Еснагь иҩызцәа рыгәҭа дгылан

Ауаҩы изы зегьы раасҭа ихадароуп ҳәа сгәы иаанагоит дзызку аус нҭырҳәыцааны ианидыруа, иус дазҟазоуп ҳәа аџьшьарақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа акымкәа-ҩбамкәа ианиоуа, уи иаанагоит дызҿу иус дазшоуп, даманшәалоуп ҳәа.


Убас иҟаз аԥсуа хаҵа, апринципра злаз, зажәа акралнадоз, гәамчлагьы иӷәӷәаз иакәын аԥырҩы ду Костиа Фиодр-иԥа Кәыҵниа.
Костиа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) ҟалаанӡа ахьӡ-аԥша ирҳахьан, иреиҳау аҳаирпланқәа ируаку «ТУ-154» ирԥыруан. Иҩызцәа еиҳа еиҵбацәан. Сара исгәалашәо иреиуоуп: Славик Ешба, Нодар Гьерзмаа, Ранель Латариа, Алеқсеи Коӷониа убас ирацәаҩны акырынтә Ҭхьына иман днеихьан. Уа ианхәа лхала аҩны дахын, аха лысас-хәы еснагь имазеин, ачеиџыка пату лзақәын. Даргьы рхы ҳаҭыр ақәҵаны абырг лчеиџьыка агьама рбон. Цхыраарак анылҭахызгьы рхы ршаҭомызт, илывагылон. Урҭ – аԥсуа ԥырҩцәа раандаҟаҵашьа иахьагьы иахаану иргәалашәоит…
Иагьараан Москва ҳаирпланла ҳаигахьан.
Костиа аҳаирԥлан зырԥыруаз иҩызцәа командирс дрыман. Иԥсҭазаара ахәҭак дшьауардынха ажәҩан агәаҿы ихигахьан. Дҭаацәаран, иԥшәма Надира Думааԥҳаи иԥацәа ҩыџьеи, аԥырҩцәа рықалақь ҳәа иахьашьҭаз аҩнеихагылаҿы инхон.
Аибашьра ҟалаанӡагьы, ақырҭуа милаҭеилыхҩцәеи ҳареи аус ахьеицаҳуаз ҳааибӡомызт.
Костиа аҳаирбаӷәазаҿы аус ицызуаз агыруа ҳәсақәа аибашьра ианалага инцәыҵкәыр-аацәыҵкәыруа ацәгьа рҳәон, ақырҭцәа аинформациа рырҭон.
Абри аамҭазы ауп аԥырҩы Алеқсеи Коӷониа иеихсны даныршьыз, дызхыршьааз ҳәа акы ыҟаӡамкәа, дахьаԥсыуаз азы мацара.
Зыцәгьа рҳәоз рсиа Костиагьы данын… Аԥсуаа рахьтә уи еилызкааз ахаҵгылеит, аха ирылшагәышьоз, ргәырҽанын ауп.

Анаҩс, ишаадыруа еиԥш, ақы—рҭцәа уахыки-ҽнаки рыла аԥсуаа ҳрылгоит ҳәа ӡбаны рырмчқәа, Қырҭтәыла рбахҭақәа ирҭакыз раԥхьа инаргыланы, аԥсуаа иҳажәырҵеит.
Аҳаирбаӷәаза аҟынтә ргәылацәақәак рыцхыраарала, Костиа иҭаацәа иманы шьапыла далҵит, ицеит иаб иҩнра ахьыҟаз Аҭараҟа. Аҭарагьы аҭагылазаашьа цәгьан. Убри азы ахәыҷқәа Ҭхьынаҟа, ранду лахь иргеит. Урҭ аныргоз (аибашьраан уи џьашьатәымызт), Аҭараа рхәыҷқәа аӡәырҩы, Ҭхьына еиҳа иԥхьакырҭоуп ҳәа ирыцыргеит.
Ԥыҭрак ашьҭахь Костиа ихәыҷқәа ран дры­цҵаны вертолиотла Гәдоуҭаҟа идәықәиҵеит.
Костиа иԥшәма Гәдоуҭа днеины лшьамхы еиқәыршә дтәамызт, лхәыҷқәа лыманы арахәааӡарҭа афермаҿы аусура далагеит. Аԥхьаҵәҟьа ирнырит амлагьы ахьҭагьы, аха нас рыԥсы еиқәдырхеит. Костиа иԥа Адгәыр иахьа аполковник ичын имоуп, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа дреиуоуп, иус аҿы данмаҷыз еиԥшҵәҟьа дҿырԥшыгоуп, хҩык ахәыҷқәа драбуп.

Костиа иԥеиҳабы Ҭемыр, аибашьраан, Аԥсны Ахада иабжьгарала, Маиҟәаԥ иреиҳау аҵараиурҭахь ирышьҭыз дреиуоуп. Уи, дзышьҭыз хьымӡӷ димыргеит, аспирантура анаҩс, аҭоурыхҭҵааҩ изанааҭ ала адиплом ҟаԥшьқәа ҩба иманы Аԥсныҟа, дхынҳәит. Иахьа, иашьа иеиԥш, армаҭәа ишәуп, аподполковник ичын имоуп. Уи анаҩсгьы, изанааҭ хада ала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҭоурых иазку алекциақәа дрыԥхьоит.
Костиа иеиԥш иҟаз ауаҩы аибашьраан ихы ԥхьеикыр ҟалозма!? Иҩызцәеи иареи Ҭхьына, иаразнак авертолиот ахьтәашаз аҭыԥ аздырхиеит. Иара еиҳабыс дарҭеит. Уи даара аџьабаа ацын. Акәаҷабқәа аркны наҟ-ааҟ авертолиот бжьалартә, имырҩашьакәа аиҿкаара мариамызт. Арахь авертолиот аара хәшәын – абџьар аанагон, ианцоз ахәцәа агон. Ари аус аҿы алеишәа џьбара даара ихадаран. Иацыз акәамаҵамақәа рацәан. Авертолиот анаауаз ажәлар аднагалон, зегьы ҟазшьала еиԥшума, игәамҵынгьы иҟамыз. Авертолиот анцоз «ҳҭеимыртәеит, ҳауимышьҭит» ҳәа ахысра иалагозгьы ыҟан. Авертолиот ицаны аарагьы ашәарҭара ацын.
Абас еиԥш иҟаз аԥырҩы Костиа Кәыҵниа иӡбахә ишахәҭоу еиҭ­­аҳәамкәа иаанхар ры­ц­ҳарами…
Аибашьра ашь­ҭахь ари аҟара ­аџьа­баа збаз уи ­изыннажьыз агәыхь иԥ­сҭазаара аркьаҿит. Иԥацәа анааиҵагылашаз, еиҳагьы ­иажәа ­ҟәыши ­ишә­­шьыреи ан­ырҭахыз, 62 шықәа дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит. Аха иԥшәма, Надира Думааԥҳа лхы аҵамырхакәа дааиуеит, иахьагьы лыхшара рзы дыбӷоуп, лмаҭацәа лыԥсы рыҿҳәароуп. Амаҭацәа аҵара бзианы ирҵоит, рабду иӡбахә рдыруеит, игәалашәара ҳаҭыр рзақәуп. Костиа Фиодар-иԥа Кәыҵниа аибашьраҿы иибаз аџьабаа азы ианашьоуп "Агәымшәаразы амидал". 

Клара Думаа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me