"Злахьынҵа зцымныҟәаз" – абас ахьӡуп Аџьар Ҟаҧшь Жәларбжьаратәи Аилак Амиссиеи "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аҧсны анацәа" Рхеидкылеи еицҭрыжьыз ашәҟәы. Ари 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан хабарда ибжьаӡыз ирызку ажәабжьқәа реизга мацара акәым. Уаҟа икьыҧхьуп аибашьра анцоз хабарда ибжьаӡыз 151-ҩык рҭаацәеи, ргәакьацәеи, рҭынхацәеи ргәалашәарақәа. "Шамахамзар иуҧыхьамшәо, хабарда ибжьаӡыз аҧсҭазаара ишахәаҧшуаз, ишгәныркылоз зныҧшуа дунеихәаҧшышьоуп", – абас иҩит аҭыжьымҭа иациҵаз…

Аиааира амш иахьымӡаз

16 Цәыббра 2022 08:19
Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аҧша амузеи аҿы еизгоуп ақырҭуа-аҧсуа еибашьра иадҳәалоу хәы-змам аҭоурыхтә експонатқәа. Амузеи аусзуҩцәа урҭ есааира ихадырҭәаауеит, уаанӡа аӡәгьы иимбацыз, аҵак ду змоу, ацәыргақәҵатә експозициақәа хазырҭәааша аекспонат ҿыцқәа рыҧшаауеит.

Хьӡы игарц ауп...

16 Цәыббра 2022 08:17
Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра ианалага аҧсадгьыл ахьчаразы аӡәк еиҧш игылеит Аҧсны аҵеицәа. Урҭ рзыҳәан гәыҩбара ыҟаӡамызт аиааира шыргоз азы. Избан акәзар, ирыхьчон рыҧсадгьыл, рыҩны, рҭаацәа. Аиаша агәрагара, уи аиааира агара шалшо азы гәыҩбара амамзаара, ҳаибашьцәа урҭ адоуҳамч дук рынаҭон.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me