Мшаԥмза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауаз, шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагаз ахәыҷқәа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭныԥсахлара аппарат иаҿаркит. Ахәыҷқәа ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп ҳәа ишьақәыргылоуп. Абри азы ҭелла реиҿцәажәараан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ииҭеит Шәача ақалақь Анреи ахәыҷреи рыхьчара Ацентр аҳақьым хада Андреи Аргунов. Иара убас ироуз абылрахәрақәа ирыхҟьаны Аԥсны Ареспубликатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша аҿы…
Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ԥшьҩык ауаа – хаҵеи ԥҳәыси урҭ ҩыџьа рхәыҷқәеи ааха роуит. Абылра ҟалеит В.Арӡынба имҩала игылоу аҩны аҿы. «Амца акит ҩ-еихагылак змоу аҩны. Иҷыдру аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥ амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ицеит 19 сааҭи 24 минуҭи рзы. Амца арцәара иалахәын амцарцәаратә гәыԥқәа ԥшьба», ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Иҷыдоу Аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура…
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иира Амш идиныҳәалеит. Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭоуп: «Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа. Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш. Урыстәыла Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала, инашәыгӡо аусгьы ахә ҳаракны иршьоит. Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала лыҵшәа змоу ҳусеицура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра». 

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me