Аҟәа — ижәытәӡоу адунеи ақалақьқәа иреиуоуп. Сынтәа уи 2508 шықәса ахыҵуеит.Раԥхьаӡа акәны ара ауаа реиланхарҭа шьақәгылеит ҳәа иазгәарҭоит ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы, уи аахижьҭеи ҩ-нызқьи бжаки шықәса иҵхьоу ирылагӡаны аҭыԥантәи ашьхарыуа жәларқәа аԥсилқәеи абазгқәеи ркультурақәа еилаҵәон, урҭ ирылаҵәон еиуеиԥшым егьырҭ акультурақәагьы - абырзенцәа, генуиаа, аурымқәа, византиаа, аҭырқәцәа, аџьамцәа, аурысцәа уҳәа аӡәырҩы.Аха аԥсуа абиԥарақәа ашәышықәсақәа ирылганы рмилаҭтә хаҿра еиқәырхо, рбааш-хьыҵәцарақәа…
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-адыга диаспора ахаҭарнакцәа рыла еиҿкаау ансамбль «Нарҭ» рхы аладырхәит Жәларбжьаратәи афестиваль «Op Roakeldais» ҳәа изышьҭоу. Уи рашәарамза 24 инаркны 30 рҟынӡа Нидерланды имҩаԥысуан. Ансабль «Нарҭ» аԥҵан 2019 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи ақалақь Сақариа аԥсуа-адыга ҿар. Уи адунеи атәылақәа зегьы рҟны еицырдыруа, акәашаратә коллективқәа рыбжьара, ицәырнагеит аԥсуааи адыгааи ркультура ҷыда. «2023 шықәсазы Польша имҩаԥысыз афестиваль ҳалахәын, сынтәа ҩынтәны Нидерланды имҩаԥысуа ҳхы…
Google аиҭагара афункциа «Translate» акырӡа аҽарҭбааит ҳәа адырра ҟанаҵеит. Уаҟа 110-бызшәа ҿыцқәа агәылагалоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп: аԥсуа, авар, ачечен, ауаԥс бызшәақәа.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me