Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысит аестрадатә шәаҳәаҩцәа рреспубликатә еицлабра «Аҿар рыбжьы». Апроект аиҿкааҩс дамоуп Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Арҿиаратә центр аиҳабы Нури Кәарҷиа.Аицлабратә концерт мҩаԥылгон ашәаҳәаҩ Инесса Григолиа.

Русура иацырҵоит

08 Мшаҧы 2024 11:02
Гагратәи араионтә хәышәтәы­рҭаҟны имҩаԥыргоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, урҭ 90 шықәса ҵуеит имҩаԥгамижьҭеи. Раԥхьаӡа урҭ аусурақәа ирылагеит 2021 шықәсазы аҿкы чымазара ианаамҭаз. Усҟан, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рнаҩсангьы, ирыҭан ацхыраара 50-ҩык ачымазаҩцәа ахьааныркылашаз аҭыԥ, аха иазгәаҭатәуп дара рхыԥхьаӡара акырӡа ишеиҳаз. Араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Индира Арсалиа иазгәалҭеит акырӡа ишамариашаз аусура уи аамҭаз.Иахьатәи аамҭазы аиҭа­шьа­қәыргыларатә усқәа хыркәшоуп аҟәшақәа ԥшьба рҟны. Аҳақьымцәа ирыдҵаало ачымзаҩцәа ацхыраара рыҭаразы, иара…
Амедицинатә ҵараиурҭа иҭаларан иҟоу рҵара ахәԥса ршәоит. Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҟны аусура иалагозар ҳәа алаҳәара ҟарҵеит Гагра араиони араионтә хәышәтәырҭеи рнапхгара.Ахәышәтәырҭаҟны азанааҭ ҷыда иазку аусзуҩцәеи амедеиҳәшьцәеи даара имаҷхо ишалагаз азгәарҭеит араионтә хәышә́тәырҭаҿы.Амедицина ашҟа аҿар рхьа­рԥшраз иазхиоуп рынхарҭа ҭыԥи рҵараиурҭеи ахәԥса ашәара. Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рыбзоурала 2023 шықәсазы аԥхын Гагратәи араионтә хәышәтәырҭаҟны аус иуан Тҟәаԥсынтәи ахирург қәыԥш.2023 ш. иалагӡаны амҩатә машьынатә машәырқәа…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me