Мшаҧы 26, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааира амш иахьымӡаз

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-Аҧша амузеи аҿы еизгоуп ақырҭуа-аҧсуа еибашьра иадҳәалоу хәы-змам аҭоурыхтә експонатқәа. Амузеи аусзуҩцәа урҭ  есааира ихадырҭәаауеит, уаанӡа аӡәгьы иимбацыз, аҵак ду змоу, ацәыргақәҵатә експозициақәа хазырҭәааша аекспонат ҿыцқәа рыҧшаауеит.

Араҟа ицәыргақәҵоу аматериалқәа зегьы, шамахамзар, аибашьцәа-аветеранцәа, мамзаргьы иҭахаз рыуацәа амузеи иарҭаз аҟәырҷахақәа роуп. Ақырҭуа-аҧсуа еибашьра еилгеижьҭеи  аамҭа маҷымкәа ишцахьоугьы, иахьа уажәраанӡагьы зыӡбахә ҳәам, зфырхаҵара аарҧшым аҧсадгьыл ахьчаҩцәа рхыҧхьаӡара рацәаҩуп. Амузеи аиҳабы, Аҧсны Афырхаҵа Мзиа Беиа лажәақәа рыла, аибашьра иадҳәалоу  иарбанзаалакгьы аматериалқәа дара рзы аҵакы ҕәҕәа рымоуп. Аиааира амш ҩажәи жәба шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы дара ирҭахуп аекспозициа ҿыцқәа раҧҵара, убри аҟынтә ааҧхьара ҟарҵоит, аибашьреи аибашьцәеи рыӡбахә зҳәо аматериалқәа змоу, урҭ амузеи иарҭарц азы. Аибашьцәа рҭаацәа арахь иаарго аҭоурыхтә материалқәа амузеи аусзуҩцәа рыхӡыӡаауеит, дара  ирылшо зегьы ҟарҵоит урҭ реиқәырхаразы.

Ҩнызқьи жәибжь шықәса рзы  Аҳәынҭқарратә музеи аколлекциа харҭәаахеит аҧсадгьыл ахьчаҩ, Аҧсны Афырхаҵа Иури Қәычбериа ихьыӡ зҳәо аекспонатқәа рыла. Иури иан Ламара Қәычбериа лзы ари ашьаҿа аҟаҵара акыр ихьанҭан. Ҩажәихәба шықәса рыҩныҵҟа лҧазаҵә Иури Қәычбериа дызлеибашьуаз иабџьари имаҭәеи ҭаҵәахны илыман лара. Ан илҳәоит аибашьраан лҧа ишәыз амаҭәа шылмыӡәӡәац, уи ифҩы ахымҵырц азы. Иури имаҭәеи, ифотосахьақәеи, идокументқәеи, ибџьари заҵәык роуп иара иҭынхаз. Убри аҟынтә афырхаҵа иан илцәыцәгьан урҭ амузеи ахь рнагара. "Иҵәахны аҩны иаанхар, Иури иуацәеи иҭахцәеи рыда уи иҭоурых аӡәгьы издырӡом. Исҭахуп уи иҭынхаз абџьар ицеибашьуаз иҩызцәа ртәы иавагылазарц",- лҳәеит Ламара Қәычбериа. Ан иазгәалҭоит аҩны иҵегь ирацәаны лҧа имаҭәа шлымоу, аха амузеи иалҭаз лара лзы еиҳа аҵакы змоу шракәу.

Иури Қәыҷбериа дабиҧазаҵәын. Аибашьра аналага иаразнак абџьар шьҭыхны иҩызцәа дрывагылеит. Раҧхьа деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы, иара дызлаз агәыҧ напхгара аиҭон Аҧсны Афырхаҵа Мушьни Хәарцкьиа. Араҟа ауп иара ибзианы иахьиҵаз ПТУРС ҳәа изышьҭоу,  акәылӡтәы техника ҧызжәо абџьар ахархәашьа. Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаҩа шықәса ноиабр мзазы Иури Қәычбериа Мрагыларатәи афронт ахь диасит. Арахь данаауаз иара иааигеит ПТУРС-и, автоматқәеи, аџьаҧҳани. Ҳәарас иаҭахузеи, бџьарла рацәак еиқәшәамыз Рекаа реибашьцәа уи ргәы шышьҭнахыз. Ааигәа иҟаз ақырҭуа қыҭақәа рҟынтәи Река ақыҭа лассы-лассы иалахысуан атанкқәа рыла. Мышқәак рыҩныҵҟа Иури Қәычбериа илшеит аҕацәа ркәылӡтәы техника ахьтә ҩба рыҧжәара. Иара ашәареи ахьаҵреи закәу  издырӡомызт, дашьҭаӡамызт  ахыхьчара.  Агәра игон аиашара, ихаиҵон ари аибашьраҿы аҧсуаа шаиааиуаз.  Иури Қәычбериа дрылахәын Мықә, Маркәыла, Баслахә, Ҧақәашь, Бедиа уҳәа ақыҭақәа жәпакы рҿы имҩаҧысуаз ажәыларақәа. Иааидкыланы иара илшеит аҕа итанкқәа жәаҩа рыҧжәара. Иури ицеибашьуаз ирҳәоит уи ихымҭа кашәара шақәмыз. Еснагь икылкааны дышхысуаз, иабџьар зқәикыз, иҭирҟьаз ахы шақәиршәоз. Иара идыруан аџьаҧҳаны аҧшаара шаҟа иуадаҩыз, убри аҟынтә иҩызцәа дрылабжьон  ирымоу еиҷаҳаларц азы.

Аҧсны Афырхаҵа, абиҧазаҵә Иури Қәычбериа Аиааира амш дахьымӡеит. Фырхаҵарыла дҭахеит зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы ииуль ҩба Тамшь ақыҭан. Иара ҩажәи жәаба шықәса ракәын ихыҵуаз, дҭаацәараӡамызт. Данҭаха ашьҭахь аҧсадгьыл ахьчаҩ гәымшәа Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me