӡыргара. Уи напхгара азылуеит Викториа Хәырхәмал. Аӡыргара иазкыз апресс-конференциа аартуа, лара дазааҭгылеит реиҿкаара хықәкыс иамоу.
Инарҭбааны...
Ижәлар дрыԥхеит Кавказ Аҭрышба
18 Ԥхынкәын 2024 08:02
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аколлективи гәалсра дула ирыдыркылеит Аҧсны аҵеи лаша, зыҧсадгьыли зыжәлари рзы зхы иамеигӡоз апатриот иаша, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аҧсны Аҳәынқарра ахаҭарнак иабжьгаҩ хада Кавказ Аҭрышба иҧсҭазаара дахьалҵыз. Адышшылараҿы иаҳәоит уи ихьӡ лаша наунагӡа хашҭра ақәымкәа ишаанхо.
Инарҭбааны...
Аҟәа иазгәаҭан Аԥсны жәлар рпоет, аԥсуа сахьаркыратә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи
18 Ԥхынкәын 2024 07:55
Декабр жәибжь рзы, ашьыжь ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аинтеллигенциа рхаҭарнацәа аӡәырҩы, аҿар Д. И. Гәлиа ибаҟаҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, жәлар рпоет дыргәаладыршәеит.
Инарҭбааны...
Ацитрусттә шәырқәа – Урыстәылаҟа
18 Ԥхынкәын 2024 07:22
Ҳазну аамҭазы Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рдәықәҵара мҩаԥысуеит. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла аҳазалхратә усбарҭа аушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ Адлер иахыганы ииаган 1 нызқь тонн амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Инарҭбааны...
Ҳхы иалҳаршо ауп лҵшәас иҳауа
13 Ԥхынкәын 2024 07:01
Ԥхынҷкәын 3 рзы адунеи аҿы изгәарҭеит зылшарақәа ԥку ауаа жәларбжьаратәи рымш. Аԥсны ус иҟоу, адгылареи ацхыраареи хымԥада изҭаху зылшарақәа ԥку маҷыҩӡам. Рхыԥхьаӡара рацәамзаргьы, ус иҟоу ауаа ацхыраара ахьроуа ацентрқәа аус руеит ҳтәылаҿы. Руак – агәыҳалалратә центр «Ҳара ҳаицуп» аартын 2021 ш. рзы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара «Аҿиара» захьӡу иҷыдоу апрограмма иҟанаҵаз ацхыраарала. Ацентр аԥшьгаҩсгьы, еиҳабысгьы дамоуп Милана Аџьԥҳа.
Инарҭбааны...
Алагарҭа
Анҵәамҭа
59
60
61
62
63
64
65
66
67
68
Алагарҭа
Анҵәамҭа
Адаҟьа 64 - 412
ИХАДОУ
Аҭоурых
Ажурналистцәа
Ахҭысқәа
Ажәабжьқәа
Астатиақәа
Аинтервиуқәа
Аочеркқәа
Аҭыжьымҭа архив
АИМАДАРА