Аргылара иаҿуп аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Аилазаара «Трансекосистема» аиҳабы Саид Амҷбеи уи ихаҭыԥуаҩ Оқтаи Хазиришии аҭыԥ ддырбеит, ирзеиҭарҳәеит аусура шымҩаԥысуеи апроект аԥхьаҟа аҿиареи ртәы.
Саид Амҷба Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи анапхгареи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы.
Атерминал 250 м. аҵанакуеит, аҭбаара – 500 м., аихамҩатә мҩақәа рыла еиқәыршәоуп, иара убас авагонқәа аидара рықәхразы аҭагылазаашьа аԥҵоуп. Аҭыԥ аҟны иаԥҵахоит аконтеинерқәа рақәхреи рыҵәахырҭақәеи, иааидкыланы зныкала 1200 контеинер рҭыԥ ыҟоуп.
Аинфраструктура иаҵанакуеит абылрацәыхьчаратә система, иара убас уи иалнаршоит аԥхьаҟа ацитрустә аалыҵи ирласны ибжьысуа аидарақәеи Урыстәылаҟа рдәықәҵара.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны иаахәан зхала иныҟәо акран «Zoomlion», 450 тонна аидара шьҭызхуа, ааигәа атәылахь иаашьҭын, иагьеибыҭан.
«Ари акран 300 контеинер зкуа аӷба ақәҵара алшоит. Иаахәоуп 45 тонна аидара шьҭызхуа», - иазгәеиҭеит адиректор ихаҭыԥуаҩ Оқтаи Хазириши. Иара убас иҳәеит, еилаӡарала Китаинтәи дшааз амашьынаргыларатә еилазаара анџьныр, аҭыԥантәи аспециалистцәа акран аусушьа дзырҵо.
Атерминал ахаҭарнакцәа ҷыдала иаҵшьны иазгәарҭеит рҽеимаданы, ҳәоуеиқәшәала русура иамоу аҵакы. Уахь иаҵанакуеит аидара амҩангареи еихамҩалеи мшынлеи аныҟәарақәа реимадара. «Акраҵанакуеит ари апроект комплексла азнеира, ҭыԥк мацара иадҳәаланы акәымкәа. Ҳара жәларбжьаратәи атранспорттә бжьысырҭа иахәҭакны иҟало аинфраструктура аԥаҳҵоит. Хықәкыс иҳамоуп Урыстәылантәи егьырҭ атәылақәа рҟынӡа аидарақәа лассы рнагара аиҿкаара, аекспорт еиԥш аимпорт азгьы, - иҳәеит Окҭаи Хазириши. – Ҳгәыӷуеит, Очамчыратәи абаӷәаза атранспорттә мҩақәа рыҟны хадара злоу хәҭаны иҟалап ҳәа».
Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит, Аԥсны аекономика арӷәӷәареи арегион алогистикатә лшарақәа реиӷьтәреи рзы аинфраструктуратә проектқәа ҷыдала ирымоу аҵакы атәы.
Аобиект аҟны аргыларатә усурақәа рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп ҳазну ашықәс нанҳәамзазы, ахархәарахь ирыҭахоит цәыббрамзазы.
Аслан Бжьаниа иара убас абаӷәазахь инагоу автомашьынамҩа дахәаԥшны ибеит. Очамчыра араион ахада иажәақәа рыла, ари аҭыԥ аҟны амҩа ҵнаӡәӡәаауеит амшын ӡы. «Зынӡа 700 метра амҩа рӷәӷәатәхоит», - иҳәеит Б. Бигәаа.
* * *
Аҳәынҭқарра Ахада Мрагыларатәи Аԥсны Лабра ақыҭа аӡахәааӡарҭақәа дырҭааит.
Аилахәыра «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» аиҳабы Николаи Ачба Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аинвестициатә программа анагӡашьа шымҩаԥысуа атәы.
Иазгәаҭатәуп, Аԥсни Урыстәылеи рнапхгара ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны Урыстәылатәи аган алшара шаԥнаҵаз Урыстәылатәи абанкқәа аԥсуа усдкылаҩцәа рзы льготатә процентла (6%) акредиттә ресурсқәа рзоужьразы.
Ишьақәырӷәӷәоу аинвестициатә проектқәа рахьтә ари зынагӡара мҩаԥысуа ируакуп.
Николаи Ачба излазгәеиҭо ала, азауад адгьылҵакыраҿы иҟалоит аресторан, акоттеџьқәа, Аԥсны аӡаахәаӡара аҭоурых иазку амузеи, апарк. Ахада дазҵааит шаҟа усурҭатә ҭыԥ ҟалозеи ҳәа. "Апроцесс активла ацара иаҿуп. Иааидкыланы, иҳабжьаҳҵаз аилаӡара инақәыршәаны 250 ҭыԥ инеиҳаны иҟалар акәхоит», – иҳәеит анаплакҩы.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы Аԥсны ари апроект иамоу аҵакы.
Очамчыра араион Ахада Беслан Бигәаа иазгәеиҭеит, Мрагыларатәи Аԥсназы ас еиԥш апроектқәа рынагӡара иамоу аҵакы, насгьы урҭ апроектқәа араион економикала ашьҭыҵра шалдыршо.
Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәарақәа ирылахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, уи ихаҭыԥуаҩ Зураб Қаџьаиа, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.