«Аԥсаатә шкәакәа»

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз ахаҵгыларала Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аҟны иҭыҵит иаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз аԥҳәызба Диана Гәымба лышәҟәы «Аԥсаатә шкәакәа». Ааигәа уи аӡыргара мҩаԥысит аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы.


Диана Гәымба А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт далгахьан. 28 шықәса шылхыҵуаз лыԥсҭазаара ҿахҵәеит.
1984 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала, Аԥсны анапхгара иаадырԥшыз ахаҵгыларала Алитературатә институт аҟны аԥсуа еиҭагаҩцәа разыҟаҵаразы еиҿкаахаз, жәеизаҩык еидызкылоз агәыԥ далан. Алитинститут иҭалеит жәеизаҩык аҿар: Аслан Агәмаа, Даур Аршба, Аслан Занҭариа, Илиа Гәниа, Омар Сангәлиа, Баҭаҟәа Ҭарба, Диана Гәымба, Леила Ԥачулиа, Мадина Ҭырқьба, Марина Кетиа, Алла Картозиа. Аиҭагаҩцәа ргәыԥ иахырԥхьаӡалеит иара убас даҽа ҩыџьа арԥарцәа: Александр Бардодым, Иури Лескис.
Аҿар ргәыԥ напхгара рыҭара инапы ианҵаны Москваҟа дышьҭын усҟан ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы аус зуаз апоет, аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа. Уи астудентцәа алархәны азҿлымҳара бзиа змаз аиԥыларақәа еиҿикаауан.
Диана Гәымба аханатә иааԥшит аҟыбаҩ бзиа шлылаз. Асахьаркыратә литература аԥсшәа ахьтә аурысшәахь аиҭагара лҽазылшәон, лхатәы бызшәа даара ибзианы иахьылдыруаз акыр илыхәон, егьлыцааиуан.
Аԥсуа ԥхьаҩцәа реиԥш, аурыс ԥхьаҩцәа еицгәарҭеит раԥхьатәи лԥышәара, Аҟәа иҭыҵуаз альманах «Литературная Абхазия» (1991 ш., №1) ианылеит леиҭагамҭа – Алықьса Џьениа иажәабжь «Пока дети спят». Аха лыгәҭакқәа рынагӡара дзахьымӡагәышьеит, даҽа акык-ҩбак рҟны акәымзар инхарҭәааны лбаҩхатәра аҽаанартыртә изыҟамлеит. Ега ус акәзаргьы, уиаԥсуа литература аиҭагара аус аҭоурых аҟны имҩашьауа лышьҭа анылҵеит. Еиҭалгаз рылагьы иубарҭоуп уи лҟазара есааира ишазҳауаз, иҭышәынтәаланы арҿиара ҳазшаз илаҭәеишьазҭгьы, шьарда лылшарангьы дыҟан.
Ашәҟәы иацуп Леила Ԥачулиа лаԥхьажәа «Как вспышка молнии», насгьы Диана Гәымба Алитинститут даналгоз иазлырхиаз лдипломтә усумҭа иазкны асеминар анапхгаҩы Денис Чачхалиа иҟаиҵаз ахҳәаа, лхаҭа уи иацылҵаз аԥхьажәа. Зыӡбахә ҳамоу Алықьса Џьениа иажәабжь адагьы ашәҟәы иагәылалеит аҩбатәи иажәабжь «Звездопас», иара убас Алықьса Гогәуа ирҿиамҭақәа: «Шальная кровь», «Зимняя засуха» (ароман «Асду» аҟнытә ацыԥҵәаха).

Аизга ианылеит Диана Гәымба илызку ажәеинраалақәа, урҭ авторцәас ирымоуп: Гәында Сақаниа («Мне больно сейчас…», аурысшәахь еиҭалгеит Д. Гәымба), иара убас Георги Лескис, Александр Закуренко, Мажир Кучмезов, Борис Ячменев, Леила Ԥачулиа, Гәында Кәыҵниа. Ираҩымсит Д. Гәымба лнапылаҩырақәа рыхәҭак ирықәҭыхугьы. Ашәҟәы еиднакылеит аиҭагаҩ лыԥсҭазаара ахәҭақәа ирыцу ахҭысқәа аазырԥшуа афотосахьақәа: лҭаацәа, лҩызцәа, лырҵаҩцәа рыгәҭаны дрылыҷҷо дрылубаауеит зраҟы кьаҿхаз аԥҳәызба.
Аҭы­жьымҭа еиднакылаз ажәа­бжьқәеи, ажәеи­нраалақәеи, агәалашәарақәеи ирнубаалоит ақәрахьымӡа Диана лхаҭара, лбаҩхатәра, лара лахь лҩызцәа ирымаз еиқәдырхаз ргәыблра.
Ашәҟәы аӡыргара иазкыз аиқәшәара аалыртит, егьымҩаԥылгон апоет, аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниа.
«Диана Москваҟа дцаанӡа ҳаибадыруан, аиҩызара ҳабжьан, дҟәыӷан, деилыҷҷан, егьырҭ лықәлацәа дрылукаауан, дызлареиԥшмыз лхатә ҷыдарак лылан, аԥсшәеиԥш аурысшәагьы ибзианы илыцааиуан, хымԥада, аиҭагара аус аҟны уи акырӡа илыхәон. Зегьы хьаас иҳамоу – акырӡа лразҟы кьаҿхеит. Аха лашарак ҳзынлыжьит», – лҳәеит лара.

Ажәа лыман ашәҟәы аиқәыршәаҩ, аиҭагаҩ лҩыза, апоет Гәында Сақаниа. Уи далацәажәеит Д. Гәымба лыԥсҭазаареи лырҿиареи, иналымҩатәны ашәҟәы азырхиара шымҩаԥысуаз дазааҭгылауа иазгәалҭеит: «Абри ашәҟәы Д. Гәымба лгәалашәара иадырганы иаанхоит. Сара уи аиқәыршәара уалԥшьаны исшьон, избан акәзар лареи сареи ҳаиҩызара цқьан, иԥшӡан, гәыблрала иҭәын, ҳаԥсҭазаара абзиабара ҳәаа амамызт. Уи зегьы дрылукаауан лҟазшьала, леилкаарала, лсамырҟәыл ала, дызҿыгәҳәаауаз аԥсҭазаара лҭахын, уаргьы аԥсҭазаара угәалырԥхон. Аха, лҭаацәа реиԥш, лҩызцәагьы даҳмаӡеит, ҳазхара даабаанӡа, лдунеи маӡа ҳагәылаԥшаанӡа дҳаԥхеит. Лгәалашәара амырӡра ауп абри ашәҟәы аҭыжьраҿы хықәкыс иҟазгьы. Лгәалашәара ҳцәымӡааит».
Иара убас иҭабуп ҳәа ралҳәеит аҭыжьымҭа аиқәыршәараҿы илыцхрааз зегьы.
«Диана Гәымба лыхьӡ аадыруеит акьыԥхь збахьаз леиҭагамҭа – Алықьса Џьениа иажәабжь «Пока дети спят» ала. Иаамҭамкәа здунеи зыԥсахыз аԥҳәызба абаҩхатәра шлылаз мҩашьауа иубарҭоуп. Аха лыгәҭакы дзахьымӡагәышьеит. Аԥсҭазаара иазгәышьуа икәеикәеиуа иныҵхәрааз аӡыхь, нас, ишнеишнеиуа аҽанаҵәахуа еиԥш, ари адунеи аанлыжьзаргьы, аҭыжьымҭа ала лгәалашәара еиқәхоит. Уи акыр иаԥсоуп», – иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараан.
Астудентцәа Москватәи рыԥсҭазаара аҟнытә аинтерес зҵаз ахҭысқәа игәалаиршәеит Роин Агрба.
Ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит Алитературатә институт аҟнытә лҩызцәа: Илиа Гәниа, Леила Ԥачулиа, Баҭаҟәа Ҭарба, Алла Картозиа, Марина Кетиа уҳәа егьырҭгьы.

В. Ажәанба

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me