Сынтәа 90 шықәса ахыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла.
Акрызҵазкуа ари аиубилеи азгәаҭан Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны.
Аиубилеитә ныҳәа актәи ахәҭа мҩаԥысуан атеатр афоие аҿы, араҟа ицәыргақәҵан аԥсуа сахьаркыратә литература аира, аҿиара зыбзоуроу ҳашәҟәҩҩцәа дуқәа, аԥсуа литература аклассикцәа рфотосахьақәа. Амилаҭтә библиотека аҟнытә иеиҿкаан ашәҟәқәа рцәыргақәҵа.
Агәырӷьаратә еиԥылара аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иҳәеит: «Ахатәы бызшәа ала иаԥҵоу аԥсуа литература аӡыргараҿ аус ду мҩаԥыргоит ҳарҵаҩцәа. Урҭи ҳареи ҳусура еимадоуп. Ҳажәҩа еибыҭоуп иаԥсоу абиԥара реиҵааӡараҿ. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит русуразы, Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа абзоурала 6 школк рҿы алитературатә кружокқәа аартуп, иахьа араионқәа рҿгьы. Иахьа раԥхьаӡа акәны аԥсуа литература арҵаҩцәеи, акультуратә хәышҭаарақәеи адипломқәеи Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаҳшьоит».
Адипломқәа хьыӡҳәала иранашьан: Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра, Баграт Шьынқәба Иҩны-амузеи, Владимир Анқәаб ихьӡ зху, аԥсуа-адыга ацентр аиҳабы Ахра Анқәаб, Ҷыҷыкәа Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратәи ашкол. Иара убас аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан апоет, ажурналист Алхас Чхамалиа, Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҷандаратәи абжьаратә школ, Ҳараз Чамагәуа ихьӡ зху Гагратәи аԥсуа бжьаратә ашколи рыҵаҩратә еилазаареи, насгьы зҽалызкааз арҵаҩцәа зегьы. Уи иҳараку амиссиа налыгӡеит апоетесса, Дырмит Гәлиа ипремиа алауреат Гунда Сақаниа-ԥҳа. Еизаз рҿаԥхьа лхатәы жәеинраала даԥхьеит апоетесса Гунда Кәыҵниа-ԥҳа. Иара убас лара идлырбеит зынӡагьы иумоуа, 90 шықәса зхыҵуа ашәҟәы, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иақәлоу, Леуарса Кәыҵниа ипоема «Шьаризан», уи лара хаҭала илиҭахьан еицырдыруа аԥсуа классик Џьума Аҳәба, «абри ҵәахы, ҳашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иақәлоуп» ҳәа лаҳәаны. Иахьа уи иҳәахьа налыгӡеит. «Мышкызны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапылаҩырақәа рмузеи аиҿкаара ҳзалыршозар уаҟа иахыԥхьаӡалахоит», азгәалҭеит Гәында Кәыҵниа-ԥҳа.
Аныҳәа иалахәыз рҿаԥхьа ихатәы жәеинраала даԥхьеит апоет Анатоли Лагәлаа, уи изкын аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа. Аԥснытәи аҳынҭқарратә университет астудентцәа Елана Ԥачлиа, Гәдиса Қәычбериа, Кама Кәарацхьелиа инарыгӡеит Дырмит Гәлиа иажәеинраала иалху ашәа.
Аиубилеитә ныҳәа аҩбатәи ахәҭа иацҵан атеатр азал ду аҿы. Уи аартын Аԥсны Агимн арҳәарала.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иаазыркьаҿны дазааҭгылеит аԥсуа сахьаркыратә литература аиреи, ашьақәгылареи . «Аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭаҵан 1912 шықәсазы иҭыҵыз Дырмит Гәлиа ишәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи» ала, ҵәҩанк ала аанда узызышуам, аханатә Дырмит Гәлиа имала дыҟан, аха нас иааивагылеит Самсон Ҷанба, Мушьни Аҳашба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Иван Папасқьыр, Миха Лакрба уҳәа убас егьырҭгьы. 1933 шықәсазы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵахеит, напхгаҩыс дарҭеит Самсон Ҷанба. Уи харада ахара идҵаны 1937 шықәсазы дандырӡ ашьҭахь ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дахагылеит Леуарса Кәыҵниа, уи инахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иахагылан: Гьаргь Гәлиа, Хәыхәыт Бӷажәба, Иван Ҭарба, Мушьни Лашәриа, Баграт Шьынқәба, Алықьса Џьонуа, Алықьса Гогәуа, Алықьса Лашәриа, Никәала Кәыҵниа, Терент Ҷаниа, Анзор Мықәба. Зегьы иаадыруеит, 1937 шықәсазы харада ахара рыдҵаны идырӡит ҳашәҟәыҩҩцәа хатәрақәа Самсон Ҷанба, Леонти Лабахәуа, Владимир Агрба. 1937 шықәсазы ақырҭуа алфавитахь ииаргеит, уигьы азмырхаӡакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ҵысит. Уаҟагьы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аибашьра ицеит, аӡәымкәа ҩыџьамкәа рыхгьы ақәырҵеит.
1950-тәи ашықәсқәа рышьҭахь Аԥсны азын, аԥсуа литературазы ахҭыс бзиақәа ҟалеит, 1955 шықәсазы иаԥҵан алитературатә журнал «Алашара», нас уи ашьҭахь ахәыҷтәы журнал «Амцабз». Амилаҭтә литература алшарақәа есааира рыҽдырҭбааит 60-80-тәи ашықәсқәа раан. Ишдыру еиԥш, аԥсуа шәҟәыҩҩы игәы рҭынчны уск мацара даҿны дҟамлаӡац. Уи еснагь ҩба-хԥа ус еилеигӡон. Ауаажәларратә усура, аполитикатә усура уҳәа. Ауаажәларратә политика аҭагылазаашьа шьаҭас иҟаҵаны иаԥырҵеит ауаажәларратә хеидкыла «Аидгылара», уи напхгара аиҭон ашәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа – аригьы иҳанаҳәо рацәоуп.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз раԥхьатәи амшқәа рзы лыԥсадгьыл лхы ақәылҵеит апоетесса Саида Делба, иналукааша апоет Таиф Аџьба хабарда дыбжьаӡит. Иҟан ажәала еибашьуаз, зыжәлар рхьаа рыцеиҩызшоз ҳашәҟәыҩҩцәа, урҭ Аԥсны анҭыҵ еиҭарҳәон миллионла ирацәаз амилаҭ ду ақырҭқәа аԥсуа жәлар маҷ ҳақәхра хықәкыс иҟаҵаны, ишаҳзаԥшьыргаз аибашьра.
Ҳазну аамҭазы иҳамоуп ҳзықәгәыӷша абиԥара ҿа Нонна Џьынџьал, Алхас Чхамалиа, Дырмит Габелиа, Аҟалӷьба Абзагә, Аинар Ҷыҭанаа – арҭ ааигәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иаларҵеит.
Алитература аҿиараҿы аҵак дуӡӡа амоуп алитературатә критикцәа русура. Аҭҵаарадырра аганахьала даараӡа ҳрықәгәыӷуеит аиҳабыратә абиԥара: Руслан Қапба, Владимир Занҭариа, Зураб Џьапуа, Валентин Кәаӷәаниа, Виачеслав Бигәаа, узеигәырӷьаша араҟагьы ахьӡ ҿыцқәа аҵагыло иалагеит. Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аҿар аҭҵаара аус рнапы алакуп.
«Аԥсуа бызшәа ҟамлар, аԥсуа литература ҟамлар, аԥеиԥш амамзар аԥсуа ҳәынҭқаррагьы аԥеиԥш амаӡам» ҳәа Владислав Арӡынба иажәақәа зегьы ҳлымҳа иҭаҩлароуп. Ари адунеиаҿ ҳаҟазаара анарха азҭо ахатәы бызшәа шакәу дырны, ҳажәлар зықәгылоу ауасхыр есымша ирӷәӷәалатәуп. Атехнологиа ҿыцқәа, ицәырҵуа алаԥшхырԥагақәа, убарҭгьы абызшәа иацхраауа иаҳзыҟаҵар, ҳәарада зегь ҳзы иааироуп. Еснагь иҟан ажәа, нагӡара ақә́зааит аԥсуа иажәа!»– абас ихиркәшеит Аԥснытәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит уи ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Фазылбеи Аҩӡба.
Ажурнал «Алашара» аредактор Анатоли Лагәлаа иқәгылараҿы дазааҭгылеит ҳарҿиаҩцәеи ҳаԥхьаҩцәеи реимадара азҵаара. Урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Николаи Фиодор-иԥа Иванов адныҳәалара ҟаҵо, ҳашәҟәыҩҩцәа Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа рырҿиаратә еихьӡарақәа рзы иранеишьеит Васили Шукшин ихьӡ зху ахьтәы медалқәа, иара убас, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу ианашьан А.Пушкин ихьӡ зху ахьтәы медал.
«Ҳара еилаҳкаауеит, иҟоуп аекономика, афинансқәа, аха зегь реиҳа ихадоу – иҟоуп ажәа, аџьынџь, адоуҳатә шәарҭадара, ҳарҭ ашәҟәыҩҩцәа уи еилаҳкаауеит зегь реиҳа», – абас ихиркәшеит иқәгылара Николаи Иванов.
Жәларбжьаратәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Иури Виктор-иԥа Коноплианников аҳаҭыртә грамотақәа ранаишьеит: Алықьса Гогәуа, Геннади Аламиа, Мушьни Лашәриа, Анзор Мықәба, Вахтанг Аԥҳазоу.
Аиубилеитә хәылԥазы аҿы адныҳәаларатә ажәахәқәа ҟарҵеит иара убас Геннади Аламиа, Олег Етлухов, Инал Гыцба, Светлана Қорсаиа.
Аиубилеитә хәылԥазы хыркәшан аконцерт ала.
Зқьышықәсала иқәыҩлааит Аԥсуа Ажәа Аԥсны!
Наира Сабекиа