Иамҩоу, иамҩаму ?

Ҳаԥсацәа арҵаҩцәа дасу рышколқәа рҿы аԥсышәала аԥхьара ддырҵоит ахәыҷқәа, даргьы аԥсуа шәҟәы иаԥхьозар акәхап…


Аха урҭ аӡәы дҳаҵҳаҵо, схәыҷқәа змыԥхьац аԥсуа шәҟәык ыҟазар идсырбап, ма сара саԥхьап ҳәа аӡәы дашьҭаны иубаӡом, ма абри аԥсуа газеҭ иҭыҵуа сара изысмоуазеи ҳәа, ма схәыҷқәа асырԥхьап ҳәа, шамахамзар, аӡәы дашьҭаны убаӡом, ма ҳаргьы абри ҳгәы иаанагоит ҳәа акы агазеҭ ианырҵауам! Мшәан, абарҭ роуми ҳара аԥсацәа ҳаинтеллигенциа, абарҭ роуми ҳаԥсуа патриотцәа, абарҭ роуми ҳарҵаҩцәа, амҩа бзиа ҳақәызҵауа, ҳара абзиарахь ҳазгауа, ахшыҩ ҳзырҵауа? Егьымҳәаӡакәа аума ак шаҳдырҵауа, егьҟамҵаӡакәа аума абзиарахь ҳшыргауа, ахәыҷқәа акгьы иамырԥхьаӡакәа аума акы шыддырҵауа?! Ас ҳаԥхьагылацәа акгьы рымҳәауазар, акгьы рмыҩуазар, аԥсышәала акгьы иамыԥхьозар, дара рзы даара иԥхашьароуп, ихьымӡӷуп. Арҭ акгьы рымҳәар, акгьы рымҩыр, урҭ ирышьҭагылоу иҟарҵарызеи, ирылшарызеи, раԥхьагылацәа иҟарҵо еиԥш акәхап урҭгьы иҟарҵалаша.
Абарҭқәа рахь, аӡәык-ҩыџьак ракәымзар, рыҩнқәа ахала аҵыхәала еимударгьы, аԥсуа шәҟәык џьара машәыршақәгьы иубауам. Аԥсуа шәҟәқәа уажәы ицәгьа-ибзиа 32-ҟа ыҟоуп. Аԥсацәа! Абри абас иамҩоума?!

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me