86 шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрс, АССР Иреиҳаӡоу асовет адепутатс, 1993-2005 шықәсқәа рзы Аԥсны афинансқәа рминистрс аус зуаз Бганба Лили Дыгәыжь-иԥҳа.
Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа есымчыбжьатәи аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгараҭареи атәыла Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган афымцамч ахархәара агәаҭаразы амаругақәа раахәара инамаданы аинфраструктуратә кредит иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рзы аизара иалахәыз адырра рылҭеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рнаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәлар­бжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәылахь аинтеграциа адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.
Хәажәкыра мза 30 рзы Башкор­тосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров напхгара зиҭоз аделегациа официалтә визитла Аҧсны иаҭааит. Аделегациа иалахәын Башкортосҭан Ареспублика Аҧыза-министр Андреи Назаров, Башкор­тосҭан Ареспублика Аҳәынҭқар­ратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы ихаҭыҧаҩ Рустам Ишмухаметов, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратов, адәныҟа економикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычева, аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Аибулат Хажин, анаплакреи атуризми рминистр ихаҭыҧуаҩ…
Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз аусдҵа инақәыр­шәаны хәажәкыра 1 инаркны рашәарамза 1 азынӡа ашәарыцаҩцәа абгақәеи, абгалаџқәеи, абгахәыҷқәеи рышьразы иреишәарыцоит. Ихацырку ауснагӡатә иабзоураны шәи хынҩажәи жәаба хы инарыцны агыгшәыг ршьхьеит. Иҳаҩсыз аҧсшьара мшқәа рзы Очамчыра араион аҟны еиҿкаан зымҽхак ҭбааз ашәарыцара. Аҧхасҭа ҕәҕәа ҟазҵо агыгшәыг рхыҧхьаӡара агырхара, мамзаргьы аҭышәныртәалара азҵаара цәырҵижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рыҩнуҵҟа ари азҵаара акырынтә…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me