Аҭоурых иазынхаз

Ашьха ашьапаҿы аҽеиҵыхны ишьҭоу ақыҭа Дәрыԥшь жәытәнатә аахыс аҭоурых ду аман. Аԥсуа жәлар рлахьынҵа ахьырыӡбоз Лыхны еиԥш, Асовет Еидгыла аамҭазгьы аколнхара-миллионер ҳәа изышьҭаз Дәрыԥшь аҵакы ҳаракны ишьан.

Асовет ҳәынҭқарра аҳәаанырцәтәи асасцәа анаҭаауаз иҟан Аԥсныҟа Дәрыԥшьҟа имҩахыргоз Убас иаҭаахьаз иреиуоуп Канада, Венгриа, Болгариа, Германиа, Куба, Чили, Англиа, Марокко, Виетнам, Франциа, Китаи уҳәа реиԥш иҟаз атәылақәа рнапхгаҩцәа. Ақыҭа аԥшӡареи, анхацәа рысасдкылареи џьашьатәыс ишьҭырхуан зегьы. Урҭ иҭабуп асасдкыларазы ҳәа анҵамҭақәа аанрыжьуан ақыҭа «Асас дахьқәа рышәҟәаҿы». Ақыҭа иаҭаауаз иахьымҩахыргоз Аԥсны еицырдыруаз, зҳәатәы иазыӡырҩуаз абыргцәа рахь акәын: Ҭаркьыл Маҳҭы, Ҭаркьыл Мақьҭаҭ, Арӡынба Манча, Арӡынба Зосим, Ҭаниа Шоҭа, Арӡынба Џьоҭа, Гәыгәнаа Иасон, Гәынба Даҭикәа, Быҭәба Рамиз, Арӡынба Григори уҳәа реиԥш иҟаз ирылшон Аԥсны аҵасқәеи ақьабзқәеи рыԥсадгьыл асасцәа ргәаҟынӡа анагара. Иахьа уажәраанӡагьы ажәлар ргәалашәараҟны иаанхаз алафгьы зхырҳәаауа хҭысуп Фидель Кастрои Никита Хрушьчови Дәрыԥшьаа ианырҭааз. Усҟан, Хрушьчов игәаԥхазаап абырҷманчаԥа, уи азоуп иахлафуа ачаи плантациақәа ықәганы, абырҷман еиҭашәҳа иҳәеит ҳәа зырҳәо.
Убас шьҭа 65 шықәса шҵуагьы, иахьа уажәраанӡа Дәрыԥшь ақыҭауаа рҭоурых ианалацәажәо иахыҽхәаны ирҳәоит рқыҭа иаҭаахьоу асасцәа дышреиуаз адунеи зегьы еицырдыруа Виетнамтәи Адемократиатә Ҳәынҭқарра ахада, акоммунист Хо Ши Мин. Уи Аԥсныҟа иаара, Дәрыԥшь ақыҭа аколнхацәа гәаартыла дышрыдыркылаз, нас дшымҩахыҵыз Ҭаркьыл Мақьҭаҭ игәараҭахь, уаҟа Мақьҭаҭ имаҭа Зелита хәыҷи иареи реиԥылара атәы зҳәоз ахҭыс анылеит ииуль 19, 1959 шықәса аҽны иҭыҵыз агазеҭ «Советская Абхазия» аномер. Иара убри аиԥылара иахҳәааны иҩуеит ажәеинраала асовет поет Борис Бендик-Веров.
Дызусҭадаз, абас апату ду зиқәыз абри ауаҩ, иахьанӡагьы ихьӡ ҳаракны, иҿырԥшыганы изрымои ижәларгьы, иӡбахә заҳахьоу зегьы?
Хо Ши Мин, зыжәлар рмилаҭтә қәԥара еиҿызкааз, ахьыԥшымра рзаагараз Виетнамтәи Адемократиатә Ҳәынҭқарра шьақәзыргылаз, Азиа иқәынхо ажәларқәа зегьы ареволиуционер Мао Цзедун инаиваргыланы зыхьӡ рҳәо, уаҩ дуны дыҟан. Уи еснагь дазгәышьуан ижәлар зҭагылаз арыцҳара ралгара, дашьҭан итәыла ԥхьаҟа изгаша амҩа аԥшаара.
Хо Ши Мин ихьӡ, мҩашьарада, иахьагьы ишыҳараку, иԥшьоу аӡә иеиԥш дшырыԥхьаӡо рбартә иҟоуп Виетнам иаҭаауа аԥсшьаҩцәа. Уи ана-ара, иԥшьоу аҭыԥқәа рҿы уахьынаиааиуа Будда ибаҟақәа шықәгылоу еиԥш, иуԥылоит иаргьы ибиустқәа, имҩаԥыргоит аныҟәарақәа ихьӡ иадҳәалоу аҭоурыхтә ҭыԥқәа рахь, иаҭаауа ирбартә иара дахьынхоз еиқәырханы иҟоу аҩны, иара убас, аус ахьиуаз ауада.
Уи амилаҭтә фырхаҵа, зыжәлар бзиа избоз аԥхьагыла, ижәытәӡаз, аха ақәӡаара амҩа иангылаз зҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз Хо Ши Мин ҳанизхәыцуа, ҳара аԥсуаагьы еилаҳкаауеит насыԥ ду шҳамаз уи иҩыза аԥхьагыла – Владислав Григори-иԥа Арӡынба, ҳаргьы дахьҳамаз, ҳазниҵаз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рымҩа ахьчарагьы ҳара ҳзы иуалԥшьа дуны ишаанхо.

Лана Коф-оглы,
ААУ афилологиатә факультет
ажурналистика аҟәша
аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me