Аҧсҭазаара азакәанҧҟарақәа реилагара ауаҩы имч ақәхом… Ааигәа лдунеи лыҧсахит ауаҩы лаша ҳәа ҳзышьҭаз арҵаҩы, ааӡаҩ нага Инесса Григори-иҧҳа.
Милаҭла иаурысыз арҵаҩы илыкәаҕҕа еснагь илывагылоз аҧсуаа рхәыҷқәа ракәын. Дара роуп аурыс бызшәагьы злырҵоз. Лымчи лылшарақәеи еимаданы лыҧсадгьыл азы илылшо ала амҩақәҵаратә усқәа мҩаҧго ацхыраара рылҭон еиҵагылоз абиҧара.
Ҧшьынҩажәи жәаба шықәса раҧхьа шьҭрала и-Аҟәатәыз Родионоваа рҭаацәара Аҧснынтәи Свердловск ақалақь ахь ицеит. Уа маи мза 14, 1936 шықәсазы диит заҧхьаҟа аҵара-ааӡараҿы аус дуқәа знапы рылазкраны иҟаз, ҳмилаҭ аразҟымҩа иашьҭалараны иҟаз Инесса Григори-иҧҳа. 1941 шықәсазы лаб аибашьра данца лан лхәыҷқәа рҩыџьагьы лыманы Аҧсныҟа дхынҳәит. Рынхарҭа азааигәара иҟаз абыжьбатәи ашкол дҭарҵеит, дагьалгеит қәҿиарала. Уинахыс иреиҳау аҵара дҭаларцаз Ленинградҟа дцеит. Ҩ-ҧышәарак бзиаӡаны илҭихьан, ахҧатәи атәым бызшәа-афранцыз бызшәа акәын. Уи лара даараӡа ибзианы илдыруан, избанзар ланду-аҳкәажә Александра Александр-иҧҳа Гагарина дшыхәыҷыз иллырҵахьан. Аха аҵараиурҭаҿ дрыдрымкылеит. «Атәым тәылақәа рҟынтәи иаауа аҳәсахәыҷқәа рыдкылара азин ҳамаӡам»- ҳәа анларҳәа дхынҳәуеит Аҧсныҟа. Аҧсны аҭоурых-филологиатә ҟәшахьы лхы лырхеит.
Аҵара қәҿиарала даналга Родионова И.Г. ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол ахь усура дрышьҭуеит. Раҧхьа аурыс еиҵбыратә классқәа шлымаз аурыс бызшәа дырҵаразы диаргеит аҧсуа сектор ахь. Усҟантәи аамҭаз арҵагатә материалқәа маҷын, арҵагатә шәҟәқәа хьысҳан, иҧсахтәқәаз рацәан. Еизҳауаз абиҧара рҵара-дырра аизырҳаразы арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара напы алыркит. Аметодикатә цхыраагӡақәа раҧҵараҿгьы лхы ҧылшәеит. Акыр шықәса аҧсуа хәыҷқәа аҵара дырҵо лыхгьы аус адылулон, урҭ рыхшыҩ ауасхыр азышьҭаҵараҿгьы ллагала маҷым. Аиҵбыратә 2, 3, 4-тәи аклассқәа аурыс бызшәа арҵара знагашьатә хархәагақәа аҧсуа секторқәа рзы аиқәыршәараҿы илывагылан авторцәа Ҭыжәба Евелина Леуан-иҧҳа–аиҵбыратә классқәа рҟны аҵара аҟәша аиҳабы, Жьаниа Саида Иури-иҧҳа – арҵаҩы. Урҭ рыбзоурала иахьа ҳ-аҧсуа школқәа арҵагақәеи ацхыраагӡақәеи рыла еиқәыршәоуп, аинститути ашколи рҿы аусура еилалыгӡон. Лыҭҵаарақәеи лурокқәеи хеибарҭәаауан. Аҵыхәтәанынӡагьы ирҽеины еиҭаҭыжьуа лылаҧш рхылгон, ирыгу-ирыбзоу харҭәаауа, аус рыдуланы илырҽеиуан.
Аҧсшәа азыӡырҩра бзиа илбон, зны-зынла ажәақәак лҵон. Лыҧсҭазаараҿ лхы илзанамыжьуаз, уажәшьҭа рҽеишьа змам гра дуӡӡаны илымоу ҳәа илшьоз ианлаамҭаз, аҧсшәа ахьылымҵаз аҟнытә иахьа иахьылзымдыруаз акәын. Ҧсадгьылс илымоу, дызланхо лыуаажәлар рбызшәа ахьылымҵаз лхы илзанажьуамызт. «Аҧсны иқәынхо дарбанызаалак идыруазароуп дахьынхо Аҳәынҭқарратә бызшәа. Сара сааизар аҧсуаа срыдҳәалоуп, урҭ рҵасқәа , рқьабзқәа пату сызрықәуп. Сымаҳә, смаҭацәа ҧсыуаауп. Аҧсуа ихымҩаҧгашьа, исасдкылашьа даҽа милаҭк ирылаҩашьом. Сара еснагь аҧсуаа рыгәҭа сгылоуп, знымзар зны стәымны схы сымбеит», –лҳәеит Инесса Григори-иҧҳа шықәсқәак раҧхьа санлыҿцәажәоз.
И. Г. Родионова лыҧсадгьыл Аҧсны анакәха, уи шьала-дала изтәу аҧсуаа дырхаҭарнакны лхы лбон. Аҳкәажә Гагарина лмаҭа ишлышьашәалаз лыхьӡ лҽақәыршәаны аамысҭашәала лхы мҩаҧылгон. Милаҭла иоурысым абызшәа дырҵараан ицәырҵуа ауадаҩрақәа еилкааны иахьатәи аҧсуа бызшәа аҭагылазаашьагь даргәамҵуан. 33 шықәса- Ашьхаруаа рышкол, 27 шықәса Гәылрыҧшьтәи абжьаратә школ, иааицуҵар 60 шықәса инарзынаԥшуа лусура ззылкыз ахәыҷқәа аҧсуа секторқәа ирывганы «Схәыҷы сара сиқәиҭуп, иахьысҭаху дсышьҭуеит» ҳәа анырҳәоз лгәы лнархьуан. «Абызшәа аныӡ амилаҭгьы аныӡаауеит»- ҳәа дыгәжәажәон.
Ииашаҵәҟьаны, насыҧ змаз уаҩын Инесса Григори-иҧҳа. Лыҧсҭазаараз акы дахашшаауамызт, зегь ырҧшӡаны, ирхааны дрыхцәажәон. Гәынамӡарак ыҟамкәа аҧсҭазаараҿ иҟалашам, аха лара зегьы шәыга ҧшӡала илшәуан. Ауаа, аҧсабара, адунеи, аҧсҭазаара уҳәа рахь илымаз абзиабара лыцрымшәо илыцын. Аҵыхәтәантәи ҳаиқәшәараан ашкол шаанлыжьхьазгьы лҵаҩцәа дрызҿлымҳан, зеиҕьашьарак аҳасабала изызҳауа аҿар аҵара рҵо, еибашьрак рымбакәа зтәыла иаҧсоу ҵеицәаны иҟаларц илныҳәон. Лусурамшқәа лгәы иҭнымҵәо иҟазҵаз лҵаҩцәагьы рзанааҭ агәыблра ҿымцәаарц рзеиҕьалшьон. Ҳаргьы, акыр шықәса аус лыцзухьаз арҵаҩцәа ҳлызгәдууны даараӡа ҳаҭыр лықәаҳҵон.
Амреиҧш зхы-зҿы лашоз ҳарҵагашәҟәқәа реиқәыршәаҩ, аҵарауаҩ, «Зҽаҧсазтәыз арҵаҩы» ахьӡ ҳаракы иаҧсахахьаз лыразреи лыҳалалреи наунагӡа иаанхоит аус лыцызуаз ҳгәаҿы.
Нонна Џьынџьал-ҧҳа