Ааигәа амедиамаҵзура Sputnik Аҧсны Аҟәеи Москвеи рыбжьара еиҿнакааз авидеоцҳаҿы тема хаданы иқәгылан: «Аҧсны адемографиатә ҭагылазаашьа. Мҩақәас иҟоузеи уи алҵразы?». Аҧсны аганахьала уи алацәажәара иалахәын аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ Асҭанда Ҳашба, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет амилаҭтә економика акафедра адоцент, асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аусзуҩ Хаҭуна Шаҭиҧа. Урыстәыла аганахьала – адемографиеи, амиграциеи, арегионтә ҿиареи…
Адунеи иқәынхо ажәлар, егьа ашәышықәсақәа, азқьышықәсақәа царгьы рхатәы ҭоурых еиқәырханы ирымоуп. Уи аҳратәра аныҟаз аамҭа, амчра змаз аҳ икәша-мыкәша, иара дызхагылоу аҳәынҭқарра иқәынхо иуаажәлар ҭаҷкәымҵас еилаҵәаны иҟалартә дрызныҟәон. Османтәи аимпериа аагозар, заҟа шықәса Абжьаратәи Азиа, Мраҭашәаратәи Европа уҳәа иаҵанакуаз, Кавказ иалаҵаны, адгьылқәа инапаҿы иҟаз? Убарҭ зегьы еидызкылоз, еидызҳәалоз аҧҟарақәа амилаҭ иқәынхоз еилымхӡақәа, даҽа формак ала рызнеишьа иақәшәон.
Иапониатәи аоператә шәаҳәаҩы Масаши Тсуӡи (Masashi Tsuji) Иапониа аконцерт аҟны аҧсуа гарашәа «Шьышь-нани» наигӡеит. Аҧсышәала ашәа атекст аҵараҿы дицхрааит Германиа иҟоу Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба. «Ари ашәа Иапониатәи азыӡырҩцәа аршанхеит», – абас сзиҩит Масаши… Уи Берлин сиҧшааит Англиатәи апрофессор-кавказҭҵааҩ, акыр иаҳзаҧсоу Џьорџь Хиуитт ибзоурала. Масаши аҳәара ҟаиҵон Германиа ашәа аҧсуа текст аҵараҿы ацхыраара изҭаша аӡәы иҧшаара.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me