С.Кәарҷиа М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт даналга ашьҭахь, раҧхьа лзанааҭ ала аусура далагеит дахьиз-дахьааӡаз Отаҧ ақыҭан. Отаҧтәи абжьаратә школ аҟны 7-шықәса аиҵбыратә классқәа рҿы рҵаҩыс аус луит.
Анаҩс, Д.Гәлиа Иҩны-музеи ахь диасит. 12 шықәса араҟа аус луит аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс, амузеи аҭоурыхи, араҟа иҵәаху амаҭәарқәеи, Д.Гәлиа иҭынхеи рзеиҭалҳәон уахь имҩахыҵуаз аҭааҩцәа.
Уи лажәақәа рыла, амузеи аҟны гәахәарала аус шылуазгьы, лгәы лыхон лырҵаҩратә занааҭ ахь, ҳарҵаҩ илҳәарызеи ҳәа илзыҧшуаз ахәыҷқәа рҿаҧхьа ҩаҧхьа аурок амҩаҧгара даара лгәы азыҳәон.
Аҧсны Аџьынџьтәылтә еибашьра ашьҭахь, шықәсқәак ааҵхьаны инаӡеит Светлана Ардашьыл-иҧҳа лгәаҳәара, аусура далагеит Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны аиҵбыратә классқәа рырҵаҩыс. Уижьҭеи 6-абиҧарак еиҵалааӡахьеит, рбызшәа агәыбылреи абзиабареи рылааӡаны аҧсышәала ихәыцуа, ицәажәо адыррақәа рыҭаны иоулыжьхьеит.
Аҧышәа бзиа змоу арҵаҩы ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит, аҵара аиура инаҷыданы, ихадараны ишылшьо ахәыҷқәа аҧсуаҵас рааӡара. Абызшәа абзиабареи, рыжәлари рыҧсадгьыли ргәыбылреи рыланы рааӡара хымҧадатәиуп ҳәа лгәы иаанагоит.
Аиашазы, ҧсабарала даара иҧшӡоу, ҭоурыхлагьы ибеиоу, Аҧсуара ашьаҭа ахьыҕәҕәоу ашьха қыҭа Отаҧ ииз аҧҳәызба аҧсуа ицәаҩа ҟазшьа бзиақәа хырҩа ахьрылҭо уаҩы иџьеишьартә иҟам. Уи дызлааӡоу, лшьа-лда иалоу аҟазшьа бзиақәа рылалааӡоит изызҳауа абиҧара ҿа, ирылҭо адыррақәа инарываргыланы. Даара зҿабызшәа хаау, зыҿҵаарагьы мариоу рҵаҩуп. Зегь раҧхьаӡагьы уи ахәыҷқәа досу хаҭа-хаҭала рҟазшьа гәаҭаны рымаршәа кны рызнеишьа дақәшәоит. Еснагь аҿыц дашьҭоуп, аурыс методика еиҭаганы ахархәара аналҭогьы ыҟоуп, лассы-лассы имҩаҧылгоит иаарту аурокқәа. Ахәыҷқәа зегьы еиҧшны дырзыҟоуп, еилых лымам. Урҭ аҵара ргәы ақәҧымҵәарц ибжьалгалоит ахәмаррақәа, ларгьы данрыцхәмаруагьы ыҟоуп. Ажәакала, илахҿыхны имҩаҧылго аурокқәа ирыбзоураны ахәыҷқәа ирызгәамҭакәан, ирмарианы аҵара рылшоит апрограммаҿы изхысраны ирбоу аҵатәхәқәа.
«Арҵаҩра – ари сара исыҧсҭазаароуп. Иага сгәалаҟазаара ҽеимзаргьы акласстә уада санааҩналалак иаразнак инасыхҟьоит. Ахәыҷқәа сшаарылаҧшлак сымчқәа ааҩбахоит, «амҵәыжәҩақәа» соуеит. Ахәыҷқәа исырҭоит агәалаҟазаара бзиеи «амҵәыжәҩақәеи», – дҳацәажәон арҵаҩы.
Ахәыҷқәа рааӡараҿы иаалырҧшыз ақәҿиарақәеи урҭ адыррақәа рызнагараҿы лџьабааи рзы уи иланашьоуп аҳаҭыртә шәҟәқәа маҷымкәан.
«Рҵаҩык иаҳасабала сышьақәгылареи, иара уи азанааҭ алхрахь схьаҧшреи зыбзоуроу аҧышәа змоу раҧхьатәи сырҵаҩцәа Раиа Мамиа-иҧҳа Адлеиба, Лили Панџьа-иҧҳа Адлеиба роуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит иахьа акыр абиҧара еиҵазааӡахьоу арҵаҩы.
«Ҳара ҳҭаацәараҿы 7-ҩык ахшара иҳазҳауан, 4-ҩык аишьцәеи, 3-ҩык аиҳәшьцәеи ҳаҟан (иахьа ҩыџьа сашьцәа рдунеи рыҧсаххьеит). Саб Ардашьыл Кәарҷиа, ақыҭаҿы зны дыбригадирын, даҽазных аферма деиҳабын, акраамҭа ҳасеибеилыргаҩыс дыҟан, аҩны даҳбаӡомызт шамаха. Ажәлар дырзааигәан, урҭ рҿы ҳаҭыр иман. Ахәыҷқәа ҳааӡараҿы аџьабаа збоз ҳан Сариа (Дусиа) Амқәаб-ҧҳа лакәын. Усҟантәи аамҭеи уажәи еиҿырҧшны сахәаҧшуазар, ҳара ҳазлааӡаз Аҧсуареи абызшәа агәцаракреи иахьа инаскьазшәа збоит», – лҳәеит аҿар рхымҩаҧгашьа иҵегьы иҿырҧшыган илбарц шылҭахәу азгәаҭо.
Иахьа аҧсшәа ззымдыруа аҿар ахьырацәоу лгәы иаланы, «ахәыҷқәеи аҭаацәеи рацәак рхараны избом сара хатәы бызшәала иахьымцәажәои иахьырзымдыруеи рзы. Иааҳакәыршаны имҩаҧысуа аглобалтә цәырҵрақәа ирыхҟьоит еиҳарак сгәанала. Аинтернет ахархәара, амультфильмқәа, асахьаркыратә фильмқәа аҧсышәала еиҭагоу шыҟоугьы, аинтернет аҟны еиуеиҧшым ахәмаррақәа инадыркны урыс бызшәала иуҧылоит, уи азҿлымҳара арҭоит ахәыҷқәа. Уи инаҷыдангьы уахьнеилак аурыс бызшәа аҧыжәара амоуп ҳтәылаҿы, аизарақәа, аилатәарақәа инадыркны урыс бызшәала имҩаҧаагоит. Ҳәарада, арҭқәа зегьы анырра ҟарҵоит», – лҳәеит уи.
«Иахьа ахәыҷ бзиақәа ҳамоуп. Аҧсшәа ззымдыруагьы, аҧсуаҵас ааӡара рымоуп, аламыс, ауаҩра рылоуп. Ажәакала, урҭ абызшәа аҿы заҵәык ауп иахьхьысҳау. Ҳхәыҷқәа амҩа иаша рықәҵаразы ҳарцәымаашьароуп, иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп. Зхатәы бызшәа ззымдыруа, уи аҩнаҭаҿы измаҳауа ирҵара ауадаҩра ацуп, аха «аиҳабгьы-аиҵбгьы, зегь ҳамчқәа еибаҳҭар ҳбызшәа еиқәхоит, аҿиара аиуеит. Хаҭала, сара сыҧсҭазаараҿы ҿыц азанааҭ алхра слахьынҵахозҭгьы, ҩаҧхьа иалысхуан арҵаҩ изанааҭ, гәыҵхас исымоу ҳҵеира рхатәы бызшәала иҩуа иаҧхьо аҵарадырра рыҭаразы» – азгәалҭеит Светлана Ардашьыл-иҧҳа Кәарҷиа-ҧҳа, ҳаицәажәара ахыркәшараан.
Светлана Ардашьыл-иҧҳа дызлоу, аус зцылуа арҵаҩратә еилазаара – «аҭаацәара» ду аҿы ҳаҭыр лықәуп, бзиа деицырбоит, лааӡамҭацәеи лоушьҭымҭацәеи ракәзар, лассы-лассы дыргәалашәоит, лџьабаа азы «иҭабуп» ҳәа ларҳәоит. Ҳәарада, арҵаҩы изы ҳамҭас иҟоу зегьы иреиҳауп иааӡамҭацәа иџьабаа андмырӡуа.
Алиса Гәажә-ҧҳа