Амшцәгьа ахҟьа -ԥҟьақәа

Иун 9 ашарԥазы излагаз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас маҷ «Сухумка» шьҭыҵит. Убри аҟнытә Лакоба имҩеи Аиҳабыратә хыбрақәа ахьыҟоу амшын аԥшаҳәа ахәҭаҟны аҳәынҵәа ықәнагалеит.

Иара убас, амшцәгьа аԥхасҭа ҟанаҵеит Кәыдрытәи амҩаду аҿгьы, Турбазеи Каштаки анхарҭақәа аӡы рыҩналеит, акыр аԥхасҭа рнаҭеит анхацәа.

Амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра мчыбжьык еиҵамкәа ҳадхалоит ҳәа адырра ҟарҵеит ақалақь анапхгара. 

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me