Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра: амшцәгьа бааԥс ахҟьаԥҟьақәа

Аԥсныпресс. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Гагра ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи Гагра араион ақыҭақәа рхадацәеи алархәны Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа инамаданы аилатәара ҷыда мҩаԥигеит

Абҵарамза 26 ауха инаркны ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа зегьы, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра араион аҟны Аиқәырхара-ԥшааратә гәыԥ, Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, ирӷәӷәоу арежим ала аусурахь ииаган. Абригадақәа зегьы аҵх шаанӡа амҩақәа ирнаҳалаз аԥша иканажьыз аҵлақәа рҟынтәи идрыцқьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра ақалақь Ахадара ап­ресс-маҵзура.

 Шьыжьы инаркны амчқәа зегьы амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иазкын. Аиҳарак ахшыҩзышьҭра аҭан ауааԥсыра ргәабзиара ахьчареи ршәарҭадара аиқәыршәареи. Аӡхагаларатә станциақәа аӡы ахьрыҵалаз инамаданы, аамҭала аӡыржәтә ала аиқәыршәара ԥкуп.

Џьара-џьара атрансформатортә станциақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны, фымцала аиқәыршәара аамҭала иаанкылоуп. Ақалақь амаҵзурақәа зегьы иахәҭоу анапынҵақәа рыҭоуп.

Абҵарамза 26-27 ауха Амшын Еиқәа ацәқәырԥареи  амшцәгьеи иахҟьаны, аԥшаҳәа иахьаҵанакуа, аиҳарак Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи ааха роуит, Адлер - Хәасҭа рыбжьара аихамҩақәа рҿы афымца ыцәеит, аҵлақәа аихамҩа ианаҳалеит. Иара убас Лазаревскаиа астанциаҿы аихамҩа аӡы иқәнаӡӡәааит. Амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит, аха иҟоу адыррақәа рыла аихамҩаҿы аҭагылазаашьа уажәазы иҭышәынтәалоуп, уи ааха амоуӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥсны аихамҩа».

Аихамҩатә станциа «Ԥсырцха» азааигәара аихамҩа иҵыҩрыз аҵла анаҳалеит, абригадақәа иарбоу аҭыԥ дрыцқьахьеит.

Гагра араион   афымцаҳа макьаназы амашәыр зхылҿиааша аҭагылазаашьа амоуп.

Пицунда ақалақьи Алаҳаӡы аҳаблеи рҿы звольт ҳараку цәаҳәак-цәаҳәак аҿыхуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

Бзыԥ аҳаблаҿы фымцала аиқәыршәара инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп.

Гагра араион ахәҭак амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит. Убас, Гагра ақалақь аҿы аҩнқәа рыӷәраҵақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны фымцалашарада иаанханы иҟоуп Абазгаа рымҩаҿы игылоу аҩнеихагылақәа.   

 

* * *

Иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы иахҟьаны хәҭакахьала Аҟәа ақалақь аҿы ахатәы ҩнқәак ааха роуит. Ҩыџьа ауаа аӡы зҵалаз аҭыԥқәа рҟынтәи иахыгоуп. Аҳҭны-қалақь аҿгьы аԥсеиқәырхаҩцәа иҟалаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me