Аҧсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Ааигәа Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара изаамҭанытәыз аилатәара мҩаҧысит. Амшхәаҧштә аҿы иқәгылан жә-зҵаараки, ацхыраагӡақәа ҧшьбеи.

Актәи азҵаара азкын Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара 2025-тәи ашықәс азы аиндикативтә план ашьақәырҕәҕәара. Уи атәы инарҭбааны дазааҭгылеит Аҧсны аекономика аминистр Кристина Озган. Еизакны иуҳәозар, 2025 шықәсазы атауарқәеи, аусуреи, ацхыраареи рымҽхак иартәоит 196 миллиарди 283 миллиони 984,7 нызқь мааҭ (аинвестициатә программа шалоу азгәаҭаны). Уахь иалоуп: ақыҭанхамҩа – 11 миллиарди 591 миллиони 914 нызқь мааҭ, адәныҟаекономикатә усура – 59 миллиарди 351 миллиони 000 нызқь мааҭ.

Аекономика ахырхарҭа ала 2025 шықәсазы ахашәала еизакны иартәоит 8 миллиарди 790 миллиони 965,5 нызқь мааҭ, уи ала иубарҭоуп 121,8% рыла ишеиҳау, 2024 шықәсазы иҟаҵаз азгәаҭақәа 49,6% раасҭа.

Еиҳарак ахәаахәҭра амҽхак еиҳахоит (61%), ааглыхра (9%), акурорти атуризми (9%).

Аекономика аганахь ала ахашәала амҽхак иартәоит: ахәаахәҭра (35%), ааглыхра (15%), акурорти атуризми (22%), аимадара (10%).

Изхәаҧшыз азҵаарақәа рҟны иҟан аҳәынҭқарратә усбарҭа хада хазы игоу азинмчы ахархәара аҭара «Аинвестициатә еиҩызара».

Аҧсны афинансқәа Рминистрра ақәшаҳаҭрала Аҧсны аиустициа Аминистрра иадуп иалкааны ахашәалеи ахарџьи ҳасаб рзура аинвестициатә еиҩызара аганахь ала.

Аиустициа Аминистрра иадырҵеит анотариус аҟны иаадыртуа  агәраргагақәа шынарыгӡо, адокументқәа шырҵәахуа, аинвестициатә еиҩызара аиқәшаҳаҭра аинформациа, рнапы анаҵаҩу арыцхә, аиҩызаратә напхгаҩы, аинвестициатә еиҩызара анапаҵаҩра амч анаиоуа.

Иара убас иахәаҧшын «Аҳәынҭқарратә информациатә система аҧҵашьа астратегиатә планҟаҵара». Ари адокумент ишьақәнаргылоит аҳәынҭқарратә информациатә система астратегиатә планҟаҵашьа аусура, технологиала адҵаҟаҵареи, алингвистика ахархәареи, аинформациа аус адулареи, аҳәынҭқарратә информациатә система астратегиатә  планҟаҵашьа егьырҭ аинформациатә системақәа рҟны.

Аҧсны аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба иажәахә аҿы иазгәеиҭеит, автомашьынатә транспортла  амҩангарақәеи  абылтәы-хьшьтәы маҭәахәқәа иааидкыланы рыҭиразы алицензиа рыҭара.  Иара дазааҭгылеит алицензиақәа шрыҭахо: апассаџьыр ныҟәызго автотранспортқәа, жәларбжьаратәи амашьынатә еидара мҩангагақәа, абылтәы-хьшьтәы маҭәахәқәа рыҵәахреи еизакны рыҭиреи.

Иазхьаҧшит иара убас  «Агәабзиарахьчара Аминистрра кадрла аиқәыршәаразы асистема» аҧсахрақәа алагалара. Аҧсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба дазааҭгылеит, Ҟәбантәи Ставропольтәи амедицинатә университетқәа рҿы аҵара зҵоз ҩыџьа астудентцәа егьырҭ афакультетқәа рахь иашиасыз.  Урҭ рҭыҧан ишрыдыркылаз актәи ахәбатәи акурсқәа рҟны итәоу, ҩыџьа астудентцәа, занааҭла «ахәышәтәратә ус» ала аҵара зҵо.

Иара убас иазгәеиҭеит, ҳазҭоу ашықәс инаркны аҳәынҭқарра  ахарџь ала аҵара шырҵо иреиҳау амедицинатә ҵараиурҭақәа рҿы аординатура аганахь ала  х-ҩык астудентцәа. Абарҭ азанааҭқәа рыла: «аҧсихиатриа», «арентгенологиа», «апедиатриа».

Анаҩс аҧсахрақәа алагалан Аҧсны Аџьынџьтәылатә   аибашьраан  (1992-1993 ш.ш.) хабарда ибжьаӡыз ирызкны иаҧҵаз акомиссиа .

Уи  аилазаара шьақәирҕәҕәоит Аҧыза-министр. Акомиссиа шьақәгылоит акомиссиа ахантәаҩи, уи ихаҭыҧуаҩи, аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩи, акомиссиа алахәылацәеи рыла.

Изхәаҧшыз азҵаарақәа руак рҟны иҟан зыҿҳәара кьаҿу  хықәкылатәи апрограмма «Ҳазҭоу ашықәс азы Аҧсны имаҷуи ибжьаратәуи анаплакқәа ацхыраара рыҭаразы» аҧсахрақәа алагалан. Уи атәы дазааҭгылеит Аҧсны аекономика аминистр Кристина Озган. Ари апрограмма ацхыраара анаҭоит ҧарала ареспубликатә биуџьет аҟынтә 100 миллион мааҭ. Уи ныххоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: анапҟазареи  анаплакра знапы алакуи – 2 493 640 мааҭ; ааглыхреи ацхыраареи – 33 561 574 мааҭ; азеиҧш крыфара-чара – 19 847 286 мааҭ; атуризм – 44 097 500 мааҭ.

Ирыхәаҧшын иара убас егьырҭ еиуеиҧшым хра злоу азҵаарақәагьы.

Стелла Сақаниа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me