Шамиль Афон ҿыц дынхоит. Иара есыҽны Мгәыӡырхәа ақыҭан иҟоу аетно-парк «Аԥсны» игылоу ажьирҭахь даауеит. Уаҟоуп ҳахьеиқәшәазгьы. Ҳаннеи аамҭаз апарк аҭааҩцәа ирзеиҭеиҳәон уи аус шауа.
«Аҩнгьы ажьира аҟаҵара саҿуп, аха апарк аҿы аусура иаҳа бзиа избоит. Ара еиуеиԥшым амаругақәа ыҟоуп, амеханикатәгьы уахь иналаҵаны. Саԥхьа ҩыџьа ажьицәа аус руан - Леван Лиховченкеи Дмитри Ӡиубеи. Дара роуп арахь саазгаз», - иҳәоит Шамиль.
Арԥыс ажьира аус раԥхьаӡа акәны телехәаԥшрала ибеит. Ус Аҷандара ажьирҭахь днанагеит. Уаҟа Дмитри Аџьбеи Баграт Гәылариеи ирыбзоураны аԥышәа ирҳауа далагеит. Раԥхьатәи Дамасктәи аџыр ахьиҟаиҵаз Аҷандароуп. Уи кыр зҵазкуа хҭысхеит Шамиль изы.
«Даараӡа иуадаҩуп Дамасктәи аџыр аиларҭәара. Сшәон исықәымҿиар ҳәа. Ажәытәан ҳабдуцәа ишыҟарҵоз ауп сшаҿыз», - еиҭеиҳәоит уи ахҭыс атәы.
Дамасктәи аџыр бзиарас иалоу атәы ҳзеиҭаҳәауа, Шамиль иазгәеиҭеит, анкьа аџыр ма зынӡа иџьбараны иҟарҵон, ма зынӡа иртатаны. Иџьбараз иалхыз аусумҭа ԥҵәар алшон, итатаз – хәон. Урҭ еиҿыбааны иалухуаз амаҭәар еиҳа ибзиахон. Иџьбарази итатази аихатә бӷьыцқәа акакала еиқәырҵон, уи анаҩс идыршуан, иааӡыҭуама уҳәаратәы ианааҟалалак, абура ақәрыԥсон, ажәытәан аԥслымӡ ҟарҵон. Уи иабзоураны аиха аҳауа алаломызт. Аҳауа алалар аџырқәа еилаломызт. Анаҩс, жьаҳәала еиларцалон, акны иҟаларцаз. Ишеилало еиԥш ауп аҳәызба аҿы иану асахьагьы зеиԥшрахо. Ажәакала, Шамиль илшоит иусумҭаҿы иара ихы иҭаикыз асахьа анҵара. Аха, убри аан аџыр акырынтә ирҵәиуеит, еиқәиҵоит. «Уи даара имариоу усым», - иҳәеит иара.
Шамиль далахәын 2021 шықәса рзы имҩаԥысуаз абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль. Усҟан диабадырит Брестынтәи иааны иҟаз ажьиҩ Александр Белыи. Уи Шамиль ааԥхьара ииҭеит Беларусиаҟа иԥышәа аизырҳаразы. Хымчыбжь инарзынаԥшуа арԥыс уа дыҟан. Аҟаза иҿиҵааз, изааиртыз амаӡақәа, иахьагьы иусураҿы ихы иаирхәоит.
«Аҳәызбақәа рыҟаҵара аус даара аҽаԥсахуеит, иаҳа-иаҳа иҿиоит. Аҟазацәа русумҭақәа рыҟаҵашьа дырцәгьоит, идырԥшӡоит. Аҭыԥантәи ажьицәа ԥышәак рымоуп, уа - иаҳа русура дыруадаҩуеит. Уажәы сара иҟасҵо асахьанҵа ҟазҵо ҳәа аӡәгьы дсыздырӡом. Уи Беларусиа исҵаз ауп», - иҳәоит Шамиль.
Ҳахьынӡацәажәоз иара амҿы ршьшьаны, ажьирҭа ахәышҭаараҿы амца еиқәиҵеит. Анаҩс, аӷала аҳауа анааишьҭлак, амцабз еиҳагьы аҽеибнаҭоит. Амца ахьеиқәырҵо аҭыԥ қьырмытла иҟаҵоуп, зны-зынла ажәытәан нышәаԥшьлагьы ианеибырҭоз ыҟан. Амца мҿыла еиқәырҵоит, аха рацәалоуп ашыра шарҭо. Уи Тҟәарчалнтәи иааргоит. Ахәышҭаара аганахь икнаҳауп арыҭәақәа. Дара формала еиуеиԥшым. Иҟоуҵо зеиԥшроу еиԥш, арыҭәа ухы иаурхәоит. Ажьи раԥхьа инаргыланы ажьаҳәеи арыҭәеи инапала иҟаиҵароуп, ус иаԥуп. Урҭ анаҩс ихы иаирхәоит наҟ-наҟтәи иусураҿы. Шамильгьы уи аԥҟара дацәхьамҵит. Урҭ аныҟиҵоз жәаха шықәса ракәын ихыҵуаз.
«Ажәытәан ажьицәа аҽеимаа инаркны аҩнымаҭәахәқәа рҟынӡа зегьы рнапала иҟарҵон, уажәы ажьицәа еиҳарак абџьар ауп изыдҳәалоу. Аҩназы амаругақәа иааухәар иаҳа еиӷьуп, рыхә иаҳа имариахоит, напыла иҟаҵоу аиҳа, убри аҟынтә абзазаратә маругақәа зҭаху маҷҩуп», - иҳәеит Шамиль.
Ажьи қәыԥш иҭаацәа иус аҿы ивагылоуп. Иаб есыҽны Афонынтәи Мгәыӡырхәаҟа дааигоит, дигоит. Иҩызцәа ракәзар, Шамиль иҳәызбақәа ҽырбагас ирымоуп. «Сҩызцәа иргәаԥхоит сус, еиуеиԥшым аҳәызбақәа ҳамҭас ирысҭоит азы. Сусумҭақәа раӷьырак ауаа ҳамҭас ирысҭоит, исҭииз маҷуп», - азгәеиҭеит Шамиль.
Ажьи аԥсуа ҳәызбақәа аныҟаиҵо бзиа ибоит ажәытәтәиқәа ирышьашәалан реибыҭара. Ахәы амҿы, мамзаргьы атәыҩа иалхызароуп. Ус иаҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.
Аҵарауаа аӡәырҩы ишазгәарҭо еиԥш, аиха аус адуларатә ԥашәқәа ҵаулан Аԥсны, ҳәа иҩуеит аетнолог Иури Аргәын «Жәлар рҟазара» зыхьӡу ишәҟәаҿы. Ажьиратә традициақәа аԥсуаа рыҩныҵҟа ӷәӷәала иҿианы ишыҟаз дырҵабыргуеит ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәагьы, иаҳҳәап Аинар-жьи ихаҿсахьа. Ахацәа ажьираҿы иҟарҵоз амаҭәахәқәа зегь раԥхьаӡа ахыхьчаратә, ахеиқәырхаратә ҵакы рыман. Аԥсны иҟарҵон аҳәа, аҟама, ахҿа, аиха, аигәышә, аҳәызба, ашәақь, атапанча уҳәа. Ажьираҿы иҟарҵон аманыза, акәылӡы, акәылӡы хылԥа.
Аԥснытәи ашьхақәа рыҟны еиуеиԥшым аихалыхқәа злыҵуаз амаден аман. Аха зегь реиҳа иахьыҵырхуаз ҭыԥны иҟаз аӡиас Гәымсҭа ахы ахьыҵнахуаз азааигәара иҟаз атсаҵхырҭа акәын. Ажәытәан амаденҵхыҩцәа рхы иадырхәон амцеи аӡи. Амаден ахьамаз аагәаҭаны амца еиқәҵаны идыршуан, нас аӡыхь анақәырҭәалак еиҟәышьшьон. Аиҟәышьшьарақәа асалқәа рыбжьаҵо, ахаҳәтә жьаҳәала иаасуа амаден злаз ацаҟьа амдырԥон. Ҳәарада, иахьыхараз, иахьыҳаракыз аҟнытә амаден ыҵхны аагара даара ихьанҭаз усын. Аԥхын мзақәа заҵәык ракәын аус аныруаз. Амаден ахаҭа ааргон ҽыла, ҽадала. Ауаа ахьынхоз илбааганы идырҭәон. Зхаҭабзиара ҳаракыз абҩа аиуразы амаден ҩынтәгьы идырҭәар акәын.
Даараӡа анаукатә интерес рыҵоуп аԥшьбатәи, афбатәи ашәышықәсақәа рзы Дамасктәи аџыр ҳәа изышьҭоу иалхны иҟаҵоу, Аԥсны ирыԥшаахьоу аҳәақәеи аҟамақәеи. Дамасктәи аџыр зегь реиҳа зхаҭабзиара ҳараку ҳәа иԥхьаӡоуп. Аҷандареи Ҵабали ирԥшааз аҳәақәеи аҟамақәеи ԥшьба Дамасктәи аџыр иалхны иҟаҵоуп. Уи аџыр – шаҟантә еилаурҭәо аҟара иӷәӷәахоит. Убас Аԥсны ирбаз аҳәақәа руак аихеи аџыри 66-нтә реидырҭәаларатә пластинақәа рыла ишьақәгылоуп. Абас еиԥш аҟазара ду аԥсуаа римлианаа ирҿырҵаазар ҟалоит, ҳәа иҩуеит Аргәын.
Абасала, ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны Аԥсны ибзианы иҿианы иҟан амаденҵхреи, аихаӡарҭәареи, ажьиреи. Аҵыхәтәантәи еиқәханы иҟазар, егьырҭ зынӡаск иҿыцәааит.
Шамиль иусумҭақәагьы аихатә ҽыҭқәа ирылихуеит, мамзаргьы, еиуеиԥшым аџырқәа еилаҵаны, еиҿыбааны, еиларҭәаны иҟаиҵоит. Уи ажьицәа зегь реиԥш иҭахуп игәараҭаҿы ихатәы жьирҭа иргыларц. Ари аус иара изы иԥсыршьагоуп. Иақәнагоу аҵасқәагьы дрықәныҟәоит. Амц иҳәаӡом, амаҭ ишьӡом. Ажьирҭа ныхоуп, иԥшьоу ҭыԥуп, ҳәа иԥхьаӡоит.
Альбина Жьиба