Ашәарҭадара алыршаразы

23 Ԥхынкәын 2022 08:03
Атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьеи, азеиԥш шәарҭадареи, азинлеишәеи ралыршара азҵаарақәа ирызкын Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба имҩаԥигаз аусуратә еилацәажәара.

Аимадарақәа ирыцҵауа

23 Ԥхынкәын 2022 07:52
Жәлар Реизара адепутатцәа Ахра Ԥачлиеи Асҭамыр Герхелиеи ықәгылеит «ИАР атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицуразы аполитикатә партиақәеи агәыԥқәеи рфрак­циақәа русеицура аҵакы» ҳәа III Жәларбжьаратәи аконференциа аилатәараҿы. Урҭ рықәгыларақәа рҿы иазгәарҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи иҵаулоу аҭоу­рыхтә еимадарақәа шрымоу.
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ансамбль «Шьараҭын» ахкынагӡаҩцәа иреиуаз, Урыстәыла аҟазаратә коллективқәа «Кавкази» «Уральские зори» напхгара рызҭоз, Пицундатәи акәашаратә ансамбль «Аламыс» асахьаркыратә напхгаҩыс иҟаз, иахьагьы арҿиара знапы алаку Уасил Григори-иԥа Ақаҩба иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп абри анҵамҭа.

Таҷ Гыцба изкны

23 Ԥхынкәын 2022 07:45
Иҧсҭа­заара далҵит аҧсуа хаҵа-нага, Аҧсуара ныҟәыз­­гоз, асоветтә аамҭазы аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭ­ратә қәҧара иалахәыз, аџьабаа азыз­бахьаз, Аҧсуа ҳәынҭқар­ратә музеи аҟны аҭҵаарадырратә зҵаарақәа знапы ианыз адиреқҭор ихаҭыҧуаҩыс аус зуаз, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭ­ҵааҩ, «Ҳаҭыр зқәу адоқҭор», «Ахьӡ-Аҧша» аорден занашьаз Таҷ Шьаабан-иҧа Гыцба.

Аԥсны Жәлар Реизараҿы

23 Ԥхынкәын 2022 07:44
Абарҭ амшқәа рзы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепу­татцәа актәи аԥхьарала ирыдыр­кылеит 2023 шықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет. Уи ааигеит Аԥыза-министр ихаҭы­ԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсны аҳәынҭқарратәи ареспубликатәи абиуџьетқәа ршәага-загақәа шьақәыргы­­лоуп 2022 шықәса ииуль 28 азы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәна­рӷәӷәаз асоциал-економикатә рҿиара Аиндика­­тивтә план ашьаҭала.

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me