Пицундатәи афестиваль хыркәшахеит

Апатриархалтә уахәама аҭӡамцқәа рыҩнуҵҟа имҩаԥгаз аконцерт ду ала ихыркәшахеит Пицундатәи афестиваль.
Пицунда афестиваль фымш ицон – ԥхынгәымза 29 инаркны нанҳәамза 3 рҟынӡа. Уи аамҭа иалагӡаны артистцәа жә-концертк мҩаԥыргеит.
Бжь-ҳәынҭқаррак рҟынтәи артистцәа ауаа ирыдыргалеит 24 номер – аинструменталтә, авокалтә, ахортә композициақәа рыла.
Урыстәылеи Ермантәылеи рҟынтәи артистцәа Богдан Гуеноки Жан Мартиросиани Аҳәынҭқарратә хортә капеллеи инарыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа “Ауардын”.
Акомпозициақәа рахьтә даҽакгьы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Назырбеи Ебжьноу игәалашәара иазкын.
Аныҳәа хыркәшахеит, ишаԥу еиԥш, аԥсуа ашәала. Аҳәынҭқарратә хор инарыгӡеит “Шьардаамҭа". Афестиваль асахьаркыратә напхгаҩы Барас Кәыџба инапхгарала.
Аусмҩаԥгатә хыркәшо, Кәыџба алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иагьазгәеиҭеит ахәаԥшцәа ргәы ҟазҵаз амузыкантцәа абаҩхатәра злоу артистцәа рымацара ракәымкәа, ауаа нагақәа, аџьашьахәқәа шракәу.
Пицундатәи афестиваль Аԥсны ҩынтәны имҩаԥысуеит. Сынтәа уи фымш ицон. Аԥсны, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Чин, Азербаџьан, Белоруссиа, Ермантәыла рҟынтәи артистцәа жә-концерттә программак ықәдыргылеит.

Анталаа Аманда

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me